АЖӘАБЖЬҚӘА

06.Хәажәкыр.2024

Маҷара ақыҭан ахархәаразы ирырҭеит арепатриантцәа рҭаацәа рзы 24-уада змоу аҩнеихагыла.

Аҟәа. Хәажәкырамза 6, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Гәылрыԥшь араион аҿы, Бедиатәи  аиашахаҵаратә уахәама, иара убас ареспублика аҿы ашколнӡатәи аусбарҭақәа рҿы аиҭашьақәыргылара-ргыларатә усурақәа рымҩаԥысшьа азҵаарақәа ирыдҳәалан атәыла аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаби шьаҭанкылатәи аргылара Аусбарҭа, Ареспубликатә Унитартә Наплакы «Аԥсныргылара», аҭоурых-культуратә ҭынха ахьчаразы аҳәынҭқарратә Усбарҭа, аунитартә наплакы «Аҟәаргылара»  анапхгареи  реиԥылара.

«Аԥсныргылара» адиректор Хада Руслан Тәанба иҟаиҵаз адыррақәа рыла, иахьа Маҷара ақыҭан ахархәаразы ирырҭеит арепатриантцәа рҭаацәа рзы 24-уада змоу аиланхарҭатә ҩнеихагыла.

«Аҟәаргылара» анапхгаҩы Рауф Ҳаразиа даҽа аиԥш-зеиԥшу аҩнқәа ҩба рҿы аиҭашьақәыргыларатә усурақәа шцо азы адырра ҟаиҵеит.  Аҩнқәа руак хымз рыла ахархәарахь ирырҭараны иҟоуп, аҩбатәи – ҳазҭоу ашықәс анҵәамҭазы. Алеқсандр Анқәаб Рауф Ҳаразиеи «Аҟәаргылара» аусзуҩцәеи иҭабуп ҳәа реиҳәеит инарыгӡаз аусура азы.  

Шьаҭанкылатәи аргылара азы Аусбарҭеи аҭоурых-культуратә ҭынха ахьчаразы аҳәынҭқарратә Усбарҭеи рнапхгаҩцәа Ҭемыр Агрбеи Гарри Сангәлиеи аԥыза-министр Бедиатәи аныхабаа аҿы аусурақәа рымҩаԥысшьа азы адырра ирҭеит.  Уажәы Бедиатәи аныхабаа аҿы ахыб рыԥсахит, аҿаҵа анагӡаҩыс иҟоу аилазаареи аҭыԥантәи аусурақәа рынагӡаҩцәеи рыбжьара аныхабаа аҿы 62 аиндивидуалтә ԥенџьыртә блокқәа рыҟаҵареи рышьақәыргылареи рзы аиҿцәажәарақәа мҩаԥысуеит.

Алеқсандр Анқәаб даҽазныкгьы инаҵшьны иазгәеиҭеит имҩаԥысуа аусурақәа зегьы аҭоурыхтә-культуратә ҭынха ахьчара азы аспециалистцәа рақәыршаҳаҭрала рымҩаԥгара шхымԥадатәиу.  

Аиқәыршәагақәеи инагӡаны иҟаҵоу амаҭәарқәеи раагара назыгӡо  Урыстәылатәи аилазаара ахаҭарнак Максим Епифановски атәыла Анапхгара ахада Гагра араион Лӡаа ақыҭан  Арратә Ахьӡ-Аԥша апарк аҿы уаанӡа ишьақәыргылаз ахәыҷтәы плошьадкақәеи апарктә инфратуктуреи реиқәыршәагақәа рыԥсахра шымҩаԥгаз азы адырра ииҭеит.

Аԥыза-министр шьаҭынкылатәи аргыларазы Аусбарҭа анапхгаҩы ахәыҷтәы плошьадкақәа ртехникатә ҭагылазаашьеи урҭ аԥсахра рҭаху-ирҭахыму аилкаара азы ринвентаризациа амҩаԥгара  инапы ианиҵеит. Убри аан ишьақәыргылахо  имаҷу архитектуратә шьақәгылагақәа рхаҭабзиара ҷыдала ахшыҩзышьҭра аҭан.


Read 159 times - Аԥшьаша, 07 Хәажәкыр 2024 10:43
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.