АЖӘАБЖЬҚӘА

01.Хәажәкыр.2024

Лыԥсҭазаара далҵит Аџьынџьтәылатәи еибашьра Дуӡӡа аветеран Мариа Глускер .

Аҟәа. Хәажәкырамза 1, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аџьынџьтәылатәи еибашьра Дуӡӡа аветеран Мариа Захар-иԥҳа лыԥсҭазаара далҵит жәабранмза  29 рзы, ҳәа адырра ҟарҵеит уи лыуацәа. Аветеран илхыҵуан  101 шықәса.

Алахьеиқәҵаратә усмҩаԥгатә мҩаԥгахоит хәажәкырамза 3, асааҭ 12:00 рзы абри аҭыӡҭыԥ ала: ақ. Аҟәа, Инал-иԥа имҩа, аҩны №116.

*** Мариа Захар-иԥҳа Глускер 19 шықәса анылхыҵуаз амедиаҳәшьцәа рышкол далгеит, уи ашьҭахь афронт ахь ааԥхьара лоуит.

 

«Полтавеи Харькови рааигәара ҳара ҳар аӷа ирхәҭақәа амацәаз иҭаркит.  Ара  уаӷеимшхара, даара ихьанҭаз аҭагылазаашьа ҟалеит. Аха сара сахьқәыԥшыз аку сыздырам, акагьы сацәшәомызт.  Нас хәыҷы-хәыҷла иааулак амаԥәаз аҭыҵра ҳҽазаҳшәо ҳалагеит. Уи даара ихьанҭан, акыргьы аамҭа ҳадхалеит. Сара исыцын х-ҩык аибашьцәа. Жәоухә мшы усгьы алҵра ҳаҿын.  Нас сара аҩныҟа схынҳәит, аус зуан агәыԥмаӡа аҿы. Ҳгәыԥ атәы анеилыркаа, уи иалаз ауаа кны рҭакра, рышьра иалагеит ҳаӷацәа. Убас саҳәшьеи сҩызаӡӷаби иреихсны иршьит. Сара апартизанцәа ротриад салалар акәхеит», - ҳәа илгәалалыршәон аветеран.

Мариа Захар-иԥҳа  Глускер «Арратә лшамҭақәа рзы»  амедал, Аџьынџьтәылатәи еибашьра Дуӡӡеи Аиаҵәа Ҟаԥшьи  II аҩаӡара аорденқәа ланашьоуп.


Read 46 times - Аԥшьаша, 07 Хәажәкыр 2024 14:24
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.