Аҟәа. Хәажәкырамза 1, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. «Ирацәамзар ҟалап атәылақәа аҳазалхратә ҳәаақәа рыманы аҳазалхратә процедурақәа рынагӡареи аҳазалхратә тарифқәеи рхархәаралеи абиуџьет ахь иамоу алагамҭақәа рыҩаӡара 64% рҟынӡа инаӡо. Аҳәынҭқарратә ҳазалхратә Еилакы аколлегиа 2023 шықәсазы инагӡаз аусура аихшьаалақәа рзы аилатәараҿы дықәгыло абри атәы иҳәеит атәыла аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, афинансқәа рминистр Владимир Делба.
Иахьа аҳәынҭқарратә ҳазалхратә Еилакы Аԥсны абиуџьет ахатәы хашәалахәқәа рыхәҭа шьақәнаргылоит. Уи 64% рҟынӡа инаӡоит.
«Ари иҳараку ҩаӡароуп ҳәа уҳәаратәы иҟоуп. Уи иабзоураны аҳәынҭқарра иаду ахыдҵа хадақәа рынагӡара алыршахоит», – ҳәа иҳәеит Владимир Делба.
Аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы, афинансқәа рминистр игәаанагарала, аҳазалхратә лагалақәа реизҳара зыдҳәалахаз еиҳа еиӷьу анапхгара-ҭареи ахылаԥшра аҭагылазаашьақәа реиӷьтәреи аҳазалхратә тарифқәа рыԥсахреи ауп.
«Ҳара лассы-лассы иҳаҳауеит, аҳазалхатә шәатәқәеи аҳәынҭқарратә биуџьет ахашәалахәытә хәҭа шьақәзыргыло егьырҭ ашәатәқәеи реизҳара иҟоу аинфлиациа аҩаӡара ашьҭыҵра иадҳәалоуп ҳәа. Аха уи иахьа аҳәынҭқарратә ҳазалхратә Еилакы иҳаднагало арбагақәа акала иузаҿырԥшуа иҟаӡам. Убри азы ауп шықәсык иалагӡаны, аинфлиациа атемпқәа ҳасаб азуны, абиуџьет ахь аиҭакрақәа залагалахо, аҳәынҭқарратә ҳазалхратә Еилакы иадҵахо ахыдҵақәагьы зацҵахо», – ҳәа иҳәеит Владимир Делба.
Владимир Делба иара убас аҳазалхратә хылаԥшра апроцесс иаҵоу аҵакы ахадара азгәеиҭеит.
«Ари даара хадара злоу аспект ауп, уи хымԥада ахшыҩзышьҭра аҭара аҭахуп, аиҳарак иааиуа ашықәс инаркны иҿыцу Аҳазалхратә Закәанеидкыла шалагалахо ҳасаб азуны уахаԥшуазар. Аҳазалхратә процедурақәа реиҳарк, анс уҳәа, арс уҳәа, хымԥада автоматизациа азухоит. Уи ада адәныҟаекономикатә усура алахәылацәа рзы иманшәалоу аҭагылазаашьақәа раԥҵара акыр иуадаҩхоит», – ҳәа иазгәеиҭеит Владимир Делба.