АЖӘАБЖЬҚӘА

02.Хәажәкыр.2024

Шәача афедералтә ҵакырадгьыл «Сириус» аҿы аусура иалагеит Адунеизегьтәи аҿар рфестиваль.

Аҟәа. Хәажәкырамза 2, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Шәача афедералтә ҵакырадгьыл «Сириус» аҿы аусура иалагеит Адунеизегьтәи аҿар рфестиваль.  Аныҳәатә церемониа хациркит Урыстәылатәи Афедерациа Ахада Владимир Путин. Иара иҟаиҵаз авидеоааԥхьара аҿы афестиваль иаҭааз асасцәа зегьы дрыдныҳәало, ажәларқәа рыиашьара есымшагьы Урыстәыла аҳәынҭқарратә шьақәгылара ихадоу ашьаҭаны ишыҟаз азгәеиҭеит.

Адунеизегьтәи аҿар Рфестиваль аартра ацеремониа даҭааит Аԥсны аҿари аспорти русқәа рзы аҳәынҭқарратә Еилакы ахантәаҩы Ҭарашь Ҳагба. 

«Адунеи аҽаԥсахуеит, убри аҟнытә сҽысыԥсахуеит саргьы» – ас еиԥш ицәажәо ахьӡ аиуит Адунеизегьтәи аҿар Рфестиваль злаатыз амузыкатә шоу.  Афестиваль аартраҿы ихадоу хҭысны иҟалеит ацәынырра лаша зыбжьаз Аделинеи Андреи  рыбзиабара аҭоурых иазку атеатралтә қәгылара. Дара ирызҳауеит, аҵара рҵоит, рҭаацәа ирылҵны  рхатә ԥсҭазааратә мҩа ианылоит.  Араҟа дара ирзыԥшуп зегьы иаадыруа ауадаҩрақәа. Афырхацәа хадақәа рымҩа – анасыԥ ахь ихоу амҩаҿы иуԥыло имариам аԥынгыларақәа риааира азы ииашоу аӡбамҭақәа рыдкылара.  Иҷыдоу ароль изалхуп ахԥатәи афырхаца – Иԥсабаратәым Аинтеллект. Аепизодқәа зегьы рыцыԥхьаӡа иалагалахеит афестиваль ахықәкқәеи ахшыҩҵакқәеи: адунеи ԥхьаҟатәи аԥеиԥш азы аҭакԥхықәра, милаҭрацәалатәи акзаара, доусы изы еиҟароу алшарақәа раԥҵара, адоуҳа-леишәатә хәдуқәа.

 Еиуеиԥшым атәылақәа рҟынтәи артистцәа злахәыз акәашаратә, амузыкатә, ахортә епизодқәа рыла ишьақәгылаз ашоу сааҭк еиҳаны имҩаԥысуан.  

Адунеизегьтәи аҿар Рфестиваль мҩаԥысуеит хәажәкырамза 1 инаркны хәажәкырамза 7 аҟынӡа афедералтә ҵакыра «Сириус» аҿы.  

Афестиваль аиҿкаара ахахьы иагеит аиҿкаара «Росмолодежь». 

Афестиваль алахәылацәа рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп зеилазаараҿы шәҩык инареиҳаны аҿар ыҟоу Аԥсны аделегациагьы.

Афестиваль ахықәкы хаданы иҟоуп – адунеи зегьы уи иқәынхо ауаа рыла ишеибарку, дарбанызаалак ауаҩы адунеи ԥхьаҟатәи аԥеиԥш азы аҭакԥхықәра шиду аилыркаара.

Адунеизегьтәи аҿар Рфестиваль азинеиҟарара ала ишьаҭарку адунеи ԥхьаҟатәи аԥеиш ашьақәыргылара азы  еиуеиԥшым атәылақәа рҟынтәи аҿар рыбжьара аимадара абжьаҵареи арӷәӷәареи рзы хра злоу плошьадканы иҟалоит. 

Аусмҩаԥгатә аиҿкааҩцәа ҳдунеи уаҵәтәи амш зыдҳәалоу иахьатәи аҿар шраку, насгьы адунеи ԥхьаҟатәи аԥеиш лаша ашьақәыргылара аидгылареи командак ала аусеицуралеи рыла мацара ишалыршахо азы агәра ганы иҟоуп.


Read 58 times - Аԥшьаша, 07 Хәажәкыр 2024 14:31
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.