Иарбоу аҭаҭын аалыҵ аконфискациа азун. Аус аматериалқәа зегьы Аԥсны Аҳәынҭқарратә-ҳазалхратә Еилакы аусҭҵаареи аҳазалхратә усеилыргарақәеи рыҟәша ахь инашьҭуп.
07.Хәажәкыр.2024
7 960 аконтрабандатә сигареҭ ааныркылеит аҳазалхратә Ҭыԥ «Ԥсоу» аҿы.
Аҟәа. Хәажәкырамза 7, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аҳазалхратә Ҭыԥ «Ԥсоу» аусзуҩцәа Аԥснынтәи Урыстәылаҟа ицоз автомашьына Renault Logan агәаҭараан ирыԥшааит 7 960 цыра ашәҟәы иҭагаламыз аҭаҭын аалыҵ Soprano. Амашьына аԥсҟы икын Аԥсны атәылауаҩ Кешешиан А. А. Аҭаҭын аалыҵ ахәҭак амашьына акапот аҵаҟа иҵәахын, егьи ахәҭак – амашьына арныҟәцаҩи аԥхьатәи апассаџьыртә ҭыԥи рыҵаҟа иҭаҵәахын.