АЖӘАБЖЬҚӘА

06.Хәажәкыр.2024

Хьыбла Гьерзмааԥҳа иаԥылҵаз авокалистцәеи аконцертмеистерцәеи Жәларбжьаратәи реицлабрахь азыҳәақәа рыдкылара иалагеит.

Аҟәа. Хәажәкырамза 6, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Хәажәкырамза 1 азы Хьыбла Гьерзмааԥҳа иаԥылҵаз авокалистцәеи аконцертмеистерцәеи  Жәларбжьаратәи реицлабрахь азыҳәақәа рыдкылара иалагеит. Уи Актәи атур мҩаԥгахоит Москва ақалақь аҿы 2025 шықәса, ажьырныҳәамза  12-25 рзы.

Аклассикатә музыка аганахьала адунеи иреиҳау аконкурсқәа иреиуоу алахәхаразы азыҳәақәа раашьҭа ҟалоит нанҳәамза 1, 2024 аҟынӡа. Уи рхы аладырхәыр рылшоит 21-36 шықәса зхыҵуа авокалистцәеи 20-35 шықәса зхыҵуа аконцертмеистерцәеи.

Адунеи зегьы аҿы еицырдыруа аопертә шәаҳәаҩы иаԥшьылгаз Жәларбжьаратәи авокалистцәеи аконцертмеистрцәеи рконкурс абаҩхатәра злоу анагӡаҩ ҿарацәа адгылара рыҭара иазкуп.

Апроект акультуратә инициативақәа рзы Урыстәылатәи Афедерациа Ахада Ифонд адгыларала инанагӡоит Хьыбла Герзмаа Рфонд.  Аконкурс апартниор хаданы иқәгылоит К. С. Станиславскии Вл. И. Немирович-Данченкои рыхьӡ зху Москватәи академиатә Музыкатә театр. Алԥшааратә тур аихшьаалақәа (40-ҩык авокалистцәеи 20-ҩык  аконцертмеистерцәеи иреиҵамкәа) рзы адырра ҟаҵахоит жьҭаарамза 15, 2024 шықәса рзы.   Уаанӡа еиԥш уажәгьы атур иалахәхо рзы аҳҭнықалақь аҟынӡа анаӡареи уаҟа аанкылареи рзы ахарџь ахахьы иагоит аиҿкааратә комитет. Апретендентцәа ахәшьара рырҭоит аексперттә жиури. Уи аилазаараҿы иҟалоит еицырдыруа арежиссиорцәа, аоператә шәаҳәаҩцәа, атоп-менеџьерцәа, авокал арҵаҩцәа. Ажиури напхгара алҭоит Хьыбла Герзмааԥҳа.

Сынтәатәи аԥхьахәтә фонд иартәоит 13,2 миллион мааҭ, 2,5 миллион мааҭ ианашьахоит гран-при иаԥсахаз. Авокалистцәа рыбжьара актәи апремиа иаԥсахаз иоуеит 1,5 млн. мааҭ, аҩбатәи  – 1,2 млн. мааҭ, ахԥатәи  – 1 млн. мааҭ.  

Раԥхьаӡа акәны Хьыбла Герзмааԥҳа иаԥшьылгаз Жәларбжьаратәи авокалистцәеи аконцертмеистрцәеи рконкурс  мҩаԥган  ажьырныҳәамза 11 -22, 2023 шықәса рзы. Усҟан аконкурс рхы аладырхәит Урыстәыла, Белоруссиа, Азербаиџьан, Ермантәыла, Бразилиа, Ҟазахсҭан, Китаи, Монголиа, Франциа, Алада Африкатәи Ареспублика рҟынтәи 35-ҩык аопертә вокалистцәеи  16-ҩык аконцертмеистрцәеи. Зынӡа аконкурс алахәхаразы адунеи 38 тәыла аҟынтәи  анагӡаҩ ҿарацәа рҟынтәи иаарышьҭит 800 рҟынӡа азыҳәамҭақәа.

Хьыбла Гьерзмааԥҳа – Урыстәылеи Аԥсни Жәлар рартистка, Урыстәылатәи Афедерациа Аҳәынҭқарратә премиа занашьоу, Станиславскии Немировичи-Данченкои рыхьӡ зху Москватәи академиатә музыкатә театр асолистка Хьыбла Гьерзмааԥҳа аурыси адунеитәи оператә ҟазара арҿиараҿы реиҳа иналукааша аоператә шәаҳәаҩы.

Хьыбла Герзмаа — аоператә сцена апримадонна ҳәа дазхаҵоуп. Ахаризма злоу, акы иаламҩашьо абжьы хаа змоу Хьыбла Герзмаа аклассикатә ариақәа рҿы еиԥш аџьазтә имправизациақәа рыҿгьы еиԥшны ибзиаӡаны дықәгылоит. Уи лзыӡырҩцәа акы иаламҩашьо лыбжьы атембри зыҩаӡара ҳараку лынагӡара атехникеи актиортә ҟазареи рыла илтәылтәуеит.  Аоператә нцәахәы Хьыбла Герзмааԥҳа  — аурыси адунеитәи оператә ҟазара арҿиараҿы реиҳа иналукааша аоператә шәаҳәаҩы, уи афиша аҿы лыхьӡ — иарбан тәылазаалакгьы аҿы аншлаг шыҟало арҵабыргуеит. Амузыка гәыла-ԥсыла иазыҟоу Хьыбла Герзмааԥҳа – иахьа адунеи аоператә сценақәа рыҟны азҿлымҳара ду змоу шәаҳәаҩуп. Лара дықәгылоит иреиӷьӡоу аконцерттә сцена дуқәа - Ла Скала, Ковент-Гарден, Метрополитен-опера, Бавариатәии Римтәии атеатрқәа рыҟны, Венатәи аопера аҟны. Ашәаҳәаҩ адунеи акыр џьара аконцерттә программақәа лыманы агастрольқәа мҩаԥылгоит. Аха уи анаҩс Хьыбла Герзмааԥҳа иара убас Москватәи аконсерваториа аҿы асолотә шәаҳәара акафедра адоцентс дыҟоуп, лара амузыкатә фестиваль «Хьыбла Герзмааԥҳа шәаалыԥхьоит…» аԥҵаҩыси анаԥхгаҩыси дыҟоуп, иара убас Жәларбжьаратәи авокалистцәеи аконцертмеистрцәеи рконкурс ашьаҭаркҩыс дыҟоуп. 

 

 

 

 

 

 

 


Read 68 times - Аԥшьаша, 07 Хәажәкыр 2024 11:45
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.