
pressadmin-2
Аслан Бжьаниа ҩ-сааҭк инареиҳаны ажурналистцәа дрыҿцәажәон.
Аҟәа.. Жьҭаарамза 19, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Ҩ-сааҭк инареиҳаны имҩаԥысуан аԥшьаша, жьҭаарамза 19 рзы еиҿкааз Аслан Бжьаниа ипресс-конференциа.
Аҳәынҭқарра Ахада, аобиективтә ҭагылазаашьақәа ирыдҳәаланы, акыр игәылҭәаау аусуратә график иахҟьаны, уажәаԥхьа ажурналистцәа рԥылара залмыршахеит ҳәа иазгәеиҭеит.
Уи амассатә информациа ахархәагақәа рхаҭарнакцәа ажәа риҭеит аринахыс иареи дареи реиԥыларақәа еиҳа лассы-лассы ишымҩаԥгахало.
Аԥсны иаатит зымаха-зышьаха еибгам аинвалидцәа рыбжьара ашьапылампыл-маҷ азы XI Жәларбжьаратәи атурнир.
Аҟәа. Жьҭарамза 19, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аҟәа ақалақь аҿы, жьҭаарамза 19 рзы зымаха-зышьаха еибгам аинвалидцәа рыбжьара ашьапылампыл-маҷ азы XI Жәларбжьаратәи атурнир аартра ацеремониа мҩаԥысит. Уи рхы аладырхәраны иҟоуп зынӡа хә-командак: Аԥсны, Чечентәыла, Барнаул, Кемерово, Владикавказ рҟынтәи командак-командак. Аусмҩаԥгатә аиҿкаара ахахьы иагеит Аԥсны аҿари аспорти русқәа рзы аҳәынҭқарратә Еилакы. Актәи ахәмарра уаҵәы, жьҭаарамза 20 рзы имҩаԥгахоит.
Атурнир аартра ашьапылампыласыҩцәа ирыдиныҳәалеит Аԥсны Аолимпиатә комитет ахантәаҩы Валери Аршба.
«Сара бзиала шәаабеит ҳәа шәасҳәоит зегьы амра тәыла Аԥсны. Ҳара абар шьҭа жәеизантәиуп ас еиԥш идуу, даара хра злоу ашьапылампыл азы атурнир мҩаԥаҳгоижьҭеи. Идуӡӡаны иҭабуп уи шәхы ахьалашәырхәуа. Зегьы агәабзиареи анасыԥи шәзеиӷьасшьоит», ҳәа иҳәеит иара.
Аԥсни Никарагууеи рхаҭарнакцәа онлаин режим ала аҩ-ҳәынҭқаррак рыспорт аҿиара иадҳәалоу азҵаарақәа ирылацәажәеит.
Аҟәа. Жьҭаарамза 19, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсни Никарагууеи рхаҭарнакцәа онлаин режим ала реиԥылара мҩаԥысит жьҭаарамза 18 рзы Аԥсны аҿари аспорти русқәа рзы аҳәынҭқарратә Еилакы аҿы. Аԥсны аганахьала аиԥылара рхы аладырхәит ашахматқәеи анапылампыли рфедерациақәа рыпрезидентцәа Контантин Ҭыжәбеи Аслан Ҭырқьбеи; Никарагуа аганахьала – Никарагуатәи аспорт Аинститут ахаҭарнакцәа Фредди Араика, Алексис Аргуелио ихьӡ зху Аспорттә Еиҿкаара ахаҭарнакцәа Даниель Секеиреи Паола Гутиерресии, аспорт ахкқәа рзы афедерациақәа рхаҭарнакцәа.
Даӷьсҭантәи аилазаара арԥхарҭақәа актәи апартиа Аԥсныҟа аагара еиҿнакааит.
Аҟәа. Жьҭаарамза 19, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Даӷьсҭантәи Зҭакԥхықәра Ҳәаақәҵоу Аилазаара «Нива гринхаузис» Аԥсныҟа иаанагеит арԥхарҭақәа актәи апартиа, ҳәа аилазаара анапхгаҩы хада Умар Мусаев иажәақәа рахь азхьарԥш ҟаҵо адырра ҟанаҵоит Аинформациатә Агентра «РБК Кавказ».
Уи иажәақәа рыла, актәи аԥышәатә партиа аконтрактә ахәԥса 1 млн. мааҭ иреиҳауп.
Атәылахьчара аминистр Жәлар Реизара-Апарламент адепутатцәа – Жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьра аветеранцәа аиубилеитә медалқәа ранеишьеит.
Аҟәа. Жьҭаарамза 18, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны атәылхьчара аминистр Владимир Ануа Жәлар Реизара-Апарламент VII ааԥхаьара адепутатцәа – 1992 – 1993 шш. Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьра аветеранцәа «1992 – 1993 шш. Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьра аҿы Аиааира агара Амш 30-шықәса ахыҵра» азы амедал ранеишьеит.
Дмитри Вольвач: «Аинвестициақәа ралагалара, зхы иақәиҭу ахәаахәҭреи аинвесторцәа рзинқәа рыхьчареи – Урыстәылеи Аԥсни рекономика иҭышәынтәалоу аҿиареи аизҳареи иузаҟәымҭхо иадҳәалоуп.
Аҟәа. Жьҭаарамза 18, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсни Урыстәылеи рзакәанԥҵара аишьашәалара апрограмма аҳәаақәа ирҭагӡаны ирыдыркыло анорма-зинтә шәҟәынҵақәеи имҩаԥырго аусмҩаԥгатәқәа зегьи аҩ-ҳәынҭқаррак рыбжьара аекономикатә, агуманитартә, аинфраструктуратә усеицура аҿиара иацхраауеит. Абасала аҩ-ҳәынҭқаррак рзакәанԥҵарақәа реишьашәалара ашьаҭала Урыстәылеи Аԥсни ирзеиԥшу асоциал-економикатә ҵакыра ашьақәыргылара апрограмма анагӡара иазкны аҩаша, жьҭаарамза 17 рзы, Урыстәылатәи Афедерациа аекономикатә ҿиара Аминистрра аҿы имҩаԥысыз аусуратә гәыԥ аилатәараҿы игәаанагара иҳәеит Урыстәыла аекономикатә ҿиара аминистр ихаҭыԥуаҩ Дмитри Вольвач
Аусуратә гәыԥ ацхантәаҩцәаны иҟоуп Урыстәыла аекономикатә ҿиара аминистр ихаҭыԥуаҩ Дмитри Вольвачи Аԥсны аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аекономика аминистр Кристина Озган.
Жәларбжьаратәи афорум «Гамзатови Аԥсни: амилаҭи азеиԥшуаҩытәсареи рыбжьара» ААУ аҿы иаатит.
Аҟәа. Жьҭаарамза 18, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Жәларбжьаратәи афорум «Гамзатови Аԥсни: амилаҭи азеиԥшуаҩытәсареи рыбжьара» Аԥснытәи аҳәынҭқарратә Университет аҿы иаатит.
Афорум Расул Гамзатов диижьҭеи 100 шықәса аҵра иазкуп.
Афорум алахәаразы Аԥсныҟа иааит амилаҭтә политикеи адинхаҵара азҵаарақәеи рзы аминистр актәи ихаҭыԥуаҩ Арсен Махмудов напхгара зиҭо Даӷьсҭантәи аделегациа.
«Расул Гамзатов изныкымкәа Аԥсны даҭаахьан, ҳара ҳашәҟәыҩҩцәа Даӷьсҭан. Аиашьаратә республикақәеи ҳареи еснагьгьы аимабзиаратә еизыҟазаашьақәа ҳабжьан, урҭ иахьагьы аҿиара иаҿуп. Ҳара ҳуниверситети Кавказ аиашьаратә республикақәа руниверситетқәеи хра злоу аимадарақәа рыбжьоуп. Агәра ганы сыҟоуп ҳара ҳарҵаҩ ҿарацәеи ҳастудентцәеи аинтерес зҵоу адыррақәа маҷымкәа шраҳауа, ари ауаҩ ду изку атемақәа жәпакы ишазҿлымҳахо», - ҳәа иҳәеит Аԥснытәи аҳәынҭқарратә Университет аректор Алеко Гәарамиа.
Жәларбжьаратәи арт-пленер «Аԥснытәи ҭагалан аԥшшәқәа» ААУ аантәны имҩаԥнагоит.
Аҟәа. Жьҭаарамза 18, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. VIII Жәларбжьаратәи арт-рленер «Аԥснытәи ҭагалан аԥшшәқәа» мҩаԥысуеит Аԥсны, жьҭаарамза 21 инаркны 26 аҟынӡа, ҳәа адырра ҟанаҵоит ААУ аинформациеи амедиакоммуникациақәеи рыҟәша.
Раԥхьаӡа акәны апроект шьақәырӷәӷәан 2013 шықәсазы Аԥснытәи аҳәынҭқарратә Университет абазала. Уи аԥшьгара ҟарҵеит ААУ, Аԥсны акультура Аминистрра, Амилаҭтә сахьатә галереиа. Убри аан уи адгылара аиҭеит Аԥсны Аҳәынҭақарра Ахада.
Сынтәа Аԥснытәи аҳәынҭқарратә Университет арт-пленер Аҟәа ақалақь аҿы иҟоу Москва Аҩны адгыларала еиҿнакаауеит.
Даӷьсҭантәи аделегациа Расул Гамзатов 100 шықәса ихыҵра иазку жәларбжьаратәи афорум «Гамзатови Аԥсни: амилаҭи азеиԥшуаҩытәсареи рыбжьара» иалахәхарц азы Аҟәаҟа иааит .
Аҟәа. Жьҭаарамза 18, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсныҟа иааит амилаҭтә политикеи адинхаҵара азҵаарақәеи рзы аминистр актәи ихаҭыԥуаҩ Арсен Махмудов напхгара зиҭо Даӷьсҭантәи аделегациа.
Аделегациа иаԥылеит Аԥсны акультура аминистр Даур Ақаҩбеи И. Папасқьыр ихьӡ зху Амилаҭтә библиотека адиректор Борис Ҷолариа.
Ԥхынҷкәынмза 17 рзы даӷьсҭантәи аделегациа иалахәу Аҟәа ақалақь аҿы игылоу ашәҟәыҩҩцәа Баграҭ Шьынқәбеи Дырмит Гәлиеи рбаҟақәа амҵан ашәҭ шьыҵәрақәа шьҭарҵеит, иара убас Д.Гәлиа иҩны-амузеи иаҭааит. Дара рзы еиҿкаахеит Аԥсны аҳҭнықалақь аҿы аныҟәара.
Ахаша, жьҭаарамза 18 рзы, Даӷьҭан ахаҭарнакцәа Аԥсны аҳәынҭқарратә Университет аҿы имҩаԥысраны иҟоу жәларбжьаратәи афорум «Гамзатови Аԥсни: амилаҭи азеиԥшуаҩытәсареи рыбжьара» рхы аладырхәуеит.
Атәылахьчареи Аԥсны ашәарҭадара ашьақәыргылареи рызҵаарақәа ирылацәажәеит апарламенттә Еилакы аҿы.
Аҟәа. Жьҭаарамза 18, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Атәыла ахьчареи ашәарҭадареи ирызку актуалра злоу азҵаарақәа ирызкхеит ахаша, жьҭаарамза 18 рзы имҩаԥысыз апрофильтә парламенттә Еилакы инарҭбаау аусуратә еилатәара.
Аилак ахантәаҩы Ҭемыр Шергелиа имҩаԥигоз аилатәара рхы аладырхәит Жәлар Реизара- Апарламент Аиҳабы Лаша Ашәба, адепутатцәа, атәылахьчара аминистр Владимир Ануа, амилаҭтә шәарҭадареи атәылахьчареи рзы аминистр ихаҭыԥуаҩ Рауль Лолуа.
Жәлар Реизара-Апарламент апресс-маҵзура иҟанаҵо адыррақәа рыла, аилатәара аҿы Кавкази, иааизакны адунеи аҿы ишьақәгыло аҭагылазаашьа инамаданы, аҳәынҭқарра ашәарҭадареи атәылахьчареи рганахьала изаамҭанытәиу аусура анализ мҩаԥган..
Аилатәара иалахәыз аринахысгьы аҳәынҭқарра атәылахьчаралшара аиқәыршәара азҵаарақәа рыла аусеицура ишазхиоу азгәарҭеит.