АҾЦӘАЖӘАРА

pressadmin-2

pressadmin-2

Аҟәа. Абҵарамза 24, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Абҵарамза 24 рзы Аишьцәа Занҭариаа рымҩала иҟалаз адгьылҳәазара иахҟьаны Аҟәа ақалақь аӡрыжәтә ала еиқәзыршәо аӡытә мкьаҭ  хыбгалеит. «Аӡытә мқьаҭи ақалақьтәи аӡымҩангагақәеи еидызкыло ахыбра аҿы адгьыл ҳәазеит, уи иахҟьаны аҭыӡқәа руак бгеит», — ҳәа адырра ҟаиҵеит аҳҭнықалақьтә нхамҩа Аусбарҭа аиҳабы Руслан Аҩӡба.

Аҟәа. Абҵарамза 24, 2025 шықәса. Аԥсныпресс.  Иаарту Ареспубликатә шахматтә турнир «Гәылрыԥшь Опен - 2025» мҩаԥысит абҵарамза 23 рзы Маҷара ақыҭа акультура Аҩны аҿы.  

Аиааирақәа ргеит:

Аҟәа.  Абҵарамза 24, 2025 шықәса. Апсныпресс. Аҳәынҭқарратә ҳазалхратә Еилакы аҳазалхратә Ҭыԥ «Ԥсоу» аусзуҩцәеи Аԥсны аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра анаркотикқәа рекәыршара ахылаԥшра азы Аусбарҭа аусзуҩцәеи абҵарамза  18 рзы дааныркылеит  1991 шықәсазы ииз Аԥсны атәылауаҩ Аршба Асҭамыр Асҭамыр-иԥа.

Аҟәа. Абҵарамза 24, 2025 шықәса. Аԥсныпресс.  Аҳәынҭқарратә ҳазалхратә Еилакы аҳазалхратә Ҭыԥ «Ԥсоу» аусзуҩцәа  аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра анаркотикқәа реикәыршара аҿагаларазы аусбарҭа аусзуҩцәеи абҵарамза 18 рзы агәаҭара мҩаԥыргеит автомашьына Toyota Brevis (аҳәынҭқарратә шәҟәҭагаларатә номер Т030РР АВН). Уи аԥсҟы икын  1968 шықәсазы ииз Аԥсны атәылауаҩ Касланӡиа Адгәыр Сергеи-иԥа.  

Аҟәа.  Абҵарамза 24, 2025 шықәса. Аԥсныпресс.  Афиналтә конкурс-концерт «Жәлар рсцена – Лабҿаба» мҩаԥгахоит абҵарамза 30 рзы Аҟәа ақалақь аҿы, Аԥсуа адраматә театр аҿаԥхьа. Анеира хәыда-ԥсадоуп. Абри азы адырра ҟанаҵоит акультура Аминистрра апресс-маҵзуреи апроект аиҿкааратә комитети.

Аҟәа. Абҵарамза 24, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Москва ақалақь аҿы усуратә визитла иҟоу Ареспублика Аԥсны ахәыҷы изинқәа рыхьчаразы Азинмчы змоу, Акультура-гәыҳалалратә Фонд «Ашана» адиректор Мактина Џьынџьали   Жәларбжьаратәи агәәыҳалалратә уаажәларратә Еиҿкаара «Справедливая помощь Доктора Лизы» адиректор Ксениа Плоткинеи иаҭааит Красногорск иҟоу аҵарадырратә центр «Созвездие». Урҭ ирԥылеит ацентр анапхгаҩы Сергеи Сиурини ацентр аусзуҩцәеи.

Аҭаара хықкыс иҟалеит абар шьҭа 20 шықәса ирылагӡаны згәабзиара алшарақәа ԥку ахәыҷқәа рзы  аинновациатә арҿиаратәи аҵарадырратәи апрограммақәа қәҿиарала иназыгӡо ацентр аусура иуникалу шықәсырацәалатәи аԥышәа аилкаара.

Аҟәа. Абҵарамза 24, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Амҽыша, абҵарамза 23 рзы иԥсҭазаара далҵит Никита Симониан, ҳәа адырра ҟанаҵоит Урыстәылатәи ашьапылампылтә Еидгыла аофициалтә саит.

Асовет шьапылампыл алегенда 99-шықәса ихыҵуан.

Никита Павел-иԥа – 1956 шықәсазы Мельбурн имҩаԥысуаз Аолимпиада аҿы Асовет Еидгыла  еизгоу акоманда аилазаараҿы Аолимпиатә чемпион, Асовет Еидгыла ԥшьынтә ачемпион, ҩынтә Асовет Еидгыла Ахраҿа згахьаз, москаватәи «Спартак» аҭоурых аҿы иреиӷьу абомбардир ҳәа иалкааз (160 мпыл амҩа иҭаиршәит) иналукааша спортсменын. Азыҟаҵаҩ иаҳасабала хынтә Асовет Еидгыла ачемпионс дҟалахьан, ԥшьынтә атәыла Ахраҿа аҿы аиааира игахьан, Асовет Еидгыла еизгоу акоманда ахадараҿы дыҟан. 1992 шықәса инаркны Урыстәылатәи Ашьапылампылтә Еидгыла апрезидент ихаҭыԥуаҩыс дыҟан.  

Аҟәа. Абҵарамза 24, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыц Иауз Аҭрышба Ҭырқәтәыла иҟоу аԥсуа культуратә центрқәа Рфедерациа ахадас иҟалара идиныҳәалеит.

Аҟәа. Абҵарамза 24, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба Никита Павел-иԥа Симониан иԥсҭазаара иалҵра инамаданы иҭаацәа дрыдышшылеит   

Адышшыларатә цҳамҭаҟны иҳәоуп:

 «Никита Павел-иԥа иԥсҭазаара иалҵра гәалсра дула исыдыскылеит.

Аҟәа. Абҵарамза 22, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аҳәынҭқарратә кадастратә палата аусура категориақәак ирыҵанакуа аатәылауааи аиҿкаарақәеи азинҷыда рыҭара азԥхьагәанаҭоит, ҳәа Аԥсныпресс акорреспондент диҿцәажәо иҳеит Ҭемыр Сангәлиа.

Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.