АҾЦӘАЖӘАРА

pressadmin-2

pressadmin-2

Аҟәа. Абҵарамза 27, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсни Урыстәылеи рыҩныҵҟатәи аусқәа Рминистррақәа азинхьчаратә усура апрофильтә хырхарҭақәа рыла апрактикатәи аметодикатәи русеицура анализ аҟаҵара иазкын абҵарамза  27 рзы Аԥсны аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра аҿы имҩаԥысыз аусуратә еилатәара. Абри азы адырра ҟанаҵоит Аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра апресс-маҵзура.

Аҟәа. Абҵарамза 27, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аҿари аспорти русқәа рзы Аҳәынҭқарратә Еилакы ахантәаҩы инапынҵақәа назыгӡо Ҭарашь Ҳагба алегендартә шьапылампыласҩы, азыҟаҵаҩ, аолимпиатә чемпион Николаи Павел-иԥа Симониаи аҵыхәтәантәи имҩахь инаскьагара иазкыз ацеремониа ихы алаирхәит. Аби азы адырра ҟанаҵоит Аԥсны аминистрцәа Реилазаара асаит.  

Аҟәа. Абҵарамза 27, 2025 шықәса. Аԥсныпресс /Милана Жьиба, «Республика Абхазия»/. «Ауаҩы идоуҳатә-цәаҩашәаратә ааӡара асистема аҿы ахәшьаратә приоритетқәа» атема ала астол гьежь мҩаԥысит Д.Гәлиа ихьӡ зху Аԥснытәи агуманитартә ҭҵаарақәа Ринститут (ААР АБИГИ) аҿы. Аусмҩаԥгатә еиҿкаауп Аԥсны иҟоу Урыстәыла аус ацура азы Ахаҭарнакреи Аԥсуаҭҵааратә Институти.

Аҟәа. Абҵарамза 27, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Томас Кәакәасқьыр ихьӡ зху Гагратәи акультура Аҩны аҿы Аԥсны жәлар рартист, «Ахьӡ-Аԥша» III аҩаӡара аорден занашьаз, акомпозитор Баграт Аҳмаҭ-иԥа Багаҭелиа (1930–2015шш.) игәалашәара иазкны аконцерт мҩаԥысит. Жьҭаарамза 25, 2025 шықәсазы иара иԥсы ҭазҭгьы 95 шықәса ихыҵуан.

Аконцерт аҿы Баграт Багаҭелиа иаԥҵамҭақәа нарыгӡеит ансамбль «Кьиараз», иара убас амузыкатә школқәа рҵаҩцәеи.  

Аҟәа. Абҵарамза 27, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Ҿыц иаадартыз Ареспубликатә ашьа-датә центр аусура алацәажәара иазкын агәабзиарахьчара Аминистрра аҿы имҩаԥысыз аилатәара. Уи мҩаԥигеит аминистр Едуард Быҭәба.

Аҟәа. Абҵарамза 27, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Анаҩс Нхыҵ Кавказҟа, иара убас Донецктәи Жәлартә Республикеи Лугансктәи Жәлартә Республикеи рахь адәықәҵаразы Ауаажәларратә Палата ахь 900 комплект инареиҳаны аӡынмаҭәа аарышьҭит.

Ауаажәларратә Палата амаӡаныҟәгаҩ ихаҭыԥуаҩ Изольда Ҳагба, Апалата  уажәаԥхьагьы изныкымкәа Донбасс ауааԥсыра адгылара рыҭара иазкны имҩаԥысуаз агәыҳалалратә акциақәа ирылахәхахьеит ҳәа иазгәалҭеит.

Аҟәа. Абҵарамза 27, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба Кәыдрытәи аҩхааҿы иҟоу Ажара ақыҭа даҭааит.

Иара уаанӡа ақыҭа ахәышәтәырҭа ахьыҟаз, уажәы афелшер-акушертә пункт (ФАП) аартра ахьазԥхьагәаҭоу ахыбра гәеиҭеит.

Аҟәа. Абҵарамза 27, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба Кәыдрытәи аҩхаа ахь иусуратә ҭаара аҳәаақәа ирҭагӡаны Аԥсны Аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзура Аҳәаахьчаратә усбарҭа аҳәаахьчаратә отриад «Ԥҭышь» даҭааит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аҳәынҭқарра Ахада ипресс-маҵзура.

Аҟәа.  Абҵарамза 24, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥыза-министр Владимир Делба Аҳәынҭқарра Ахада инапынҵала аҳәынҭқарратә напхгараҭара аҭыԥантәи аусбарҭақәа рхадацәа адгьылтә ҵакырахәҭақәа рыҭаразы рыдҵақәа рақәыршаҳаҭразы Аԥсны аминистрцәа Реилазаара аӡбамҭақәа рынагӡара ахылаԥшра аҭаразы иаԥҵаз анапхгарабжьаратә комиссиа аҳасабырба дазыӡырҩит. Абри азы адырра ҟанаҵоит аминистрцәа Реилазаара апресс-маҵзура.

Аҟәа. Абҵарамза 24, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Абҵарамза 19 рзы даанкылан Аҟәа ақалақь аҿы абҵарамза 11 рзы иҟаз ахысра далахәын ҳәа агәҩара ззыҟоу ахԥатәи ахаҿы.

1980 шықәса рзы ииз Мхаз Агрба азеиԥш шәарҭарала ҩыџьа, ма инареиҳаны ргәабзиара ашәарҭара аҭо ауаҩшьра иҽазишәеит ҳәа гәҩарас дрымоуп, абри атәы аанацҳауеит Аԥсны апрокуратура Хада апресс-маҵзура.

Уаанӡа Аҟәа ақалақь аҿы иҟалаз ахысразы иаанкылан Асҭамыр Шьынқәбеи Шараҭ Џьыкырбеи.

Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.