АЖӘАБЖЬҚӘА

вчера 12:39

Агәабзиарахьчара Аминистрра аҿы иалацәажәеит Ареспубликатә ашьа-датә центр аусура.

Аҟәа. Абҵарамза 27, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Ҿыц иаадартыз Ареспубликатә ашьа-датә центр аусура алацәажәара иазкын агәабзиарахьчара Аминистрра аҿы имҩаԥысыз аилатәара. Уи мҩаԥигеит аминистр Едуард Быҭәба.

Аилатәара рхы аладырхәит амедицинатә усбарҭақәа, ирласу амедицинатә цхыраара астанциақәа рнапхгаҩцәа, Ацентр аҳақьымцәеи агәабзиарахьчара Аминистрра апрофильтә специалистцәеи.  

Ареспубликатә хәышәтәырҭа аҳақьым хада инапынҵақәа назыгӡо Ерик Ҳаҭхәа иажәақәа рыла, иахьазы имҩаԥгоуп аԥҟарақәа 9, зегьы қәҿиарала имҩаԥысит.  

Аилатәара иалахәыз Ацентри араионтә хәышәтәырҭақәеи ирласу амедицинатә цхыраара астанциақәеи ҳәоуеиқәшәарала русеицура иаҵоу аҵакы ахадара азгәарҭон.

Ҷыдала ахшыҩзышьҭра аҭан акоронартә синдром змоу, мамзаргьы аинсульт зыхьыз апациентцәа ирласны,  амедицинатә цхыраара еиҳа аеффективра аналоу, «терапевтическое окно» ҳәа изышьҭоу аамҭа иҭагӡаны Ацентр ахь раагара алыршара азҵаара.

Иалацәажәеит иара убас ирласу амедицинатә цхыраара амашьынақәа ихымԥадатәиу ахәшәқәа рыла реиқәыршәара, иара убас иара Ацентр ахаҭагьы аԥҟарақәа рзы аныхтә материалқәеи иахәҭоу ахәшәқәеи рыла аиқәыршәара азҵаара.

«Аҟәатәи Ашьа-датә Центр аартра – ари Аԥсны агәабзиарахьчара асистема аҿиараҿы акыр зҵазкуа шьаҿоуп. Ҳара Аԥсны ауааԥсыра атәыла иалҵны имцакәа аҭыԥ аҿы ҳаамҭа иақәшәо ахәышәтәра роуртә еиԥш уи иааиԥмырҟьаӡакәа аусура азы ҳааидгыланы иахәҭоу аҭагылазаашьақәа зегьы аԥаҳҵароуп», – ҳәа иазгәеиҭеит  Едуард Быҭәба.


Read 53 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.