pressadmin-2
Аҟәатәи амшынтә баӷәаза асқьалеи авокзали ргәаҭара хыркәшоуп.
Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 2, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аҟәатәи амшынтә баӷәаза апассаџьыртә терминал амшынтә вокзал ахыбреи асқьалеи комплексла ргәаҭара хыркәшоуп. Уи Урыстәылатәи Афедерациа аҟынтәи аспециалистцәа радыԥхьаларала имҩаԥган. Аобиект аусуралшара змоу планла иазԥхьагәаҭоу аиҭашьақәыргыларатә усмҩаԥгатәқәа зҭаху ҳәа ишьақәырӷәӷәоуп.
В.Г. Арӡынба ихьӡ зху аҳаирбаӷәаза «Аҟәа» ахьӡ рымԥсахӡеит.
Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 2, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аҵыхәтәантәи аамҭазы асоциалтә ҳақәа рҿы ирыладырҵәо иалагаз В.Г. Арӡынба ихьӡ зху Жәларбжьаратәи аҳаирбаӷәаза ахьӡ ахырхит ҳәа имцырку аиформациа аганахьала атәыла аекономика Аминистрра аҳәамҭа ҟанаҵеит:
Рашәарамза 2023 шықәса рзы В.Г. Арӡынба ихьӡ зху Жәларбжьаратәи аҳаирбаӷәаза «Аҟәа» аусура аиҭашьақәыргылареи анаҩс ахархәареи рзы аԥсны-урыстәылатәи анапхгарабжьаратәи Аиқәшаҳаҭра анапаҵыҩра мҩаԥган.
Бадра Гәынбеи Сергеи Кириенкои Аҟәа аԥшаҳәа аиҭашьақәыргылара амҩаԥысшьа гәарҭеит.
Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 1, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынбеи Урыстәылатәи Афедерациа Ахада Иусбарҭа анапхгаҩы актәи ихаҭыԥуаҩ Сергеи Кириенкои абҵарамза 30 ахәылбыҽха Аҟәа аԥшаҳәа аиҭашьақәыргылара амҩаԥысшьа гәарҭеит.
Бадра Гәынбеи Сергеи Кириенкои Аԥсны аенергетикатә уомплекс аҿиара азҵаарақәа ирылацәажәеит.
Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 1, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны афымцамчтә комплекс аҿиара иазкын Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынбеи Урыстәылатәи Афедерациа Ахада Иусбарҭа анапхгаҩы актәи ихаҭыԥуаҩ Сергеи Кириенкои имҩаԥыргаз аусуратә еилацәажәара.
Бадра Гәынбеи Урыстәылатәи Афедерациа Ахада Иусбаҭа анапхгаҩы актәи ихаҭыԥуаҩ Сергеи Кириенкои Баҭал Бигәаа иҳаҭгәын аҿы ашәҭшьыҵәрақәа шьҭарҵеит.
Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 1, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Баҭал Бигәаа – абаталион «Пиатнашка» далан, иҷыдоу аопреациа ахьымҩаԥысуаз аҭыԥ аҟны фырхаҵарала дҭахеит. Уи иеиуеиԥшым ахырхарҭақәа рыҟны деибашьуан – Авдеевка, Часовои Иар, Курсктәи аобласт уҳәа рыҟны. Ахәрақәа дааныркыломызт, афронт ахь дыхнымҳәыр иуамызт.
«Баҭал иеиԥш иҟоу аиашара зхы ақәызҵаз егьырҭ арԥарцәагьы ҳара ҳзы ифырхацәақәоуп. Урҭ есқьынгьы аиаша иазықәԥоз абиԥарақәа ирхылҵшьҭрақәоуп», - ҳәа иаҵшьны иҳәеит Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада.
Бадра Гәынбеи Сергеи Кириенкои афестиваль «Аԥсны аҳәаа» иаҭааит.
Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 1, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынбеи Урыстәылатәи Афедерациа Ахада Иусбарҭа анапхгаҩы актәи ихаҭыԥуаҩ Сергеи Кириенкои афестиваль «Аԥсны аҳәаа» иаҭааит.
Сергеи Кириенко афестиваль «Аԥсны аҳәаа» алахәылацәа дрыҿцәажәеит.
Бадра Гәынбеи Сергеи Кириенкои Н.А. Лакоба ихьӡ зху аҭоурых-мемориалтә музеи иаҭааит.
Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 1, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынбеи Урыстәылатәи Афедерациа Ахада Иусбарҭа анапхгаҩы актәи ихаҭыԥуаҩ Сергеи Кириенкои Н.А. Лакоба ихьӡ зху аҭоурых-мемориалтә музеи иаҭааит.
Бадра Гәынбеи Сергеи Кириенкои аԥсны-урыстәылатәи аусеицура иадҳәалоу актуалра злоу азҵаарақәа ирылацәажәеит.
Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 1, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны урыстәылатәи аусеицура иадҳәалоу актуалра злоу азҵаарақәа ирылацәажәеит иахьа, ԥхынҷкәынмза 1 азы Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынбеи Урыстәылатәи Афедерациа Ахада Иусбарҭа анапхгаҩы актәи ихаҭыԥуаҩ Сергеи Кириенкои, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аҳәынҭқарра Ахада ипресс-маҵзура.
Аганқәа иазгәарҭеит еиуеиԥшым аусхкқәа рҿы қәҿиарала ецынагӡоу апроектқәа.
4,14 млрд. мааҭ аҳазалхратә шәатәқәа ахыԥхьаӡалахеит ҳазҭоу ашықәса 11 мзы рыла.
Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 1, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аҳазалхратә усбарҭақәа рыла абҵарамзазы иахыԥхьаӡалахеит 386,4 млн. мааҭ аҳазалхратә шәатәқәа, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аҳәынҭқарратә ҳазалхратә еилакы апресс-маҵзура. Аплантә рбагақәа 100,5% рыла инагӡоуп.
Бадра Гәынбеи Сергеи Кириенкои Амҳаџьыраа Рыԥшаҳәа аҿы имҩаԥысуа агастрофестиваль иаҭааит.
Аҟәа. Абҵарамза 30, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынбеи Урыстәылатәи Афедерациа Ахада Иусбарҭа анапхгаҩы актәи ихаҭыԥуаҩ Сергеи Кириенкои Аҟәа ақалақь, Амҳаџьыраа Рыԥшаҳәаҿы имҩаԥысуа агастрофестиваль «Ҭагалан агьама-афеихоа» иаҭааит. Дара афестиваль аҿы иӡыргаз аԥснытәи аалыҵ ахкырацәара рбеит, аҭыԥантәи аарыхыҩцәеи аҭыжьыҩцәеи ирыҿцәажәеит, урҭ раалыҵ аҷыдарақаәа ирызҵааит.





