АЖӘАБЖЬҚӘА

30.Абҵара.2025

Бадра Гәынбеи Сергеи Кириенкои Амҳаџьыраа Рыԥшаҳәа аҿы имҩаԥысуа агастрофестиваль иаҭааит.

Аҟәа. Абҵарамза 30, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынбеи Урыстәылатәи Афедерациа Ахада Иусбарҭа анапхгаҩы актәи ихаҭыԥуаҩ Сергеи Кириенкои Аҟәа ақалақь, Амҳаџьыраа Рыԥшаҳәаҿы имҩаԥысуа агастрофестиваль «Ҭагалан агьама-афеихоа» иаҭааит. Дара афестиваль аҿы иӡыргаз аԥснытәи аалыҵ ахкырацәара рбеит, аҭыԥантәи аарыхыҩцәеи аҭыжьыҩцәеи ирыҿцәажәеит, урҭ раалыҵ аҷыдарақаәа ирызҵааит.

Афестиваль аан асасцәа рзы иқәгылеит еиуеиԥшым арҿиаратә коллективқәа, урҭ амузыкатә номерқәа нарыгӡеит. Аделегациа ирбеит авокал-инструменталтә ансамбль «Гәында» ақәгылара, уи зыԥсы ҭаны инагӡахо амухыкеи адидџьеитә сет Shiriа ацҳәарала иқәгылеит.  Уи адагьы, адиџьеи Надир Џьинал — "Azamat" дыхәмарит.

Асас дахьқәа рҭаара аҭыԥантәи аарыхыҩцәеи аҭыжьыҩцәеи адгылара рыҭареи Аԥсны агастротуризм аҿиареи иаҵоу аҵакы ахадара аанарԥшит.  

Аԥсны ахадеи Урыстәыла ахада Иусбарҭа анапхгаҩы актәи ихаҭыԥуаҩи амилаҭтә чыс агьама рбеит. Бадра Гәынба афестиваль алахәылацәа зегьы дрыдныҳәалеит, афермерцәа рџьабаазы иҭабуп ҳәа реиҳәеит.

«Аԥсуаа «Аамҭа бзиеи аура бзиеи рзы» аныҳәаҿа шьҭырхуеит. Анхацәа рзы есымша иманшәалоу аҭагылазаашьақәа ҟалааит, ианаамҭоу амра рыгымхо, ианаамҭоу ақәа роуа, аура бзиа ҟало, рџьабаа бзабааны ирԥыло. Иныҳәазааит аарыхра знапы алаку, гәыла-ԥсыла зус иазнеиуа зегьы. Иҭабуп!», –  ҳәа иҳәеит иара.


Read 109 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.