Апарк аиқәыршәазаара иазкыз аусурақәа ҽҳәааранӡа ихыркәшахеит - абаҵарамза 16, 2025 шықәса рзы.
Иҿыцу, зегьы рыла еиқәыршәоу апарк аҿы иҟоуп алашара-музыкатә иӡыдоу афонтан, еиуеиԥшым ақәратә категориақәа ирыҵанакуа рзы ахәыҷтәы плошьадкақәа, ахәыҷтәы наукатә плошьадка, амфитеатр, ҳаамҭа иақәшәо архитектуратә форма маҷқәа рыла еиқәыршәоу аԥсшьара азонақәа, иара убас иҿыцу арлашагақәеи ариаҵәареи.
Ари апроект Нижни Новгород Ахадара адгыларала Жәларбжьаратәи аекопроект «Аиҩызара аҵакыра Нижни Новгород–Аҟәа» («Пространство дружбы Нижний Новгород – Сухум») аҳәаақәа ирҭагӡаны инанагӡеит Автономтә Икоммерциатәым Аиҿкаара «Ақалақьтә ҵакыра аиқәырхареи аҿиареи рзы Амаҵзура» (Автономная Некоммерческая Организация «Агентство по сохранению и развитию городской среды»).






