АЖӘАБЖЬҚӘА

30.Абҵара.2025

Ԥхынҷкәынмза 1 инаркны аҟәатәи аҳаирбаӷәаза атерминал ҿыц апассаџьырцәа рыдкылара иалагоит.

Аҟәа.  Абҵарамза 30, 2025 шықәса. Аԥсныпресс.  Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынбеи Урыстәылатәи Афедерациа Ахада Иусбарҭа анапхгаҩы актәи ихаҭыԥуаҩ Сергеи Кириенкои В.Г. Арӡынба ихьӡ зху Аҟәатәи жәларбжьаратәи аҳаирбаӷәаза атерминал ҿыц иахәаԥшит. Атерминал апассаџьырцәа рыдкылара иалагоит ҳазҭоу ашықәс ԥхынҷкәынмза 1 инаркны. 

Лаҵарамза 1, 2025 шықәса инаркны аҳаирбаӷәаза ала ииасыз апассаџьырцәа  рхыԥхьаӡара 120 нызықьҩык рҟынӡ инаӡоит, уи аҳаиремадара апопулиарра аизҳара шыҟоу арҵабыргуеит. Атуризм арҿиара аҿы хра злоу усны иҟалеит иҿыцу ахырхарҭақәа раартра –  Москваҟа, Санкт-Петербурҟа, Нижни Новгородҟа, иара убас Ханты-Мансискҟа.

Атуристцәа рхыԥхьаӡара ацлара аҿы ҷыдала ароль нанагӡеит аамҭак ала еиуеиԥшым ахырхарҭақәа рыла - Нижни Новгород, Санкт-Петербурги Ханты-Мансиски рзы аԥыррақәа асубсидиа аҭара апрограмма. Уи апассаџьырцәа раара аҭышәынтәалара алнаршеит.

Бадра Гәынбеи Сергеи Кириенкои иара убас аҭоурыхтә терминал иахәаԥшит. Араҟа ареконструкциа мҩаԥысуеит. Аусурақәа зегьы анхыркәшахалак ашьҭахь аҳаирбаӷәаза аушьҭратә лшара сааҭк ахь 400-ҩык апассаџьырцәа рҟынӡа инаӡоит.


Read 109 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.