АЖӘАБЖЬҚӘА

01.Ԥхынҷкәын.2025

Бадра Гәынбеи Урыстәылатәи Афедерациа Ахада Иусбаҭа анапхгаҩы актәи ихаҭыԥуаҩ Сергеи Кириенкои Баҭал Бигәаа иҳаҭгәын аҿы ашәҭшьыҵәрақәа шьҭарҵеит.

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 1, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Баҭал Бигәаа – абаталион «Пиатнашка» далан, иҷыдоу аопреациа ахьымҩаԥысуаз аҭыԥ аҟны фырхаҵарала дҭахеит. Уи иеиуеиԥшым ахырхарҭақәа рыҟны деибашьуан – Авдеевка, Часовои Иар, Курсктәи аобласт уҳәа рыҟны. Ахәрақәа дааныркыломызт, афронт ахь дыхнымҳәыр иуамызт.

«Баҭал иеиԥш иҟоу аиашара зхы ақәызҵаз егьырҭ арԥарцәагьы ҳара ҳзы ифырхацәақәоуп. Урҭ есқьынгьы аиаша иазықәԥоз абиԥарақәа ирхылҵшьҭрақәоуп», - ҳәа иаҵшьны иҳәеит Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада. 

«Баҭал Џьон-иԥа Донбасс имҩаԥысуаз ихадароу аибашьратә хҭысқәа дрылахәын. Уи ихы дамеигӡакәа Курсктәи аобласт ауааԥсыра рыхьчаразы дгылеит. Баҭал Џьон-иԥа – дфырхаҵоуп. Аԥсни Урыстәылеи рзы Фырхаҵа иашоуп», – ҳәа иҳәеит Сергеи Кириенко.

Урыстәыла Ахада Владимир Путин Иусԥҟа ала Бигәаа Баҭал ианашьоуп Агәымшәара аорден. Сергеи Кириенко аусмҩаԥгатә аҟны аорден Афырхаҵа иҭаацәа рнапы иаиркит.

 


Read 322 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.