Аиԥылара иара убас иалахәын аԥыза-министр Делба Владимир, Ахада Иусбарҭа анапхгаҩы Беслан Ешба, аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ Нанба Џьансыхә, афымцамч аминистр Баҭал Мышәба, Урыстәылатәи Афелерациа афымцамч аминистр ихаҭыԥуаҩ Евгени Грабчак, Ареспубликатә Унитартә Наплакы «Амшынеиқәафымцамч» адиректор Хада Ҭемыр Џьынџьал.
Аилацәажәараҟны иазааҭгылеит акаҭатә нхамҩа арҿыцразы ихадароу ауснагӡатәқәеи Аԥсны фымцамчла аиқәыршәара аус аҭышәныртәалареи рус. Ҷыдала ахшыҩзышьҭра аҭан ареспублика афымцамчтә система уақәгәыӷратә аҟаҵареи ахаҭабзиара ашьҭыхреи ирзынархоу иеицырзеиԥшу апроектқәа рынагӡара азҵаара, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада ипресс-маҵзура.






