АЖӘАБЖЬҚӘА

01.Ԥхынҷкәын.2025

Бадра Гәынбеи Сергеи Кириенкои афестиваль «Аԥсны аҳәаа» иаҭааит.

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 1, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынбеи Урыстәылатәи Афедерациа Ахада Иусбарҭа анапхгаҩы актәи ихаҭыԥуаҩ Сергеи Кириенкои афестиваль «Аԥсны аҳәаа»  иаҭааит.

Сергеи Кириенко афестиваль «Аԥсны аҳәаа»   алахәылацәа дрыҿцәажәеит.

Аҿар Молодые аԥынгылақәа рцәаҳәа шыҟоу еиҭарҳәеит, Аԥсны аспорт аҿиара аҿы рлагалазы иҭабуп рҳәеит.  

Аицлабра иеизнагеит 200 инареиҳаны алахәцәа. 300 метра аура змоу аԥынгылақәа иуникалтәу рцәаҳәа иаҵанакуеит иеиуеиԥшым аелементқәа. Урҭ рылахәра алшоит командалеи хаҭала мацаралеи.

Аспорттә еицлабрақәеи акультуратә программеи рыла ишьақәгылоу апроект аҩныҵҟатәи атуризм ашықәсбжьаратә  ааамҭазы арҿиара иазынархоуп, инанагӡоит Аԥсны акоманда», Азеиԥшурыстәылатәи ауаажәларратә еиҿкаара «Жәлар рыфронт «Урыстәылази» Аиҿкаара «Згәы зҩыдоу Аԥсадгьыли» иҟарҵо адгыларала. 

 


Read 334 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.