
pressadmin-2
Гәынба Бадра Урыстәыла зҽаԥсазтәыз артист, Аԥсны жәлар рартист Гыцԥҳа Алиса дидикылеит.
Аҟәа. Лаҵарамза 2, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Ахада Гәынба Бадра Урыстәыла зҽаҧсазтәыз артист, Аԥсны жәлар рартист, Москва - Аҟәа ареис ала иааз раҧхьатәи апассаџьырцәа ируаӡәкыз Гыцԥҳа Алиса дылԥылеит.
Асас аԥсшәа лаҳәо, иҭабуп ҳәа леиҳәеит аҟазара аҿиараҟны, абаҩхатәра змоу аҿар адгылара рыҭараҟны ллагаламҭазы, иара убас Гыцԥҳа Алиса зымҽхак ҭбаау акультуратә проект, еиуеиԥшым атәылақәа рҟынтә абаҩхатәра злоу аҿар еидызкыло - Жәларбжьаратәи амузыкатә лабораториа аҳәаақәа ирҭагӡаны.
Аҳәхынҭқарра Ахада Урыстәылеи Аԥсни Жәлар рартист Евгени Книазев дидикылеит.
Аҟәа. Лаҵарамза 2, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аҳәынҭқара Ахада Гәынба Бадра Урыстәлеи Аԥсни Жәлар рартист, Б. Шьукин ихьӡ зху Атеатртә институт аректор, атеатри, акинои, ателехәаԥшреи рактиор Евгени Книазев дидикылеит.
Аиԥылара мҩаԥысит аҳаиреимадара Москва-Аҟәа аартра инамаданы, Евгени Книазев актәи апассаџьырцәа дыруаӡәкхеит. Аиԥылара иара убас иалахәын Урыстәылатәи Афедерациа Ахада Иусбарҭа ауаажәларратә проектқәа рзы аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Александр Журавски.
Аԥсны агәабзиарахьчара Аминистрра ҳамҭас иаиуит автомашьына “КАМАЗ” иақәгылоу еиҭаҵуа афлиуорогрфиатә кабинет.
Аҟәа. Лаҵарамза 1, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Урыстәылатәи Афедерациа агәабзиарахьчара аминистр Михаил Мурашко аусуратә визит ала Аԥсны даҭааит.
Аԥсны агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба Михаил Мурашко аԥсны-урыстәылатәи аҳәынҭқарратә ҳәаа аҿы диԥылеит, дицны Аҟәаҟа, Ареспубликатә хәышәтәырҭахь дааит, араҟа имҩаԥысуеит аусуратә еилатәара. Аҟәаҟа даанӡа Михаил Мурашка Гагратәи араионтә хәышәтәырҭа Хада ахь дымҩахыҵны уи аусушьа гәеиҭеит.
Ареспубликатә хәышәтәарҭа аҿы Михаил Мурашко урыстәылатәи аспециалистцәа рыла Аԥсны ашколхәыҷқәа рдиспансеризациа амҩаԥысра азы адырра ирҭеит.
Аԥсны иаԥҵоуп алогопедцәа, адефектологцәеи аинклиузивтә ҵарадырра аспециалистцәеи Рассоциациа.
Аҟәа. Лаҵарамза 1, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аҟәатәи аҳәынҭқарратә коллеџь аҿы мшаԥымза 28–30 рзы имҩаԥысуан «Акогнитивтәии ацәажәаратәии аԥкрақәеи аилагарақәеи змоу ахаҿқәа рдиагностикеи рребилитациеи амультидисциплинартә знеишьа» ҳәа атема ала азанааҭдырра аҩаӡара ашьҭыхра акурсқәа.
Аҽазыҟаҵарақәа мҩаԥыргон Урыстәыла зыхьӡ нагоу аекспертцәа – апедагогикатә наукақәа рдоктор Маргарита Русецкаиа, апедагогикатә наукақәа ркандидат Гульнара Валлиулина, аҳақьым-аневролог Виолетта Иванова, уҳәа убас егьырҭгьы.
Азанааҭдырра аҩаӡара ашьҭыхра акурсқәа «Аԥсны акогнитивтәии ацәажәаратәии аԥкрақәеи аилагарақәеи змоу ахаҿқәа рдиагностикеи рребилитациеи иадҳәалоу актуалра злоу азҵаарақәа» атема ла имҩаԥгаз астол гьежь ала ихыркәшахеит.
Ҭаҭарсҭанынтәи иааз Гульнара Валлиулина арегион аҿы алогопедттә цхыраара аҵаратәи амедицинатәи усбарҭақәа русура иалагалоуп ҳәа иазгәалҭеит.
«Уи алшара аԥнаҵоит митәык иуадаҩым аиҵахарақәа змоу ахәыҷқәа ахәыҷбаҳчаҿы, мамзаргьы ашколқәа рҿы ишыҟоу раԥхьатәи ацхыраара рыҭара. Изызҳахьоу апациентцәа иҷыдоу адгылара аполиклиникақәеи ахәышәтәырҭақәеи рҿы ирырҭоит», — ҳәа иазгәалҭеит лара.
Лара ахшыҩзышьҭра алҭеит апрофессионалтә еилазаара аҿаԥхьа ицәырҵуа ауадаҩрақәа:
«Ҳара есышықәса аҵараиурҭақәа 50-55 – ҩык аспециалистцәа шоурыжьуагьы, аус зуа аспециалистцәа рзанааҭтә дырра аҩаӡара ашьҭыхразы иааиԥмырҟьаӡакәа акурсқәа шымҩаԥысуагьы, уеизгьы зыквалификциа ҳараку акадрқәа разымхара ҳныԥшуеит».
ААУ арҵаҩы еиҳабы, ахәыҷтәы лагопед Анетта Бганба Аԥсны зцәажәаратә лшарақәа ԥку ахәыҷқәа асоциал-педагогикатә цхыраара рыҭара аганахьала аҳәынҭқарратә дгылара шымҩаԥысуа атәы еиҭалҳәеит. Лара инаҵшьны иазгәалҭеит, 1992 шықәсанӡа, Асовет Еидгыла цқьа иазхәыцны ишьақәгылаз аҳәынҭқарратә политика иабзоураны, ареспублика аҿы иҟан иҭышәынтәалаз алагопед-дефектологцәа ркадртә потенциал. Аха 90-тәи ашықәсқәа рзы иҟалаз ахҭысқәа рышьҭахь ас еиԥш иҟоу аспециалистцәа рхыԥхьаӡара акыр илаҟәит.
«Иахьа иарбоу аусхкы аҿы Асовет Еидгыла аныҟаз аҵара зҵаз рхыԥхьаӡара аҟынтәи ирацәамкәа аспециалистцәа аус руеит, урҭ иреиуоуп А. Макарович, Л. Џьынџьолиа, А. Погосиан, иара убас И. Кәарҷиа. 2002 – 2012шш. рзы ААУ Москватәи асоциал-гуманитартә Институти рыпрограмма аус ауан. Уи аҳәаақәа ирҭагӡаны 52-ҩык инареиҳаны алогопед-дефектологцәа азыҟаҵан. Аха урҭ аӡәырҩы рзанааҭ ала аус руӡом», – ҳәа илҳәеит Анетта Бганба.
Анетта Бганба алогопед И. Кәарҷиа аҟәатәи ахәыҷтәы поликлиника аҿы зцәажәаратә лшарақәа ԥку 2000-ҩык рҟынӡа ахәыҷқәа ашәҟәы ишҭагалоу азы иҟалҵаз адыррақәа аалгеит.
Аԥснытәи аҿар Нижни Новгород имҩаԥысраны иҟоу Адунеизегьтәи аҿар рфестиваль рхы аладырхәуеит.
Аҟәа. Мшаԥымза 29, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥснытәи аҿар активла азыҳәамҭақәа аларҵоит Нижни Новгород имҩаԥысраны иҟоу Адунеизегьтәи аҿар рфестиваль алахәхара азы, ҳәа еиҭеиҳәеит Аԥсны аҿари аспорти русқәа рзы Аҳәынҭқарратә Еилакы аҿар рыҟәша аспециалист Хада Ахра Бебиа.
Ира иҟаиҵаз адыррақәа рыла, иҳаҩсыз ашықәс азы Аԥснынтәи иалаҵаз 900 зыҳәамҭа рҟынтәи афорум алахәхаразы иалкаахеит 100-ҩык. Усҟан афестиваль еиднакылеит 20 нызықьҩык рҟынӡа алахәылацәа: 10 нызықь ҩык Урыстәылантәи, иара убас 10 нызықьҩык рҟынӡа аҳәаанырцәтәи асасцәа.
2024 шықәсазы ари афестиваль зхы алазырхәыз Беслан Аршба Адунеизегьтәи аҿар рфестивал иара зеиӷьаҟам ацәаныррақәа изцәырнагеит, убри аҟнытә иара ҩаԥхьа ари афестиваль алахәхара иҽазишәоит ҳәа иазгәеиҭеит.
Беслан Аршба еизаз ирзеиҭеиҳәеит мшаԥымза 16 рзы Москва ақалақь аҿы ишымҩаԥысыз Адунеизегьтәи аҿар Рфестиваль Амшира иазкны аусмҩаԥгатә шьахә. Уи рхы аладырхәит 100-ҩык инарзынаԥшуа ауаа, аиҿкааҩцәеи апартниорцәеи уахь иналаҵаны. Алаҳәара ҟаҵан, цәыббрамза 17 рзы Нижни Новгород аҿы Адунеизегьтәи аҿар Рфестиваль шымҩаԥысуа атәы. Уи адевиз «Россия согревает».
Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент аделегациа афорум «Аҭынха ду — еицаҳзеиԥшу аԥеиԥш» ахы аланархәит.
Аҟәа. Мшаԥымза 29, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Мшаԥымза 28 рзы ақалақь-фырхаҵа Волгоград аҿы аусура иалагеит Аџьынџьтәылатәи еибашьра Дуӡӡа аҿы Аиааира агара Амш 80-шықәса ахыҵра иазку Жәларбжьаратәи афорум «Аҭынха ду — еицаҳзеиԥшу аԥеиԥш».
Цандрыԥшь аҳаблаҿы Асовет Еидгыла Афырхаҵа Николаи Литвиненко имеморалтә ӷәы аадыртит.
Аҟәа. Мшаԥымза 29, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Асовет Еидгыла Афырхаҵа Н.Н. Литвиненко имемориалтә ӷәы аартра иадҳәалоу аныҳәатә усмҩаԥгатә мҩаԥысит Цандрыԥшь аҳаблан.
Афырхаҵа игәалашәара анаунагӡатәра аԥшьгаҩыс иқәгылеит Н.З. Багаҭелиа ихьӡ зху Цандрыԥштәи абжьаратәи ашкол №2 арҵаҩцәа рколлективи ауаажәларратә Еиҿкаара Аурысцәа Реилазаара "Славянский дом".
Аԥсны инхо Аџьынџьтәылатәи еибашьра Дуӡӡа аветеранцәа шәкы-шәкы нызықь мааҭ рызшәахоит.
Аҟәа. Мшаԥымза 29, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Атәыла анапхгара иахьа зыԥсы ҭаны иҟоу 12-ҩык Аџьынџьтәылатәи еибашьра Дуӡӡа аветеранцәа ирзыршәоит шәкы-шәкы нызықь мааҭ.
«Мызкы аԥхьа зыԥсҭазаара иалҵыз аветеран иҭаацәагьы убасҵәҟьа ирызшәахоит шә-нызықь мааҭ», – ҳәа Аԥсныпресс акорреспондент адырра ирҭеит аминистрцәа Реилазаара апресс-маҵзура аҿы.
ААУ имҩаԥысит Аџьынџьтәылатәи еибашьра Дуӡӡа аҿы Аиааира агара Амш 80-шықәса ахыҵра иазку ацәыргақәҵа.
Аҟәа. Мшаԥымза 29, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аџьынџьтәылатәи еибашьра Дуӡӡа аҿы Аиааира агара Амш 80-шықәса ахыҵра иазкны аҟазара афакультет астудентцәа русумҭақәа рцәыргақәҵа аатит Аԥснытәи аҳәынҭқарратә Университет аҿы.
Араҟа ицәыргақәҵахеит абарҭ ахырхарҭақәа: акостиум адизаин, аграфикатә дизайн, аинтериер адизаин, аландшафттә дизаин, асахьаркыратә ҟазареи аскульптуреи рыла 350 инареиҳаны аҭыхымҭақәа. Астудентцәа ацәыргақәҵа иаздырхиеит арратә тематика змоу 44 плакат.
Ахәаԥшцәа ирыдыргалеит еиуеиеԥшым аҟазара аҭыжьымҭақәа: ашкәакәа-еиқәаҵәа (иԥшшәыдоу) аграфика аҟынтәи иԥшшәылоу аграфика аҟынӡа, аԥстәқәа рҵәаӷәанҵа аҟынтәи акостиумқәеи аскульптурақәеи рҟынӡа. Арҭ аекспонатқәа ауниверситет афоие хада аҿы еиԥш аҩбатәи аихагыла аҿгьы иубар алшон. Ацәыргақәҵа ахәаԥшцәа ирыднагалон арҿиаратә атмосфера агәылахалареи арҭ арҿиамҭақәа раԥҵара зхи-зыԥси алазҵаз астудентцәа рбаҩхатәра ахәшьара аҭареи рзы иуникалу алшара.
Ансамбль «Абаза» Санкт-Петербург имҩаԥысыз X Жәларбжьаратәи афестиваль «Невские встречи» аҿы аԥхьахәтә ҭыԥқәа ааннакылеит.
Аҟәа. Мшаԥымза 29, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Санкт-Петербург ақалақь аҿы ихыркәшахеит аиубилеитә X Жәларбжьаратәи амилаҭтә культурақәа Рфестиваль «Невские встречи». Ари акыр зҵазкуа ахҭыс абар шьҭа жәантәны адунеи зегьы аҟынтәи аҟыбаҩ злоу ауаа еиднакылеит, убри аан атрадициақәа рыхкырцәара аиқәырхареи аӡыргареи рганахьала алагала ду ҟанаҵоит.