АЖӘАБЖЬҚӘА

29.Мшаҧы.2025

Аԥсны инхо Аџьынџьтәылатәи еибашьра Дуӡӡа аветеранцәа шәкы-шәкы нызықь мааҭ рызшәахоит.

Аҟәа. Мшаԥымза 29, 2025 шықәса. Аԥсныпресс.  Атәыла анапхгара иахьа зыԥсы ҭаны иҟоу 12-ҩык Аџьынџьтәылатәи еибашьра Дуӡӡа аветеранцәа ирзыршәоит шәкы-шәкы нызықь мааҭ.

«Мызкы аԥхьа зыԥсҭазаара иалҵыз аветеран иҭаацәагьы убасҵәҟьа ирызшәахоит шә-нызықь мааҭ», – ҳәа Аԥсныпресс акорреспондент адырра ирҭеит аминистрцәа Реилазаара  апресс-маҵзура аҿы.

Аибашьра аветеранцәа ираҟаратәу 18-ҩык  ҩынҩажәижәаба-ҩанҩажәижәаба нызықь мааҭ (5000) роуеит.

Аԥаратә хархәагақәа азоужьхоит Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Ирезервтә Фонд аҟынтәи.

Ас еиԥш аӡбамҭа аднакылеит атәыла аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ  Џьансыхә Нанба ихантаҩрала  аус зуа, Аџьынџьтәылатәи еибашьра Дуӡӡа аҿы Аиааира агара Амш 80-шықәса ахыҵра азгәаҭара иазку аусмҩаԥгатәқәа реиҿкаареи рымҩаԥгареи рзы аҭакԥхықәра зду акомиссиа.


Read 157 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.