pressadmin-2
Аԥсны атәылахьчара Аминистрра аҿы анапхгаратә еилазаара аизара мҩаԥысит.
Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 4, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны атәылахьчара Аминистрра аҿы Арбџьармчқәа анапхгаратә еилазаара аоператив-мобилизациатә еизара мҩаԥысит.
Аусмҩаԥгатә Арбџьармчқәа рҿы ԥхынҷкәынмза 1 азы аҵарашықәс ҿыц алагара аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаԥысит.
Аизара ихы алаирхәит Аҳәынҭқарра Ахада ихаҭыԥуаҩ Беслан Бигәаа.
Аизара иалахәыз рахь ихы рханы иара Аҳәынҭқарра Ахада, Адҵаҟаҵаҩ Хада Бадра Гәынба ихьӡала ахатәы еилазаара аҵарашықәс ҿыц алагара рыдиныҳәалеит. Уи аруаа рзанааҭтә дырра аизырҳара иаҵоу аҵакы ахадара азгәеиҭеит.
Аҟәатәи ақалақьтә Еизара аҿы есымша аус зуа акомиссиақәа 14 аԥҵоуп.
Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 4, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Ԥхынҷкәынмза 3 рзы имҩаԥысыз Аҟәа ақалақьтә Еизара аабатәи ааԥхьара аҩбатәи аилатәара аҿы адепутатцәа изаамҭанытәиу аусура аструктура ашьақәыргылара рҽазыркит. Ихадоу амшхәаԥштә зҵаараны иқәгылан 14 есымша аус зуа акомиссиақәа раԥҵара — урҭ роуп Аҟәа ақалақьтә Еизара ақалақь ауааԥсыра ргәы иҵхо рызҵаарақәа ишазхьаԥшло, аҳҭнықалақь ихадоу ауснагӡатәқәа рыӡбашьас ианаҭо ҳәаақәызҵало.
Аҳәынҭқарратә експертизазы аусбарҭа Хада аушьҭра-гәаҭаратә ҭыԥ “Адлер” ареконструкциа иақәшаҳаҭхеит.
Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 4, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Урыстәыла аҳәааргылара аусбарҭа (Росгранстрой) Урыстәыла Аҳәынҭқарратә експертизазы аусбарҭа Хада аҟынтәи атәылаҿы зегьы реиҳа ақәыӷәӷәара змоу Урыстәылеи Аԥсни рҳәааҿы иҟоу автомашьынатә аушьҭра-гәаҭаратә ҭыԥ «Адлер» ареконструкциа амҩаԥгара ишақәшаҳаҭу азы алкаа аиуит. Абри азы адырра ҟанаҵоит Урыстәылатәи Афедерациа атранспорт Аминистрра.
Аԥсны адәныҟатәи аусқәа Рминистрра: Урыстәылатәи Афедерациа адәныҟатәи аусқәа Рминистрра иааннакыло апозициа иахьазы иҟоу аҭагылазаашьа обиективла иаанарԥшуеит.
Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 3, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. 2025 шықәса ԥхынҷкәынмза 3 рзы агазеҭ «Известиа» аҟны икьыԥхьу Урыстәыла адәныҟатәи аусқәа Рминистрра иҟанаҵаз ахҳәааҿы иқәыргылоу азҵаарақәа жәпакы рганахь ала Аԥсны Аҳәынҭқарра иааннакыло апозициа аилыркааразы Аԥсны Аҳәынҭқарра адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Одиссеи Бигәаа аҳәамҭа ҟаиҵеит.
Ԥшьҩык аԥснытәи анапылампыласыҩцәа аспорт азҟазарахь акандидат ҳәа ахьӡқәа ранашьахеит.
Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 3, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны аҿари аспорти русқәа рзы Аҳәынҭқарратә Еилакы аҿы ԥшьҩык аԥснытәи анапылампыласыҩцәа аспорт азҟазарахь акандидатцәа ҳәа аршаҳаҭгақәа роуит.
Лииа Гурҵкаиа лышьра афакт ала ашьаус ахәаԥшразы аӡбарҭахь инашьҭуп.
Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 3, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Очамчыра араион Апрокуратура Чачуа Б.Б. идҵоу Аԥсны Ашьаустә Закәанеидкыла ахәҭаҷ 99 ахәҭа 1 иазԥхьагәанаҭо ацәгьоуразы аусеилыргара хнаркәшеит.
Ҭарашь Ҳагба: Аҟәа ақалақь аҿы Ашьапылампылтә милаҭтә Лигеи (ФНЛ) Амедиалигеи (МФЛ) рыбжьара аматч амҩаԥгара аԥснытәи ашьапылампыласыҩцәа рҟазара еизнарҳауеит.
Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 3, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аҿари аспорти рызҵаарақәа рзы Аҳәынҭқарратә Еилакы ахантәаҩы инапынҵақәа назыгӡо Ҭарашь Ҳагба Ашьапылампылтә милаҭтә Лигеи (ФНЛ) Амедиалигеи (МФЛ) рыбжьара ԥхынҷкәынмза 5 рзы Аҟәа ақалақь аҿы имҩаԥысраны иҟоу ацәыргаратә матч иаҵоу аҵакдура азгәеиҭеит.
Аҳәынҭқарратә ҳазалхратә Еилакы аусзуҩцәа Аҟәа ақалақь аџьармыкьа Хада аҿы зыхәԥса аицҵалыҵ 274 500 мааҭ рҟынӡа инаӡо апетардақәа, агирлиандақәеи амцаркыга рҭҟәацгақәеи рымхра мҩаԥыргеит.
Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 3, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Ԥхынҷкәынмза 2 рзы Аҳынҭқарратә ҳазалхратә Еилакы Гал инхо аԥҳәыс, 1970 шықәса рзы ииз Д. Гацерелиа лнапылеидара агәаҭара мҩаԥыргеит. Агәаҭара мҩаԥган аџьармыкьа аҵакыраҿы, усҟан лара атауар аҭира даҿын.
Сибратәи Афедералтә Университет агастрономиа Аинститут ахь хә-квотак азоурыжьит.
Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 3, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны иҟоу Урыстәыла аус ацуразы аофициалтә Хаҭарнакра Аԥснытәи аусхкырацәатә коллеџь «ахәыҟаҵаҩ-акандитер» ахырхарҭа ала аҵара зҵо 1-тәии 2-тәи акурсқәа рыстудентцәа рзы 2026/27-тәи аҵарашықәс азы аквотатә кампаниа азы аконсультациа мҩаԥнагеит.
Орҳан Шамба Урыстәыла иҟоу Аԥсны ахәаахәҭратә хаҭарнак инапынҵақәа рынагӡара аҟынтәи ихы дақәиҭтәуп.
Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 3, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Орҳан Шамба Урыстәыла иҟоу Аԥсны ахәаахәҭратә хаҭарнак инапынҵақәа рынагӡара аҟынтәи ихы дақәиҭтәуп, ҳәа Аԥсныпресс ахь адырра ҟарҵеит Аԥсны аминистрцәа Реилазаара апресс-маҵзура аҿы.





