АЖӘАБЖЬҚӘА

03.Мшаҧы.2025

Сергеи Шамба Урыстәылеи Аԥсни иҟоу Никарагуа Ацҳаражәҳәаҩ Альба Азусена Торрес дидикылеит.

Аҟәа. Мшаԥымза 3, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Сергеи Шамба Урыстәылеи Аԥсни иҟоу Никарагуа Ацҳаражәҳәаҩ Альба Азусена Торреси иареи реиԥылара мҩаԥигеит.

2025 шықәса мшаԥы 3 азы Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр инапынҵақәа назыгӡо Сергеи Шамбеи Урыстәылеи Аԥсни иҟоу Никарагуа Ацҳаражәҳәаҩ, адәныҟатәи аполитикеи Жәларбжьаратәи аизыҟазаашьақәеи рзы Никарагуа Ахада иабжьгаҩ, аминистр Альба Азусена Торрес Мехиеи реиԥылара мҩаԥысит.

Аиԥылара иара убасгьы рхы аладырхәит Аԥсны адәныҟатәи аусқәа Рминистрра Латинтәи Америкеи, Азиеи, Азиа-аокеанҭынчтәи арегиони рдепартамент аиҳабы Мадина Зыхәԥҳа, Урыстәыла иҟоу Никарагуа Ацҳаражәҳәарҭа аҵареи, атуризми, акультуреи рзы абжьгаҩ Диана Гизель Мелендес Кастро.

Аиԥылара аҳәаақәа ирҭагӡаны, Аԥсни Никарагуеи русеицура ихадоу аспектқәа ирызкны аилацәажәара мҩаԥган, хәҭакахьала, акультура ахырхарҭагьы уахь иналаҵаны, еиуеиԥшым ахырхарҭақәа рҿы, аизыҟазаашьақәа рырӷәӷәара иацхраауа иалкаау ашьаҿақәа. Уи адагьы, жәларбжьаратәи амшхәаԥштә иаҵанакуа актуалтә зҵаарақәа ирылацәажәан.

Аиԥылара ахыркәшамҭаз аганқәа агәаларшәагатә ҳамҭақәа еимырдеит.

Альба Азусена Торрес Мехиа Аԥсны Аҳәынҭқаррахь дааит ҳазҭоу ашықәс мшаԥы 2 рзы имҩаԥысыз Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахадас иалхыз Бадра Гәынба имаҵураҭыԥ аанкылара ацеремониа алахәхаразы.

 


Read 585 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.