Хесус Рафаель Саласар Веласкес ҳазҭоу ашықәс мшаԥы 2 рзы имҩаԥысуаз Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахадас иалхыз Бадра Гәынба имаҵураҭыԥ аанкылара ацеремониа далахәхарц азы Аԥсныҟа дааит.
Сергеи Шамба Ацҳаражәҳәаҩ Аԥсныҟа иааразы ҭабуп ҳәа иеиҳәеит, иара убасгьы Аԥсни Венесуелеи русеицура анаҩстәи аҿиара аҵак ду шамоу инаҵшьны иазгәеиҭеит.
Ахәҭакахьала, Хесус Рафаель Саласар Веласкес Сергеи Шамба иҟаиҵаз адкыларазы ҭабуп ҳәа иеиҳәеит, иара убасгьы Венесуела адәныҟатәи аусқәа рминистр Иван Хиль Пинто иҟынтәи асалам ииҭеит. Иара убас, Сергеи Шамбагьы Венесуелатәи иколлега ажәа ҟәандақәа изицҳаит.
Аиԥылараҿы аганқәа рылацәажәеит иахьатәи аамҭазы аҩганктәи аусеицура иадҳәалоу азҵаарақәа, иара убас аҩганктәи аинтерес зҵоу егьырҭ азҵаарақәа жәпакы.
Аиҩызаратә ҭагылазаашьа бзиа ала имҩаԥысыз аиԥылара ахыркәшамҭаз, аганқәа ргәалашәараҿы иаанхо аҳамҭақәа еимырдеит.