Ҳара ҳажәларқәа наџьнатә аахыс аиҩызара рыбжьан, ахақәиҭреи ахьыԥшымреи разықәԥара иадҳәалоу, ирзеиԥшу аҭоурых рымоуп, аамҭеи еиуеиԥшым аԥышәарақәеи ирхысхьоу аиашьаратә еимадарақәа рыбжьоуп. Ҳара ҳсуверенитет аиуразы иуадаҩу аҭоурых мҩа ҳанысит, ҳхақәиҭреи ҳԥеиԥш бзиеи аиуразы ҳажәҩахыр еибыҭа агрессиа ҳаҿагылан. Ари амҩа еиҳагьы ҳаизааигәанатәит, иахьагьы ҳара ҳаизыҟазаашьақәеи аусхкқәа жәпакы рыла ҳусеицуреи рырӷәӷәара ҳаҿуп.
Нанҳәамза 26, 2008 шықәса наунагӡа ԥхьаҟатәи ҳԥеиԥш иадҳәалахаз рыцхәны иҟалеит. Ари амш аҽны Урыстәылатәи Афедерациа Анапхгара Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи рҳәынҭқарратә хьыԥшымра азхаҵара азы аҭоурыхтә ӡбамҭа аднакылеит. Ари ашьаҿа аиашареи ҳхақәиҭреи ҳхьыԥшымреи зырҵабыргыз агрессиа иҿыцу аҽазышәарақәа ԥхьзырҟәҟәаауаз усны иҟалеит».