АҾЦӘАЖӘАРА

pressadmin-2

pressadmin-2

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 7, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба ҳазҭоу ашықәс нҵәаанӡа Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент ахь есышықәсатәи ажәахә ҟаҵо дықәгылоит. Абри азы «Аԥсныпресс» ахь адырра ҟаиҵеит Аҳәынҭқарра Ахада ипресс-маӡаныҟәгаҩ Алхас Ҷолокәуа.

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 5, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Акультура-усуратә платформа «Гәыма», Акультуратә Гәыҳалалратә Фонд «Ашана», Агәыҳалалратә Уаажәларратә Еиҿкаара «Кьиараз» ашықәсҿыцтәи агәыҳалалратә акциа «Ашанаҵла» шеиҿкаахо азы адырра ҟарҵоит.

Ҩы-шықәса рыла ари аԥшьгара аҳәаақәа ирҭагӡаны Аԥсны ауааԥсыра 670-ҩык ахәыҷқәа еиуеиԥшым ргәазыҳәарақәа нарыгӡеит. Акциа еиднакылоит ҩ-фондки шәҩыла «Аҵаа Бабадуқәеи» «Асҭыԥҳацәеи». Акциа хықәкыс иамоуп згәабзиара алшарақәа ԥку ахәыҷқәеи зматериалтә лшарақәа маҷу аҭаацәа рҟынтәи ахәыҷқәеи аныҳәа ҳамҭас рыҭара.  Шәҩыла Аԥсны ауааԥсыра есышықәса аамҭала анашанаҟаҵаҩцәас иҟалоит.

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 5, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Иахьа, ԥхынҷкәынмза 5 рзы лира Амш азгәалҭоит иналукааша аопертә шәаҳәаҩы, Аԥсны жәлар рартистка, Урыстәыла зҽаԥсазтәыз артистка, Москватәи амузыкатә театр «Геликон-опера» асолистка Алиса Гыцба.

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 5, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Ҟрым аофициалтә визитла инеит Аԥсны аминистрцәа Реилазаара аделегациа.  Ахәаша, ԥхынҷкәынмза 5 рзы Симферополь ақалақь аҿы Аԥсни Ҟрыми рыбжьара ахәаахәҭра-економикатә, анаука-техникатә, агуманитартә усеицура азы аҩганктәи акомиссиа аилатәара   мҩаԥысит. Араҟа иалацәажәеит 2025-2027 шш. рзы  ареспубликақәа русеицура аплан, ҳәа адырра ҟанаҵоит РИА Новости.

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 5, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Ауаажәларратә Палата аҿы имҩаԥысит аԥсуа культуратә центрқәа Рфедерациа анапхгаҩ ҿыц Иауз Аҭрышба напхгара зиҭо Ҭырқәтәылатәи ҳџьынџьуаа рделегациа рԥылара.

Ауаажәларратә Палата амаӡаныҟәгаҩ Гәыли Кььчба Ҭырқәтәылатәи ҳџьынџьуаа рделегациа бзиала шәаабеит ҳәа ралҳәеит, иара убас Иауз Аҭрышба аԥсуа культуратә центрқәа Рфедерациа анапхгаҩыс иалхра идылныҳәалеит.  

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 5, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Атурнир «Red Finch 0.0 Новая Игра» аҳәаақәа ирҭагӡаны адгаларатә матч мҩаԥысуеит иахьа, ԥхынҷкәынмза 5 рзы Аҟәа ақалақь астадион «Динамо» аҿы. Аспорттә дәы аҿы еиԥылоит Ашьапылампылтә милаҭтә лигеи (ФНЛ) Амедиалигеи (МФЛ)  еизгоу акомандақәа.  

Аматч еиҿкаауп Аԥсны ашьапылампыл Афедерациеи Ашьапылампылтә милаҭтә лигеи. Ахәмарра рхы аладырхәуеит ԥшьҩык аԥсуа ашьапылампыласыҩцәа: Заур Ҭарбеи Лука Багаҭелиеи Ашьапылампылтә милаҭтә лига азы ихәмаруеит, Леон Сабуеи Алиас Асланӡиеи – Амедиалига азы.

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 5, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ Џьансыхә Нанба напхгара зиҭо Аԥсны аиҳабыра рделегациа Симферопольҟа официалтә визитла инеит. Аҭаара ахықәкы хаданы иҟоуп — аҩганктәи аимадарақәа рырӷәӷәареи аҩ-регионк рыбжьара аусеицуразы иҿыцу алшарақәа рылацәажәареи.

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 5, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аҟәа ақалақь, Ешба имҩаҿы ахықәкырацәа змоу аспортдәы ҿыц аадыртит.

«Иахьа акыр зҵазкуа мшуп. Ҳара Аԥсны иахьаҵанакуа 17-тәи аобиект ааҳартуеит. Ари 12-тәи ахықәкырацәа змоу аспортдәы ауп.

Уаанӡа ҳара ахәыҷтәы плошьадкақәа хәба ааҳартит. Ари зегьы  – Урыстәылатәи Афедерациа ҳара ҳаиҿкаара ацхыраарала  инанагӡо агәыҳалалратә программа ду иахәҭакны иҟоуп», – ҳәа иҳәеит «Урыстәыла ҿа» краснодартәи арегионалтә ҟәша ахеилак ахантәаҩы Роман Марченко.

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 5, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны аплиаж ахь аныҟәара аԥхынра адагьы аӡынгьы иҟалоит», ҳәа иҳәеит Урыстәылатәи Афедерациа Ахада Иусбарҭа анапхгаҩы актәи ихаҭыԥуаҩ Сергеи Кириенко.  

«Иахьа Аԥсны аиҳарак аплиажтә ԥсшьара ауп иҟоу, ареспублика зегьы ԥшьымз рыла иаанхаз ашықәс аамзы иазхартә еиԥш уи ала ахы ныҟәнагоит. Атуризм Аԥсны амшыни аԥхыни рыла инымҵәозар ауп, уи ареспублика зегьы амҽханакуазар ахәҭоуп. Уи азы мҽхакы ҭбаала аусура аҭахуп», - ҳәа Ателеканал Абаза ТВ-и Аԥсуа телехәаԥшреи ириҭаз аинтервиу аҟны иҳәеит Сергеи Кириенко.

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 5, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Афымцаҳақәа изакәанымкәа рыҽрымадара аԥхьырҟәҟәаара иазку аоперативтә штаб аилатәара мҩаԥысит Аҟәа ақалақь Ахадара аҿы.

Ԥхынгәымзазы аоперативтә штаб аҳҭнықалақь ахада ихаҭыԥуаҩ Инал Аҩӡба ихантәаҩрала аусура ҩаԥхьа ихацнаркит.

Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.