АЖӘАБЖЬҚӘА

вчера 3:03

Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба Апарламент ахь есышықәсатәи ажәахә ҟаҵо дықәгылоит.

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 7, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба ҳазҭоу ашықәс нҵәаанӡа Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент ахь есышықәсатәи ажәахә ҟаҵо дықәгылоит. Абри азы «Аԥсныпресс» ахь адырра ҟаиҵеит Аҳәынҭқарра Ахада ипресс-маӡаныҟәгаҩ Алхас Ҷолокәуа.

Аусшәҟәы аиқәыршәаразы аусуратә гәыԥ аԥҵоуп. Уи напхгара аиҭоит Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭа анапхгаҩы Беслан Ешба.

Ацҳамҭа аҿы Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба аҳәынҭқарра аҩныҵҟатәии адәныҟатәи аполитика азҵаарақәа дырзааҭгылоит, иара убас атәыла анаҩстәи аҿиара азы хадара злоу ахырхарҭақәа аликаауеит.


Read 129 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.