АЖӘАБЖЬҚӘА

05.Ԥхынҷкәын.2025

Сергеи Кириенко: атуризм Аԥсны алшықәсанык иҟазароуп.

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 5, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны аплиаж ахь аныҟәара аԥхынра адагьы аӡынгьы иҟалоит», ҳәа иҳәеит Урыстәылатәи Афедерациа Ахада Иусбарҭа анапхгаҩы актәи ихаҭыԥуаҩ Сергеи Кириенко.  

«Иахьа Аԥсны аиҳарак аплиажтә ԥсшьара ауп иҟоу, ареспублика зегьы ԥшьымз рыла иаанхаз ашықәс аамзы иазхартә еиԥш уи ала ахы ныҟәнагоит. Атуризм Аԥсны амшыни аԥхыни рыла инымҵәозар ауп, уи ареспублика зегьы амҽханакуазар ахәҭоуп. Уи азы мҽхакы ҭбаала аусура аҭахуп», - ҳәа Ателеканал Абаза ТВ-и Аԥсуа телехәаԥшреи ириҭаз аинтервиу аҟны иҳәеит Сергеи Кириенко.

Сергеи Кириенко Аԥсныҟа иаауа атуристцәа рхыԥхьаӡара шазҳаз азгәеиҭеит. 2024 шықәсазы Аԥсны  1,35 млн. атуристцәа аҭаазар, 2025 шықәсазы, лаҵарамза анҵәамҭеи рашәарамза алагамҭеи рзы амш шыцәгьазгьы, араҟа рыԥсы ршьеит 1,64 млн. ҩык.  

Асовет аамҭазы Аԥсны шықәсык ала 3 млн.ҩык рҟынтәи 4,9 млн.ҩык рҟынӡа атуристцәа аҭаауазҭгьы, ареспублика макьаназы акыр идуу апотенциал амоуп ҳәа уҳәаратәы иҟоуп.  

«Иаҭахны избаӡом аотель дуқәа рыргылара. Сара сгәаанагарала, арахь иаараны иҟоу атуристцәа рхыԥхьаӡара акәӡам узыцәшәаша, - апроблема злоу урҭ арахь аара ргәаԥхо аҟаҵара ауп», - ҳәа иҳәеит иара.  

Сергеи Кириенко иазгәеиҭеит асовет аамҭазы Аԥсны аидгылазегьтәи аҵакы змаз ԥсшьарҭаҭыԥ анаҩс аелитатә курортны ишыҟаз. Ареспубликахь аԥсшьаразы иаауан еицырдыруаз ашәҟәыҩцәа, асахьаҭыхыҩцәа, амузыкантцәа.

«Аԥсны ахә ҳаракны изыршьоз араҟа аевкалиптҵлақәа ашрыҵоу ушиашоу аплиаж аҟынӡа уахьзынаӡо, насгьы араҟа иҟоу амшын аҩыза уаҳа џьаргьы иҟаӡам», - ҳәа иазгәеиҭеит Сергеи Кириенко.

Уажәы Аԥсныҟа иаауа атуристцәа реиҳараҩык рыԥсы ршьоит Гагра, Пицунда, Афон Ҿыц. Убри аан, иазгәаҭатәуп Мрагыларатәи Аԥсны аҭыԥ ԥшӡарақәа убасҵәҟьа ишырацәоу, урҭ акала ишеицәам.

Аҟәатәи аҳаирбаӷәаза аартра Аԥсны мрагыларатәи ахәҭа атуристтә потенциал аҿиаразы аҵак ду амоуп. Атерминал ҿыц алшара аԥнаҵоит  сааҭк иалагӡаны 400-ҩык рҟынӡа апассаџьырцәа рыдкыларазы.

Сергеи Кириенко иажәақәа рыла, еҵегьы мҽхакы ҭбаала аусура мҩаԥгатәуп «ареспублика анапхгара атуристцәа рхыԥхьаӡара рацәацәоума ҳәа рҳәаратәы иҟалаанӡа».

Сергеи Кириенко мрагыларатәи Аԥсны аҿиара иазкны хыԥхьаӡара рацәала хра злоу апроектқәа рцәырҵра гәахәарыла иазгәеиҭеит.

Убас, абҵарамза 30 рзы Очамчыра араион Мықә ақыҭан апрограмма «Зысасгәашә аарту Аԥсны» аҳәаақәа ирҭагӡаны апроектқәа рӡыргара мҩаԥысит.  

«Сара даараӡа саргәырӷьеит зегьы рыпроектқәа раагара анаҩсгьы, урҭ доусы уи 35-километр инаӡо амаршрут ахьыԥырҵаз. Амаршрут иалагалахеит – акаҳуажәыфрҭақәеи аҳаԥқәеи уҳәа, амаланыҟәагақәеи аквадрациклқәеи рыла аныҟәара, шьапыла аныҟәара, акамбашьферма аҭаара, абаниа аҭаара, уҳәа ирацәаны ахырхарҭақәа. Урҭ доусы рыпроектқәа ианрыхцәажәоз рыблақәеи рхаҿқәеи ирнубаалоз агәырӷьареи агәацԥыҳәареи акыр иаԥсан. Убри азыҳәан ауп Аԥсны анапхгареи ҳареи еилкааны урыстәылатәи афинанстә цхыраара аԥаратә хархәагақәа ас еиԥш иҟоу апроектқәа рхацыркразы азоужьразы аӡбамҭа ҳадаҳкылеит. Урҭ иацхраауеит ауаа арахь рааразы агәазыҳәара рызцәырҵра», - ҳәа иҳәеит Сергеи Кириенко.

 

 

 

 

 


Read 83 times - Амҽыша, 07 Ԥхынҷкәын 2025 15:04
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.