Роман Марченко иажәақәа рыла, аԥсуа ган амедицинатә цхыраара ласы амашьынақәа 10 аҭара мҩаԥган. Аҵарадырра аминистрра ашколтә автобусқәа 20, еиҭаҵуа акомпиутертә классқәа 22, аинтерактивтә ӷәқәа 120 аҭан.
«Зегь раԥхьа иргыланы, ҳара аԥснытәи ҳколлегацәа рҟынтәи иҳаҭаз аҳәара аҭак ҟаҳҵеит. Уи аиҳабыра еиҿнакааит. Аԥсни Урыстәылеи рминистррақәа раԥхьаӡа иргыланы рхы еилакны аус еицыруит, уи иалҵшәаны еиҳа апроблемақәа зцу, еиҳа хра змоу аусқәа алкаан», - ҳәа иазгәеиҭеит Роман Марченко.
«Иахьа ҳара Аҟәа ақалақь аҿы иазԥхьагәаҭаз рҟынтәи аҵыхәтәантәи аобиект ааҳартуеит», - ҳәа иазгәеиҭеит Роман Марченко.
Аргыларазы аобиектқәа ралкаара шԥамҩаԥысуеи ҳәа азҵаара аҭак ҟаҵо, Роман Марченко дара есымша аҭыԥантәи ауааԥсыра ргәазыҳәарақәеи аҳҭнықалақь Ахадареи Шьаҭанкыла аргыларазы Аусбарҭеи рабжьгарақәеи иазҿлымҳахоит ҳәа аҭак ҟаиҵеит.
«Араҟа ирацәаны ауаа ахьеиланхо ҳаблоуп, убри аҟнытә ас еиԥш иҟоу адәқәа акыр иаҭахны иҟоуп. Сара иара убас аиҳабацәа рабиԥара иатәу ауааԥсыра срыҿцәажәон, урҭгьы «workout зона» ҳәа изышьҭоу аҿы атренажиорқәа рыла аҽазыҟаҵара азы алшара анроуа иазыԥшуп», –ҳәа иазгәеиҭеит Роман Марченко.
Аҟәа ақалақь ахада «Урыстәыла ҿа» краснодартәи арегионалтә ҟәша ахеилак ахантәаҩы Роман Марченко имҩаԥгаз аусура азы аҳҭнықалақь Ахадара ахьӡала аџьшьаратә шәҟәы ианеишьеит.






