pressadmin-2
Бадра Гунбеи Сергеи Кириенкои Аҟәа ақалақь Аҳабла Ҿыц аҿы асквер аадыртит.
Аҟәа. Абҵарамза 30, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынбеи Урыстәылатәи Афедерациа Ахада Иусбарҭа анапхгаҩы актәи ихаҭыԥуаҩ Сергеи Кириенкои Аҟәа ақалақь, Аҳабла Ҿыц аҿы иҟоу апарк иаҭааит. Уаҵәы ԥхынҷкәынмза 1 азы уи аартра азы аныҳәатә усмҩаԥгатә мҩаԥгахоит, - ҳәа адырра ҟанаҵоит Аҳәынҭқарра Ахада ипресс-маҵзура. Апарк ареконструкциа мҩаԥган Нижни Новгородтәи аобласт ацхыраарала.
Ԥхынҷкәынмза 1 инаркны аҟәатәи аҳаирбаӷәаза атерминал ҿыц апассаџьырцәа рыдкылара иалагоит.
Аҟәа. Абҵарамза 30, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынбеи Урыстәылатәи Афедерациа Ахада Иусбарҭа анапхгаҩы актәи ихаҭыԥуаҩ Сергеи Кириенкои В.Г. Арӡынба ихьӡ зху Аҟәатәи жәларбжьаратәи аҳаирбаӷәаза атерминал ҿыц иахәаԥшит. Атерминал апассаџьырцәа рыдкылара иалагоит ҳазҭоу ашықәс ԥхынҷкәынмза 1 инаркны.
Аԥснытәи аҳәынҭқарратә Университети Автономтә Икоммерциатәым Еиҿкаара «Адунеизегьтәи аҿар рфестиваль Анапхгараҭареи» аусеицуразы аиқәшаҳаҭра рыбжьарҵеит.
Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 1, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥснытәи аҳәынҭқарратә Университети Автономтә Икоммерциатәым Еиҿкаара «Адунеизегьтәи аҿар рфестиваль Анапхгараҭареи» аусеицуразы аиқәшаҳаҭра рыбжьарҵеит.
Аусшәҟәы рнапы аҵарҩит ААУ аректор, академик Алеко Гәарамиеи Автономтә Икоммерциатәым Еиҿкаара «Адунеизегьтәи аҿар рфестиваль Анапхгараҭара» (АНО ДВФМ) адиректор Дмитрии Иванови, ҳәа адырра ҟанаҵоит ААУ ателеграм-канал.
Ацитрустә сезон алагара инаркны 11 091 тонна амандарина Аԥсны иалганы идәықәырҵахьеит.
Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 1, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Асезон алагара инаркны Аԥсны иалганы идәқәырҵахьеит 11 091 тонна амандарина, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны Аҳәынҭқарратә ҳазалхратә Еилакы апресс-маҵзура. Иҳаҩсыз ашықәс аиԥш-зеиԥшу аамҭахәҭазы експорт ҳасабла Аԥсны иалганы идәықәҵан 12 185 тонна амандарина.
Аԥсни Башкортосҭани аусеицура аҳәаақәа рырҭбааразы аусмҩаԥгатәқәа рыплан анапаҵыҩра мҩаԥыргеит.
Аҟәа. Абҵарамза 30, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны аԥыза-министр Владимир Делба Аԥсныҟа аусуратә визитла иааз Ареспублика Башкортосҭан аԥыза-министр Андреи Назаров диԥылеит. Ари 2025 шықәсазы хынттәиуп Андреи Назаров Аԥсныҟа даауеижьҭеи.
«Ҳара аиашазы даара ахә ҳаракны иаҳшьоит акыр шықәса ирҭагӡоу аусеицурала ишьаҭарку ҳаиашьаратә еизыҟазаашьақәа. Сара агәра ганы сыҟоуп ҳусеицура еиуеиԥшым аусхкқәа рҿы, аекономикагьы уахь иналаҵаны, ҳаизыҟазаашьақәа рыҿиара иҿыцу аимпульс анаҭоит», – ҳәа иҳәеит Владимир Делба.
Ареспублика Башкортосҭан аԥыза-министр Андреи Назаров иахьа знапаҵыҩра азԥхьагәаҭоу амҩақәҵатә хсаала аҿы зынӡа 29 пункт арбоуп, Диаскураа Рыԥшаҳәа аиҭашьақәыргылара уахь иналаҵаны, егьырҭ аинфраструктуратә проектқәа адгылара рыҭара, ҳәа адырра ҟаиҵеит.
«Ҳара – аиҭашьақәыргыларатә усурақәа рымҩаԥгаразы зыгәра ргаз ҳреиуоуп. Ҳара ари ҳаиҩызара аҳаҭыр иазкуп ҳәа иҳаԥхьаӡоит. Ҳара ҳзы насыԥуп аиашьаратә Аԥсны аҿиара ҳлагала алаҵара», – ҳәа иҳәеит Андреи Назаров.
Иара иазгәеиҭеит, аҟәатәи аԥшаҳәа ақалақь ауааԥсыра рзы адагьы Аԥсны аҳҭнықалақь иаҭаауа асасцәагьы аҭааразы еиҳа иалырхуа ҭыԥны иҟоуп. Убри аҟнытә дара ирылшо зегьы ала аиҭашьақәыргыларатә усурақәа ианаамҭоу рхыркәшара рҽазыршәоит.
Сергеи Кириенко усуратә визитла Аԥсныҟа дааит.
Аҟәа. Абҵарамза 30, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Урыстәылатәи Афедерациа Ахада Иусбарҭа анапхгаҩы актәи ихаҭыԥуаҩ Сергеи Кириенко усуратә визитла Аԥсныҟа дааит.
Арҵаратә амшьамбақьала – агастрофестиваль «Ҭагалан агьама-афеихоа» аплошьадкақәа иреиуоуп.
Аҟәа. Абҵарамза 30, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Апроект «Зысасгәашә аарту Аԥсны» арккаратә трек аус ауеит Аҟәа ақалақь аҿы имҩаԥысуа агастрофестиваль «Ҭагалан агьама – афеихоа» аҳәаақәа ирҭагӡаны.
Аԥсны ақыҭанхамҩа Аминистрра агастрофестиваль «Ҭагалан агьама – афеихоа» ахы аланархәеит.
Аҟәа. Абҵарамза 30, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны ақыҭанхамҩа Аминистрра агастрофестиваль «Ҭагалан агьама – афеихоа» ахы аланархәеит.
Аминистерра ҷыдала астенд еиҿнакааит, афестиваль ахь ааԥхьара рынаҭеит апрограмма «Ақыҭанхамҩа аҿиара» ала аҵыхәтәантәи 3-4 шықәса рыҩныҵҟа аҳәынҭқарра аҟынтәи адгылара зауа аҭыԥантәи аусдкылаҩцәа.
Агастрофестиваль «Ҭагалан агьама: Афеихоа» аҟәатәи амшын аԥшаҳәаҿы иаатит.
Аҟәа. Абҵарамза 30, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аҟәа ақалақь, Амҳаџьыраа рыԥшаҳәа аҿы иаатит агастрофестиваль «Ҭагалан агьама: Афеихоа». Аусмҩаԥгатә иагәыцәны иҟалеит аплошьадка «Аҟәа ашҭа», араҟа Аҟәа ақалақьи Аԥсны араионқәеи рҟынтәи иреиӷьу ақьафурҭақәа амилаҭтә фатәқәа рыхкырацәара аадырԥшуеит. Афестиваль аҳәаақәа ирҭагӡаны иазԥхьагәаҭоуп итрадициатәу ачыс хкқәа рыҟаҵаразы аҟазара аклассқәа, аҭыԥантәи ааглыхыҩцәа рџьармыкьа, аԥсуа ртистцәа рықәгыларақәа.
Ҷыдала уи азы иаԥҵоу астендқәа рҿы асасцәа ирбар рылшоит аԥснытәи ақыҭанхамҩа аихьӡарақәа: еиуеиԥшым ацха ахкқәа, амандарина, афеихоа, ахәырма, араса, уҳәа. ААУ астудентцәа атехнологцәа доусы аус здыруалаз раалыҵ: ачаи, аҩы, аиҵаҵақәа рыдгалара мҩаԥыргоит.
Аполитикатә партиақәеи ауаажәларратә еиҿкаарақәеи Реидгыла аоппозициа атәыла анапхгара аусмура, ажәлар аинтересқәа рыхьчара мап ацәнакуеит ҳәа ахара адҵарала иҟанаҵо аҳәамҭақәа ирықәшаҳаҭӡам.
Аҟәа. Абҵарамза 28, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Атәыла аҿы ишьақәгылаз ауаажәларра-политикатә ҭагылазаашьа иазкын абҵарамза 28 рзы имҩаԥысыз атәыла аполитикатә партиақәеи ауаажәларратә еиҿкаарақәеи Реидгыла анапхгаҩцәа реиԥылара. Араҟа иара убас иалацәажәеит Аидгыла иалоу аиҿкаарақәа русеицура аформатқәеи егьырҭ азҵаарақәеи.
Аилацәажәара ашьҭахь аполитикатә партиақәеи ауаажәларратә еиҿкаарақәеи Реидгыла аоппозициа атәыла анапхгара аусмура, ажәлар аинтересқәа рыхьчара мап ацәнакуеит ҳәа ахара адҵара ишақәшаҳаҭым азы аҳәамҭа ҟанаҵеит. Атәыла аполитикатә партиақәеи ауаажәларратә еиҿкаарақәеи Реидгыла аоппозициатә партиа «Аԥсны жәлар ракзаара Афорум» (ФНЕА) абҵарамза 27 рзы имҩаԥысыз Аизара Ду аҿы ирыдыркылаз арезолиуциа иарбоу азԥхьанҵақәа ирықәшаҳаҭӡам. Абри азы мзызс иҟалеит аполитикатә партиа Аԥсны Жәлар ракзаара афорум (ФНЕА) аҵыхәтәантәи аӡбара, уи аҵакы, Аидгыла алахәылацәа ргәаанагарала, ауаажәларра рымҩахҟьареи атәылаҿы аҭагылазаашьа аилагареи ирызкуп.
«Аԥсны жәлар ракзаара Афорум арезолиуциа Аԥсны жәлар реиҳараҩык ргәаанагара хьаас имкыкәа ауаажәларра рырҩашьареи атәылаҿы аҭагылазаашьа аибарххареи рзы ҩаԥхьа иҟанаҵо ҽазышәароуп ҳәа ҳахәаԥшуеит. Аҳәынҭқарра Ахада ажәлар ринтерессқәа рыхьчара мап ацәикуеит ҳәа ахара идҵарала, аоппозициа ахаҭарнакцәа идырны реалла иҟоу аҭагылазаашьа еицаркуеит. Ишәгәалаҳаршәоит, Бадра Гәынба ииашаны имҩаԥысыз, аконкурентра зныԥшуаз алхрақәа рҿы жәанызықьҩыла атәылауаа рыбжьыҭарала далхын», – ҳәа иазгәаҭоуп аҳәамҭа аҿы.





