Агастрофестиваль рхы аладырхәуеит 20 инареиҳаны Аԥснытәи аресторанқәа, аԥацхақәа, аҩыҟаҵаҩцәа, аҭыԥантәи ааглыхҩцәа. Аусмҩаԥгатә иааизакны ҭагалантәи ашәырқәа ирызкуп, аха афеихоа ихадоу аалыҵны иҟалоит.
Афеихоа иалху ахаақәеи, амилаҭтә чысқәеи, аԥсуа фаст-фудқәеи ӡыргоуп. Иреиӷьу афатәхкы асасцәа иалыркаауеит.
Иара убас, Аԥсны ақьафурҭақәеи аҩыҟаҵарҭақәеи рыбжьара жәлар рыбжьыҭарала афестиваль аҿы иреиӷьу афатә хки аҩи ралкааразы еиуеиԥшым аноминациақәа рҿы аицлабра амҩаԥгара азԥхьагәаҭоуп.
Афестиваль аиҿкааҩ Хьыбла Возба лажәақәа рыла, аусмҩаԥгатә ахықәкы хаданы иҟоуп аԥсуа культура аӡыргара, амилаҭтә крыфара аҭыԥантәи арестораторцәа, аҩыҟаҵаҩцәеи ақыҭанхамҩатә аалыҵ аарыхыҩцәеи рӡыргара.
«Ҳара шәбара ҳаигәырӷьоит раԥхьатәи ҭагалантәи ҳгастрофестиваль аҿы! Иахьа амра шәахәақәа рыла икәабоу амш аҽны, ҳара иааҳартуеит ари зеиӷьаҟам аплошьадка, шьыжьы аахыс араҟа еизеит аныҳәа атмосфера зҽагәылазхаларц зҭаху хыԥхьаӡара рацәала ауаа.
Сынтәа ҳара Аҟәа ақалақь, Сергеи Багаԥшь ихьӡ зху ашҭа аҿы ҩ-гастрофестивальк мҩаԥаагахьеит. Аусмҩаԥгатәқәа ирҭааз ауаа рыхцәажәарақәа рыла еилаҳкааит ас еиԥш иҟоу аусмҩаԥгатәқәа аиашазы адҵаалара бзиа шамоу. Ҳара ҳхықәкы хаданы иҟоуп – Аԥсны ахҭыстә турисзм арҿиара, аиԥш-зеиԥшу аусмҩаԥгатәқәа аиҳарак атуристтә сезон анҭыҵгьы амҩаԥгара», - ҳәа иазгәалҭеит лара.
Афестиваль аҳәаақәа ирҭагӡаны еиҿкаахеит аинтересс зҵоу арҵаратә программа.
Афестиваль асасцәа аԥсуа крыфара ашықәсрацәанҵыра ишанырруа еилыркаарц рылшоит. Ҷыдала ҳара ахшыҩзышьҭра аҳҭеит афеихоуа – ҳрегион иасимволны иҟалаз иуникалу ашәыр хкы. Араҟа ҳара ҳфестиваль иаҭааны иҟоуп Аԥсны ақыҭанхамҩа Аинститут ахаҭарнакцәа, урҭ аҭиразы афеихоуа аиҭаҳәатәқәа ааргеит. Ҳгәыӷуеит афестиваль асасцәа урҭ аахәаны доусы рбаҳчақәа рҿы еиҭарҳап ҳәа», -илҳәеит Хьыбла Возба.
Афестиваль аиҿкаара рхахьы иргеит–апроект «Гастрокультура» акоманда. Убри аан урҭ адгылара рырҭеит Аԥсны Аҳәынҭқарреи Урыстәылатәи Афедерациеи рнапхгарақәа.






