АҾЦӘАЖӘАРА

pressadmin-2

pressadmin-2

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 3, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент аҟны иҟоу Аҿар Реизара адепутатцәа ралхразы есымша аус зуа акомиссиа адепутатрахь акандидатцәа рықәыргыларазы азыҳамҭақәа рыдкылара ишалагаз азы адырра ҟанаҵоит, ҳәа иаанацҳауеит Апарламент апресс-маҵзура.

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 3, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Атәыла аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аҩныҵҟатәи аусқәа министр Роберт Кьиут ареспублика абнатә фонд ахьчара азҵаарақа ирызкны аусуратә еилатәара мҩаԥигеит.

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 3, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Арратә прокуратуреи Афинансқәа Рминистрра Ахылаԥшра-ревизиатә усбарҭа аспециалистцәеи Аҳәынҭқарратә миграциатә Маҵзура агәаҭара хдыркәшеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Арратә прокуратура асаит.

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 3, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аҿы раԥхьаӡа акәны аҳәынҭқарратә шәҟәҭагалаҩцәа рзы аквалификациатә ԥышәарақәа мҩаԥыргеит. Адыррақәа ргәаҭара иахысит ааигәа ззанааҭтә ҩаӡара ашьҭыхра азы иҷыдоу акурсқәа ирхысыз Ареспублика Аԥсны адгьылхархәареи акадастри рзы Аҳәынҭқарратә Еилакы аусзуҩцәа. Абри  азы адырра ҟанаҵоит ААУ а-Telegram-канал.

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 3, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аҟәа ақалақь ахада Ҭемыр Агрба амуниципалтә унитартә наплакы «Аҟәатәи афымцацәаҳәақәа русбарҭа» аԥыхразы адҵа инапы аҵаиҩит.  

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 2, 2025 шықәса. Аԥсныпресс.  Ареспублика Аԥсны  14 школ рҿы аурыс бызшәеи алитературеи рҵаразы ҷыдала еиқәыршәоу 15 класс аадыртит, ҳәа адырра ҟақаҵоит Аԥсны аҵара Аминистрра аофициалтә саит. Аклассқәа апроект «Россия – мои горизонты» аҳәаақәа ирҭагӡаны иаартуп. Апроект Аԥсны аҵара Аминистрреи Афонд «Моя история» адгыларала Урыстәылатәи Афедерациа аҵара Аминистрра инанагӡоит.

«Ари агуманитартә еимадарақәа рырӷәӷәаразы акыр зҵазкуа шьаҿоуп. Аурыс бызшәа ҳажәларқәа еимаздо аиҩызаратә цҳаны иҟоуп. Ҳара ганрацәала адгылара иацаҳҵоит Аԥсны ахәыҷқәа зегьы рзы зыҩаӡара ҳараку аҵарадырра аҿиареи аурыс бызшәа аҵаразы ҳаамҭа иақәшәо аҭагылазаашьақәа раԥҵареи иадҳәалоу аус», – ҳәа иазгәеиҭеит Урыстәылатәи Афедерациа аҵара аминистр Сергеи Кравцов.

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 2, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аурыс географиатә еилазаара Жәларбжьаратәи арккаратә акциа «Агеографиатә диктант» алагеит Аԥсны.

Сынтәа уи Аџьынџьтәылатәи еибашьра Дуӡӡа аҿы Аиааира агара Амш 80-шықәса ахыҵреи Аурыс географиатә еилазаара 180-шықәса ахыҵреи иазкуп.

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 1, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Урыстәылатәи Афедерациа Афедералтә ҳазалхратә Маҵзцра Аладатәи аоперативтә ҳазалхырҭа Аԥснынтәи изакәанымкәа автомашьына аиагара афакт аанарԥшит. Ишәамкәа иаанхаз аҳазалхратә шәатәқәа реицҵалыҵ 2,3 млн. мааҭ рҟынӡа инаӡоит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Урыстәылатәи Афедерациа Афедералтә ҳазалхратә Маҵзура Аладатәи аоперативтә ҳазалхырҭа апресс-маҵзура.

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 1, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аҿари аспорти русқәа рзы Аҳәынҭқарратә Еилакы ԥхынҷкәынмза  27 рзы имҩаԥысраны иҟоу апремиа «Аԥыза қәыԥш» анашьара иазку аныҳәатә церемониа аҽазыҟаҵара иаҿуп, - ҳәа адырра ҟанаҵоит Аҳәынҭеилакы апресс-маҵзара.

Апремиа Аԥсны аминистррақәеи ахылаԥшырҭақәеи русзуҩ ҿарацәа ралкаара хықәкыс иамоуп. Сынтәа уи раԥхьаӡа акәны атәыла ақалақьқәеи араионқәеи амҽханакуеит. 

Уажәы ахыркәшарахь инеиуеит аконкурс актәи, арзаҳалтә етап. Ахылаԥшырҭақәа рнапхгаҩцәа, Аҳәынҭеилакы аҳәарала доусы русбарҭақәа рҟынтәи иреиӷьу аусзуҩ ҳәа 35 шықәса иреиҳам х-ҩык акандидатцәа ықәдыргылеит.

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 2, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Гәынба Бадра хатәгәаԥхаралатәи аибашьҩы Гурген Григориан иуацәеи иҭынхацәеи дрыдышшылеит.

Гәылрыԥшь араион Парнаут ақыҭаҟны аибашьҩы аҵыхәтәантәи имҩахь инаскьагара иазкыз аусмҩаԥгатә иалахәын иара убас Аҳәынҭқарра Ахада Ихаҭыԥуаҩ Беслан Бигәаа, аԥыза-министр Владимир Делба, аиҳабыра алахәцәа, Гәылрыԥшь араион ахада инапынҵақәа назыгӡо Саид Ҳаразиа.

Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.