Ари ишьаарҵәыраз ажәылараан иҭахеит 222 аԥсуа еибашьцәа. 23-ҩык хабарда ибжьаӡит. Ажәылара ахықәкы шынамӡазгьы, аветеранцәа иара аибашьра ацашьа аԥсахит, аиааира иахыҵхырҭахеит ҳәа ирырԥхьаӡоит.
Аҟәа. Хәажәкырамза 15, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Хәажәкырамза 15 рзы 32 шықәса ҵит Аҟәа Қырҭтәыла Аҳәынҭсовет архәҭақәа рҟынтәи ахақәиҭтәразы ажәыларатә операциа амҩаԥгара ашьҭахь.
1993 шықәса хәажәкыра 15 рзы аԥсуа еибашьцәа Гәымсҭа аӡиас ирны Аҟәа ахақәиҭтәразы идәықәлеит, рнапаҿы иааргеит ихадаз астратегиатә ҳаракырақәа, аха ажәылара еиҵахеит. Ацәыӡ дуқәа рыманы март 17-18 рзы аԥсуа архәҭақәа шьҭахьҟа ихьаҵыр акәхеит.
Ари ишьаарҵәыраз ажәылараан иҭахеит 222 аԥсуа еибашьцәа. 23-ҩык хабарда ибжьаӡит. Ажәылара ахықәкы шынамӡазгьы, аветеранцәа иара аибашьра ацашьа аԥсахит, аиааира иахыҵхырҭахеит ҳәа ирырԥхьаӡоит.