pressadmin-2
Атәыла анапхгара аилатәара аихшьаалақәа: ауалафахәқәа рышьҭыхра, Урыстәылеи Аԥсни рыбжьара аиқәшаҳаҭреи абизнес азы иҿыцу аԥҟарақәеи.
Аҟәа. Абҵарамза 28, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. /Алеқсеи Шамба/ Абҵарамза 28, ахәаша имҩаԥысыз атәыла анапхгара аилатәара аҿы зеиҳарак иааиуа ашықәсқәа рзы ареспублика аҿиара астратегиа ҳәаақәызҵо азҵаарақәа жәпакы ирыхәаԥшит.
Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент актәи аԥхьараҿы абиуџьетнҭыҵтәи афондқәа фба рбиуџьетқәа шьақәдырӷәӷәеит.
Аҟәа. Абҵарамза 28, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Жәлар Реизара-Апарламент адепутатцәа актәи аԥхьараҿы абиуџьетнҭыҵтәи афондқәа фба 2026 шықәсазы рбиуџьетқәа шьақәдырӷәӷәеит.
2025 шықәсазы асоциалтә ԥгаԥса Афонд аиҭакрақәа алагалоуп.
Аҟәа. Абҵарамза 28, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Жәлар Реизара-Апарламент актәи аԥхьараҿы «Ареспублика Аԥсны асоциалтә ԥгаԥсеи аџьа ахьчареи Рфонд абиуџьет азы» азакәан аиҭакрақәа аланагалеит.
Афонд абиуџьет аныхтә хәҭа 33 млн. мааҭ рыла иацҵахоит. Уи 265 млн. 475,9 нызықь мааҭ рҟынӡа инаӡалоит.
Аиҭакрақәа ралагалара хазы игоу аныхтә хырхарҭақәа рпараметрқәа ркарректировка ахымԥадатәра иадҳәалахеит.
Иара убас азакәан апроект иазԥхьагәанаҭоит 2025 шықәсазы ажьырныҳәамза 1, 2025 шықәса рзы Афонд аҿы иҟало аԥаратә хархәагақәа рцәынха Афонд абиуџьет адефицит афинансыркра ахыҵхырҭаны алкаара.
Аԥсны арепатриациа Афонд 2025 шықәсазы абиуџьет аиҭакрақәа алагалоуп.
Аҟәа. Абҵарамза 28, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Жәлар Реизара-Апарламент «Ареспублика Аԥсны арепатриациа Афонд 2025 шықәсазы абиуџьет азы» азакәан ахарџьқәа реиҭеизшара азԥхьагәазҭо аиҭакрақәа аланагалеит.
Аиҭеизшара иалҵшәаны:
- аиҟәшеиҵа «Егьырҭ азеиԥшҳәынҭқарратә зҵаарақәа» ала ахарџьқәа Аԥсны атәылауаа иԥсабаратәымкәа ахәыҷы ацәа иаларшәара (ЭКО) апроцедура хәыда-ԥсада амҩаԥгараҿы ацхыраара рыҭаразы аҳәынҭқарратә харџьқәа рфинанстә еиқәыршәаразы 30 млн.мааҭ рҟынтәи 50 млн. мааҭ рҟынӡа ишьҭыхуп;
- аиҟәшеиҵа «Аргылара» ала ахарџьқәа 120 млн. мааҭ рҟынтәи 105 млн. мааҭ рҟынӡа иларҟәуп;
- аиҟәшеиҵа «Асоциалтә политика иадҳәалоу егьырҭ азҵаарақәа» ала ахарџьқәа 15 млн. мааҭ рҟынтәи 10 млн. мааҭ рҟынӡа иларҟәуп.
Аԥсны анхарҭақәа инхарҭатәым астатус ахь риагара ақәиҭымзаара алагалахоит.
Аҟәа. Абҵарамза 28, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Жәлар Реизара-Апарламент адепутатцәа анхарҭатә ҩнқәеи анхарҭатә хыбрақәеи инхарҭатәым астатус ахь риагара уақәиҭызымтәуа аԥҟара шьақәдыргылеит. Уи азы асессиа аилатәара аҩбатәи аԥхьараҿы анхарҭатә еизыҟазаашьақәа ирызку Аԥсны азакәанԥҵаратә шәҟәынҵақәак аиҭакрақәа алагалахеит.
Азакәан апроект адгалара мҩаԥигеит Апарламент адепутат Дмитри Маршьан.
Азакәан апроект анхарҭатә ҩнқәеи анхарҭатә хыбрақәеи инхарҭатәым астатус ахь риагара ақәиҭымзаара азԥхьагәанаҭоит.
«Иарбоу азакәан апроект анхарҭатә ҩнқәеи анхарҭатә хыбрақәеи инхарҭатәым астатус ахь риагаразы Ареспублика Аԥсны Анхарҭатә Закәанеидкылаҿы ишьақәырӷәӷәоу азинқәа цәгьашақә ахархәара алмыршара хықәкыс иҟаҵаны еиқәыршәоуп.
Аԥсны асоциалтә маҵзурақәа рхаҭабзиара ахылаԥшра дырӷәӷәоит.
Аҟәа. Абҵарамза 28, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аминистрцәа Реилазаара аҿы «Ареспублика Аԥсны асоциалтә маҵзурақәа рыла аиқәыршәаҩцәа аҳәынҭқарратә аккредитациа рыҭара Аԥҟара азы» ақәҵара рыдыркылеит.
Аԥсны абиуџьеттә дефицит 2026 шықәсазы 500 млн. мааҭ рҟынӡа инаӡар алшоит.
Аҟәа. Абҵарамза 28, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Жәлар Реизара-Апарламент адепутатцәа актәи аԥхьараҿы «2026 шықәсазы ареслубликатә биуџьет азы» азакәан апроект рыдыркылеит.
Аԥсны жәлар ракзаара Афорум Аизара Ду аҩныҵҟаполитикатә консенсус ахь ааԥхьара ҟанаҵеит.
Аҟәа. Абҵарамза 27, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. /Алеқсеи Шамба/. Абҵарамза 27 рзы Аҟәа ақалақь аҿы имҩаԥысыз ареспубликатә партиа Аԥсны жәлар ракзаара Афорум Аизара Ду аҩныҵҟатәии адәныҟатәии аполитика еиҳа иҵару азҵаарақәа рылацәажәаразы плошьадканы иҟалеит.
Иажәахә аҿы апартиа ахантәаҩы Аслан Барцыц ауаажәларра рыҩныҵҟа агәҭынчымра цәырызго ихадоу х-хырхарҭак дырзааҭгылеит: аполитикатә турбулентра аизҳара, адәныҟаполитикатә амшхәаԥштә ауадаҩхареи атәыла анапхгара аганахьала комплексла азхьаԥшра аҟамзаареи.
Жәлар Реизара-Апарламент апресс-маҵзура: атәыла аҩныҵҟа имҩаԥысуа аполитикатә процессқәа изакәанымкәа рҽалагаларазы изеиԥшразаалак аҽазышәарақәа алмыршазароуп.
Аҟәа. Абҵарамза 27, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Жәлар Реизара-Апарламент адепутатцәа абҵарамза 5 рзы иҟалаз ахҭысқәа рыкәша-мыкәша ишьақәгылаз аҭагылазаашьеи уи иахылҿиаар зылшо ауаажәларра-политикатә ҭагылазаашьа ауадаҩхареи рзы агәҭынчымра аадырԥшуеит.
Аспециалистцәа Кәыдрытәи атоннель аиҭашьақәыргылара иалагеит.
Аҟәа. Абҵарамза 27, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Кәыдрытәи аҩхаа Лаҭа ақыҭа азааигәара иҟоу атоннель аҿы аиҭашьақәыргыларатә усурақәа ирылагеит.
Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба иахьа Шьаҭанкыла аргыларазы Аусбарҭа имҩаԥнаго аиҭашьақәыргыларатә усурақәа рымҩаԥгашьа гәеиҭеит.





