АҾЦӘАЖӘАРА

pressadmin-2

pressadmin-2

Аҟәа.  Абҵарамза 25, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, Аԥсны аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Роберт Кьиут Урыстәыла аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра аделегациа идикылеит.

Аҟәа. Абҵарамза 25, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Апрокурор Хада Адгәыр Агрба Аҟәа ақалақь апрокурор Алхас Агәмаа х-ҩык Урыстәылатәи Афедерациа атәылауаа иаларҵаз арзаҳали иара убас Жәлар Реизара-Апарламент адепутат Кан Кәарҷиа иҟаиҵаз аҳәамҭеи рзы агәаҭара амҩаԥысшьа азы иҟаиҵаз аҳасабырба дазыӡырҩит. Арзаҳалқәа зегьы рыхәаԥшра аусмҩаԥгаратә гәаҭарак аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаԥысуеит.

Аҟәа. Абҵарамза 25, 2025 шықәса. Аԥсныпресс.  Урыстәыла аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра Краснодартәи атәыдаҿацә ала Аусбарҭа Хада Шәача ақалақь аҩныҵҟатәи аусқәа Русбарҭа Аусеилыргаратә усбарҭа гәыԥҩык ауаа заанаҵы еицәажәаны, абџьар ҳасабла ахархәара змаз амаҭәарқәа рыла ацәгьоура руит ҳәа ахҭыс аганахьала аусҭҵаара мҩаԥнагоит. Зганахьала ақәымчра ҟаҵаз ауаа ироуз азарал азеиԥш еицҵалыҵ  — 1млн. 975 нызықь мааҭи ыҟоуп ҳәа аанацҳауеит Шәачатәи АҩАР аҟәша.

Аҟәа. Абҵарамза 25, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. «Аӡышьҭра» аспециалистцәа Аишьцәа Занҭариаа рымҩала иҟоу амҟьаҭ ахыбгалара ахҟьаԥҟьақәа рықәгара иаҿуп.  

Аҳҭнықалақь Ахадара Амуниципалтә Унитартә Наплакы «Аӡышьҭра» анџьныр Мираб Анқәаб иҳаҩсыз амш азы аусуцәа атехника аҭыԥ ахь изланеиуа амҩақәа рырҽеира иаҿын.

Аҟәа. Абҵарамза 27, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны атуризм аминистр Асҭамыр Логәуа Шәача ақалақь аҿы имҩаԥысуаз III атуроператорцәа Жәларбжьаратәи рконгресс ихы алаирхәит. Афорум апленартә еилатәара «Урыстәыла атуристтә џьармыкьа ауадаҩрақәеи аперспективақәеи. Аеффективреи аҿиара афакторқәеи» («Вызовы и перспективы туристского рынка в России. Эффективность и факторы его развития») атема ала имҩаԥысит.

Аҟәа. Абҵарамза 26, 2025 шықәса. Аԥсныпресс /Алеқсеи Шамба/. Р. Гәымба ихьӡ зху Аԥснытәи аҳәынҭқарратә филармониа аҿы Алықьса Чычба ихьӡ зху Аҟәатәи амузыкатә ҵараиурҭа 95-шықәса ахыҵра иазкны имҩаԥысыз аконцерт даара акыр зҵазкуа акы шалаго еиԥш иалагеит: ишьшьыҳәа, имыццакӡо, ихадоу џьара акы аззыԥшра аныԥшуа.  Ауаа азал иҩналон ашьшьыҳәа, араҟа ишьақәгылаз иҷыдоу атмосфера еиԥдырҟьар ҳәа ишәозшәа. Иҭацәу аҭыԥқәа еиҳа-еиҳа имаҷхон, амузыкатә инструментқәа иԥшны игылан адирижиор илаба анапымҩанҵарала «шьҭа иаамҭоуп» ҳәа адырра анрынаҭо ҳәа.

Актәи анота абжьы гаанӡа асцена иаақәлеит аҭоурых. Аекран ду аҿы иаацәырҵит ари аҵараиурҭа раԥхьатәи арҵаҩцәа рфотосахьақәа, аӡәырҩы амузыкантцәа рыррҿиаратә ԥсҭазаараҿы илахьынҵаӡбаганы иҟалаз ари аҵараиурҭа еицырдыруа амардуан.

Аҟәа. Абҵарамза 26, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Имҩаԥысит ахәыҷы изинқәа рыхьчаразы Азинмчы змоу Мактина Џьынџьалԥҳаи атуризм аминистр Асҭамыр Логәуеи реиԥылара. Аиҿцәажәарақәа раан аганқәа ихадоу ҩ-хырхарҭак ирылацәажәеит: атуристтә обиектқәа ршәарҭадара ашьақәыргалареи аибашьратә хҭысқәа ахьымҩаԥысуа арегионқәа рҟынтәи ахәыҷқәа адгылара рыҭареи, ҳәа адырра ҟанаҵоит ахәыҷтәы аомбудсмен Иаппарат.

Атуристтә инфраструктура ашәарҭадара

Амшхәаԥштә зҵаара хаданы иҟалеит атуристтә обиектқәа ршәарҭадара. Аӡбамҭа рыдыркылеит ареспублика раионцыԥхьаӡа ашәарҭадаразы анапхгарабжьаратәи акомиссиақәа раԥҵаразы. Урҭ атуристтә инфраструктура ашәарҭадара анормақәа иыхьынӡарықәшәо азы агәаҭарақәа мҩаԥыргалоит. Ари зегьы аиҳарак ахәыҷқәа зманы ԥсшьараҳәа иаауа рыԥсшьараамҭа иманшәаланы ашәарҭара аҵамкәа имҩаԥысырц аҟаҵара иазырхоуп.

Аҟәа. Абҵарамза 26, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба Аԥсны жәлар  ихадаӡоу аҳәынҭқарратә ныҳәақәа иреиуоу –  Аҳәынҭқарра Аконституциа Амш рыдиныҳәалеит.

Аҟәа. Абҵарамза 26, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент Аиҳабы Ашәба Лаша Аԥсны жәлар Аҳәынҭқарра Аконституциа амш рыдиныҳәалеит.

Адныҳәалара аҿы иаҳәоит:

«Ҳаҭыр зқәу Аԥсны жәлар! Иахьа Аԥсны Аҳәынҭқарра Аконституциа 31 шықәса ахыҵуеит! Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент ахьӡала ишәыдысныҳәалоит ари аныҳәамш!

Ари амш ҳара иаҳгәаланаршәоит ҳәыла аҭоурых аҿы акыр аҵак ду змоу адаҟьа, ҳара иаҳгәалаҳаршәоит ҳҳәынҭқаррара ахыҵхырҭаны игылаз ауаа, абҵарамза 26, 1994 шықәсазы Ареспублика Аԥсны Аконституциа здызкылаз Аԥсны Иреҳаӡоу Асовет ҳаҭырла иаҳгәалаҳаршәоит.  Аконституциа аиқәыршәареи адкылареи иадҳәалаз апроцесс аҿы Владислав Григори-иԥа Арӡынба инаигӡаз ароль ахә ашьара уадаҩуп.

Аҟәа. Абҵарамза 26, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Иахьа, абҵарамза 26 – Аԥсны Аконституциа Амш азгәарҭоит.

Атәыла ихадоу азакәан 1994 шықәса, абҵара 26 рзы Аԥсны Аҳәынҭқарра Иреиҳаӡоу Асовет аилатәара 12-тәи ааԥхьара иаднакылеит, 1999 шықәса жьҭаарамза 3 рзы жәларзегьтәи бжьыҭиирала иақәшаҳаҭхеит, 1999 шықәса жьҭаарамза 3 рзы жәларзегьтәи абжьыҭиира (ареферендум) аан ирыдыркылаз аԥсахра алагаланы.

«Ҳарҭ, Аԥсныжәлар, ҳхатәҳәаақәҵаратә зин аԥсҭазаара иаларҵәо, жәлары зегьы рзы насыԥла аԥсҭазаареи аҩнуҵҟатә гәҭынчреи ҳарзықәԥо, ауаҩытәыҩса изинқәеи, ихақәиҭрақәеи, ауаажәларратә ҳәоуеиқәшәареи шьақәырӷәӷәо, гәеизҳарала ирылаҳҳәоит, егьышьақәҳаргылоит Аԥсны Аҳәынҭқарра Аконституциа», - абас иаҳәоит Аконституциа алагамҭа аҿы.

Аԥсны Аҳәынҭқарра Аконституциа ауаҩытәыҩса изинқәеи, ихақәиҭрақәеи, ауаажәларратә ҳәоуеиқәшәареи шьақәырӷәӷәо, амчра аусбарҭақәа аструктуреи азинмчи ҳәаақәызҵо  аҳәынҭқарра аполитикатә шьақәгылареи азинтә системеи уасхырс ирымоу ихадоу азакәан ауп.

1994 шықәсазы ирыдыркылаз Ареспублика Аԥсны Аконституциа аформеи аҵаки рыла Аԥсны асовет аамҭазы ирыдыркылоз аконституциатәә актқәа акыр иреиԥшымхеит. Уаҟа иаарԥшхеит аконституциатә зин аҿиара адунеизегьтәи атенденциақәа. Аконституциа  адемократиатәии азинтәи аҳәынҭқарра апринципқәеи аҵакы хадақәеи аныԥшуеит. Ихадоу азакәан быжь-хык рыла иҟоу апреамбала ала ишьақәгылоуп:

Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.