АҾЦӘАЖӘАРА

pressadmin-2

pressadmin-2

Аҟәа. Хәажәкырамза 5, 2025 шықәса. Аԥсныпресс.   Урыстәылатәи Афедерациа Ахада Владимир Путин хәажәкырамза 5 рзы  Кремль диԥылараны дыҟоуп Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахадас иалырхыз Бадра Гәынба.

Аҟәа. Хәажәкырамза 5, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны аҵара Аминистрра Урыстәылатәи апрезиденттә грантқәа Рфонд ацхыраарала агрант агаразы аконкурс амҩаԥгара рыланаҳәоит. Абри азы Урыстәылатәи Афедерациа аҵара Аминистрра апресс-центр аҿы имҩаԥгаз аинтервиу аҿы адырра ҟаиҵеит Аԥсны аҵара аминистр инапынҵақәа назыгӡо Инал Габлиа.

Иара инаҵшьны иазгәеиҭеит аԥснытәи ашколқәа рҿы ароботтә техникеи  аԥырҩы дзықәтәам аппаратқәа рыеиқәыршәареи рзы аклассқәа раартра, аԥсабараҭҵаара ахырхарҭа змоу аҵаратә кабинетқәа раартра, иара убас ацифратә рҿиара азы иманшәалоу аҭагылазаашьақәа раԥҵара азы азԥхьагәаҭарақәа шыҟоу, уи азы Аԥсни Урыстәылеи рҵара Аминистррақәа акыр аамҭа зҵазкуа апрогрмма шеиқәдыршәаз.

Жәабрамза 26 рзы Ареспублика Аԥсны аҵара аминистр Инал Габлиеи Урыстәылатәи Афедерациа аҵара аминистр Сергеи Кравцови аусеицуразы амеморандум рнапы аҵарҩит, иара убас  2025 шықәсазы аҩганктәи аусмҩаԥгатәқәа рыплан шьақәдырӷәӷәеит.

Ҩ-тәылак рыбжьара аусеицура ихадоу абарҭ ахырхарҭақәа амҽханаклоит: арҵаҩцәа разыҟаҵара, ашколқәа ҳаамҭа иқәшәо амаругақәа рыла реиқәыршәара, арҵаҩцәа аԥышәеимадара рыбжьаҵареи аҵарадырратә усхкы арҿиареи.  

Аҟәа. Хәажәкырамза 5, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Очамчыра ақалақь аҿы Аԥсны Аҳәынҭқарра Актәи Ахада Владислав Арӡынба игәалашәара иазкны имҩаԥысит  карате кекусинкаи IFK (кумите) азы VII Жәларбжьаратәи атурнир «Ochamchira Open Cup», ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны аҿари аспорти русқәа рзы аҳәынҭқарратә Еилакы.

Аицлабрақәа рхы аладырхәит ф-командак:  Аԥсны кекусинкаа Афедерациа аҟәатәи аҟәша (кумите акоманда), Очамчыра ақалақь (аклуб «Абраскьыл»), Агәыӡера аҳабла (аклуб «Лидер»), Афон Ҿыц, Ҟрым, Чувашиа  рҟынтәи 125-ҩык аспортсменцәа.

Атурнир мҩаԥысуан 6-7,  8-9, иара убас 10-11 шықәса зхыҵуа аҷкәынцәеи аӡӷабцәеи рыбжьара, 12-13, 14-15 шықәса зхыҵуа арԥарцәеи аҭыԥҳацәеи рыбжьара,  16-17шықәса зхыҵуа аиуриорцәа рыбжьара.

Аҟәа. Хәажәкырамза 4, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Хәажәкырамза 4 рзы имҩаԥысыз  аекономикатә политикеи ареформақәеи аинформациатә технологиақәеи рзы апарламенттә еилатәара аҿы абарҭ азакәан апроектқәа хԥа ирыхәаԥшит: «Ареспублика Аԥсны имаҷууи ибжьаратәуи аусдкылара аҿиара азы», «Аахәарақәа рзы», Аҳәынҭқарра-хазхаҭалатәи аилахәылара азы».

Аилатәара мҩаԥигон апарламенттә Еилакы ахантәаҩы, адепутат  Резо Занҭариа.

Аҟәа. Хәажәкырамза 4, 2025 шықәса. Аԥсныпресс.  15 шықәса раԥхьа, хәажәкырамза 4, 2010 шықәса рзы акыраамҭа ихьуаз ачымазара иахҟьаны иԥсҭазаара далҵит иналукааша аҳәынҭқарратәии аполитикатәи аусзуҩ, ҳаамҭазтәи аԥсуа ҳәынҭқарра ашьаҭаркҩы, аҵарауаҩ ду-мрагылараҭҵааҩы, Ареспублика Аԥсны Актәи Ахада Владислав Григори-иԥа Арӡынба. 

Аҟәа. Хәажәкырамза 4, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Жәларбжьаратәи Аҳәса Рымшныҳәа аламҭалазы партиа дула амимоза, мамзаргьы даҽакала иуҳәазар араӡны лакациа Аԥснынтәи Урыстәылаҟа аиагара иалагеит.

Ганрацәалатәи амашьынатә аушьҭра-гәаҭаратә Ҭыԥ аҳазалхратә ԥыԥшырҭа Адлер агәаҭара иахысит 350 тонна инарзынаԥшуа ихьыԥшшәылоу ашәҭшьыҵәрақәа.  

Аҵыхәтәантәи амшқәа рзы Урыстәылаҟа ииагахеит 50 тонна инарзынаԥшуа ашәҭқәа.

Иахьазы ашәҭтә аалыҵ аиагара амҽхак иҳаҩсыз ашықәс арбагақәа 100 тоннак рыла иреиҳахеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Урыстәылатәи Афедерациа Афедералтә Ҳазалхратә Маҵзура Аладатәи аҳазалхратә Усбарҭа апресс-маҵзура.

Сынтәа заанаҵы ишьақәгылаз аԥхаррақәа  ашәҭ сезон заанаҵы алагара иацхрааит, уи хацыркхеит ажьырныҳәамза алагамҭазы. Аусдкылаҩцәа амимоза Краснодар, Ростов-на Дону, Москва, уҳәа ақалақьқәа рахь иргоит.  Атәылауаа анапылеидара ала рхатә ҭаххрақәа рзы ахәаахәҭразы ашәҭқәа Урыстәылаҟа ииаргоит.

Аҟәа. Хәажәкырамза 4, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аенергетикатә усхкы аҿы аҭагылазаашьа шыуадаҩыц иаанхоит, Џьуартәи аӡеизакырҭаҿы аӡы амаҷрагьы налаҵаны, ҳәа хәажәкырамза  3 рзы Аминистрцәа Реилазаара аҿы Аҳәынҭқарра Ахада инапынҵақәа назыгӡо Бадра Гәынба ихантәаҩрала имҩаԥысыз аусуратә еилатәара аҿы адырра ҟаиҵеит аԥыза-министр актәи ихаҭыԥуаҩ инапынҵақәа назыгӡо Џьансыхә Нанба.

«Џьуартәи аӡеизакырҭа аҿы аӡы амаӡра иадҳәалоу аҭагылазаашьа шыуадаҩыц иаанхоит. Уи инамаданы ҳара хықәкы хадас иҳамоу аамҭа-аамҭала алашара арцәара аԥырҟәҟәаара ауп. Шәара Урыстәылатәи Афедерациа аҿы имҩаԥыжәгаз аиҿцәажәарақәа ирылҵшәаны ҳара иацы урыстәылатәи ҳколлегацәа рҟынтәи аҭагылазаашьа даҽазныкгьы ишахәаԥшхо, Урыстәыла Аԥсны афымцамч аашьҭра амҽхак аизырҳаразы иназыцҵоу ацхыраара ҟанаҵар шалшо азы адырра ҳауит», – ҳәа иҳәеит Џьансыхә Нанба.

Уи иажәақәа рыла иҟоу аҭагылазаашьа инақәыршәаны алашара аамҭа-аамҭала арцәара аламгалакәан ԥхьаҟа ацара азы ашьаҿақәеи ауснагӡатәқәеи ҟаҵоуп.

«Иахьа ҳара иаҳҳәар ҳалшоит, иҟаҵоу ашьаҿақәеи ауснагӡатәқәеи рыла, иҟоу аҭагылазаашьа инақәыршәаны алашара аамҭа-аамҭала арцәара аламгалакәан ԥхьаҟа ацара», — ҳәа иазгәеиҭеит Џьансыхә Нанба.

Аҟәа. Хәажәкырамза 4, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аҳәынҭқарра Ахада инапынҵақәа назыгӡо Бадра Гәынба Владислав Арӡынба 80 шықәса ихыҵра азгәаҭара инамаданы аҳәынҭқарратә комиссиа аԥҵаразы адҵа инапы аҵаиҩит.

Аԥсны Аҳәынҭқарра Актәи  Ахада лаҵарамза 14 рзы иира Амш азгәаҭара иазку аусмҩаԥгатәқәа рзы аҳәынҭқарратә комиссиа аԥҵахоит.

Аҟәа. Хәажәкырамза 4, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Иахьа Аԥсны Аҩбатәи Ахада Сергеи Багаԥшь иԥсы ҭазҭгьы 76 шықәса ихыҵуан.

Аԥсны Аҩбатәи ахада иира Амш аҽны атәыла анапхгара Очамчыра араион Џьгьарда ақыҭа иаҭааит, Сергеи Багаԥшь анышә дахьамадоу ашәҭ шьыҵәрақәа шьҭарҵеит.

Аҟәа. Хәажәкырамза 4, 2025. Апсныпресс. Хәажәкырамза 4, 1949 шықәсазы рзы диит Аԥсны Аҳәынҭқарра Аҩбатәи Ахада (2005-2011 шш.),  зыуаҩреи зқьиареи ҳаракыз, зыԥсадгьыл аизырҳара, арҿиара еснагь иашьҭаз, Аԥсны ахьыԥшымра азхаҵара иасимволхаз Сергеи Уасил-иԥа Багаԥшь.

Иахьа иԥсы ҭазҭгьы Сергеи Уасил-иԥа Багаԥшь ихыҵуазаарын 76 шықәса.

Сергеи Уасил-иԥа Багаԥшь диит хәажәкырамза  4,1949 шықәса рзы Аҟәа ақалақь аҿы. 10 тәи Ашьхарыуаа рышкол даналга ашьҭахь дҭалоит Қарҭтәи ақыҭанхаҩтә асубтропикатә институт аограном изанааҭ ала. Уи аҵара бзианы иҵон, убри инамаданы аԥхьа аусгьы иуан аҩыҟаҵарҭатә завод аҿы. Нас аус иуан аҳәынҭқарратә банкаҿ инкосатырс. Иара истудентә ԥсҭазаараҿы бзиа ибон аспорт, амҵәышәмпыл асразы Аԥсны еидкылоу акоманда акапитанс дыҟан.

Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.