«Аԥсны ашәарҭара ианҭагылаз бџьаршьҭыхла уашьцәа урывагылан уԥсадгьыл ухьчон, агәра ганы сыҟоуп Афедерациа анапхгараҿы аихьӡара дуқәа шааурԥшуа», - ҳәа азгәеиҭеит Гәынба Бадра.
Аԥсны Ахада аҭел дылзасит иара убас Афедерациа анапхгарахь зкандидатура ықәгылаз Елиф Таԥшьԥҳа (Маршьанԥҳа).
Бадра Гәынба уи ҭабуп ҳәа леиҳәеит аусуразы, иазгәеиҭеит ара иаиааизи иаҵахази шыҟам.
«Аԥсны инхогьы Ҭырқәтәылеи егьырҭ атәылақәеи рҿы инхо ҳџьынџьуаагьы - зегьы жәларык ҳауп, ҳажәҩахыр еибыҭаны аус еицаҳауроуп ҳҳәынҭқарра аҿиареи, ҳбызшәеи ҳмилаҭтә хаҿра аиқәырхареи рус аҟны», - иҳәеит Гәынба Бадра.
Аҳәынҭқарра Ахада Афедерациа Ахада ҿыц Аҭрышба Иаузи Елиф Таԥшьԥҳаи (Маршьанԥҳа) Аԥсныҟа ааԥхьара риҭеит.






