АЖӘАБЖЬҚӘА

23.Абҵара.2025

Басла ақыҭа Ахадара ԥыхьатәи ахыбра ахыб аԥсахра иадҳәалаз аиҭашьақәыргыларатә усурақәа хыркәшахеит.

Аҟәа. Абҵарамза 23, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аҟәа араион Басла ақыҭа Ахадара ԥыхьатәи ахыбра ахыб аԥсахра иадҳәалаз аиҭашьақәыргыларатә усурақәа хыркәшахеит.

Ари ахыбраҿы иҿыцу ахәыҷбаҳча аартра ргәы иҭоуп, изабан акәзар араион аҿы ашколнӡатәи аусбарҭақәа разымхара ӷәӷәала ианыԥшуеит. Убри инамаданы, атәыла анапхгара ари ахыбра еиҭашьақәыргыланы  ахәыҷбаҳча аартразы аӡбамҭа аднакылеит. Ахыбраҿы иажәыз ахыб ықәганы шьаҭанкыла амаркацқәа зегьы рыԥсахит, зымҽхак 598 ԥшьыркца метр рҟынӡа инаӡо ахыб ҿыц ықәырҵеит.

Аусурақәа иазԥхьагәаҭаз аҽҳәарақәа ирҭагӡаны иахәҭоу анормақәа зегьы ирықәшәо инагӡоуп. Аиҭашьақәыргыларатә усурақәа рынагӡашьа  иааиԥмырҟьаӡакәа ахылаԥшра арҭон Шьаҭанкыла аргыларазы Аусбарҭа аспециалистцәа.


Read 169 times - Ашәахьа, 24 Абҵара 2025 14:34
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.