
pressadmin-2
Валери Бганба амчратә структурақәа рнапхгаҩцәа алархәны аусуратә еилатәара мҩаԥигеит.
Аҟәа. Жәабранмза 25, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Валери Бганба амчратә структурақәа рнапхгаҩцәа алархәны аусуратә еилатәара мҩаԥигеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аҳәынҭқарра Ахада ипресс-маҵзура.
Аилатәра иалахәыз Аҳәынҭқарра Ахада иалхрақәа аҩбатәи атур амҩаԥгара иадҳәалоу азҵаарақәа жәпкы ирылацәажәеит.
Валери Бганба алхрақәа актәи атур аҿы аҩбжьыҭираан еиԥшҵәҟьа иҭышәынтәаланы имҩаԥыслоуп Аҳәынҭқарра Ахада инапынҵақәа назыгӡо Алхратә комиссиа Хада ахьчара арӷәӷәара азы адҵа ҟаиҵеит.
Атәыла аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Роберт Киут Алхратә комиссиа Хадеи алхратә ҭыԥхадақәеи алхратә ҭыԥқәеи рҿы ахьчара рӷәӷәахоит ҳәа адырра ҟаиҵеит.
Аԥсуа жәлар ринструментқәа роркестр XIV афестиваль «АПХЬАРЦА – 2025» мҩаԥгахоит жәабранмза 27 рзы.
Аҟәа. Жәабранмза 25, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Жәабранмза 27 рзы И. Кортуа ихьӡ зху жәлар рҟазара Ареспубликатә центр имҩаԥнагоит аԥсуа жәлар ринструментқәа роркестр XIV Ареспубликатә фестиваль «Апхьарца». Афестиваль мҩаԥгахоит Р. Гәымба ихьӡ зху афилармониа аҿы.
Апроект автори аиҿкааҩи - И. Кортуа ихьӡ зху жәлар рҟазара Ареспубликатә центр адиректор, Аԥсны зҽаԥсазтәыз акультура аусзуҩ Нури Кәарҷиа.
Едуард Быҭәба Аҟәа араион аҿы адиспансеризациа амҩаԥысшьа гәеиҭеит.
Аҟәа. Жәабранмза 25, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Агәабзиарахьчара аминистр инапынҵақәа назыгӡо Едуард Быҭәба Аҟәа арион аҿы адиспансеризациа шымҩаԥысуа гәеиҭеит. Агәабзиарахьчара аминистр даҭааит Ешыратәи абжьаратә школ, араҟа аус руеит Воронеж аҟынтәи иааз аҳақьымцәа. Ари Урыстәылатәи Афедерациа аҟынтәи иааны Ареспублика Аԥсны ашколхәыҷқәа рдиспансеризациа мҩаԥызго аҳақьымцәа аԥшьбатәи агәыԥ ауп.
Аҟәатәи аҳаирбаӷәаза аҳаипланқәа рыртәара азы аинструменталтә система ILS 2700 ала еиқәдыршәеит.
Аҟәа. Жәабранмза 24, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аҳәынҭқарратә корпорациа Ростех Аилазаара «Азимут» Аҟәатәи аҳаирбаӷәаза аҳаипланқәа рыртәара азы аинструменталтә система ILS 2700 ала еиқәнаршәеит. Абри азы адырра ҟанаҵоит Ростех-медиа.
Ишьақәыргылахо егьырҭ урыстәылатәи аиқәыршәагақәа рыла иааизакны уи Аԥснытәи аҳаирбаӷәаза еиуеиԥшым акатегориақәа ирыҵанакуа аҳаипланқәа рыдкылара алнаршоит. Адгьылтәии ачарҭтәии атехникатә радиоеиқәыршәагақәа иаку ркомплекс акритикатә згәаҭарада адкылара-тәаратә ԥышәарақәеи аԥырратә гәаҭареи ирхысит.
Аҳаипланқәа рыртәара азы аинструменталтә система ILS 2700 ала аҳаирплан ачарҭ ахь инашьҭхоит аҵԥраара-тәарҭатә цәаҳәа аҟынтәи анаскьагара, атәараан акурс аҟынтәи анаскьареи аглиссадеи рзы аинформациа.
Аҳаирбаӷәаза аспециалистцәа автоматизациа зызу русуратә ҭыԥ аҟынтәи акомандаҟаҵара-диспетчерстә пункт аҿы асистема ILS 2700 адгьылтә радиоакрақәа адистанциала анапхгараҭара аиҭалар ауеит, иара убас адиагностика амҩаԥгара илшоит. Аппаратура зегьы арезерв амоуп, уи акомпонентқәа иԥхасҭахаз автоматтә режим ала иаԥсахуеит. Ҭыԥ-ҭыԥла иҟалар зылшо аиԥҟьарақәа акомплекс зегьы џьара акала анырра анаҭо иҟаӡам. Аҳаипланқәа рыртәара азы аинструменталтә система ILS 2700 ихадоу апараметрқәеи атехникатә ҟазшьарбагақәеи ICAO анормақәа зегьы ирықәшәоит.
Едуард Быҭәба Аҳәынҭқарра Ахада инапынҵақәа назыгӡо Валери Бганба Урыстәылатәи Афедерациа агәабзиарахьчара аминистр иаара азы заанаҵы адырра ииҭеит.
Аҟәа. Жәабранмза 24, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны ауааԥсыра рзы ателемедиатә консултациақәа рымҩаԥгара алагара азы аиқәшаҳаҭра бжьаҵан аполитикатә усзуҩ Бадра Гәынбеи Урыстәыла агәабзиарахьчара аминистр Михаил Мурашкои Москва имҩаԥысыз реиԥылара аҿы, ҳәа адырра ҟанаҵоит Урыстәылатәи Афедерациа агәабзиарахьчара аминистрра а-Telegram-канал.
Урыстәылатәи Афедерациа агәабзиарахьчара аминистр Михаил Мурашко Аԥсныҟа иусуратә ҭаара аҳәаақәа ирҭагӡаны жәабранмза 20 рзы Аҟәа ақалақь Ареспубликатә хәышәтәырҭа аҿы иаатыз ателемедицинатә центр, иара убас Ареспубликатә хәыҷтәы хәышәтәырҭа аргылара ахьымҩаԥысуа аҭыԥ даҭааит.
Адгәыр Арӡынба иштаб ахаҭарнакцәа Алхратә комисссиа Хада ахь инаргеит жәабранмза 15 рзы имҩаԥысыз алхрақәа раан ишьақәыргылаз аилагарақәа рсиа.
Аҟәа. Жәабранмза 24, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Иахьа Алхратә комиссиа Хада ахыбра аҿаԥхьа Аҳәынҭқарра ахадарахь акандидат Адгәыр Арӡынба идгылаҩцәа еизеит. Урҭ жәабранмза 15 рзы аҳәынҭқарра иалхрақәа рымҩаԥгараан хыԥхьаӡара рацәала аилагарақәа ҟаҵан ҳәа аҳәамҭа ҟарҵоит.
Адгәыр Арӡынба иалхратә штаб алахәылацәа Алхратә комиссиа Хада ахь инеины АКХ алахәылацәа ирыдыргалеит дара иаадырԥшыз аилагарақәа рсиа.
Алхратә комиссиа Хада алахәылацәеи дареи реиҿцәажәара ашьҭахь Леонид Чамагәуа еизаз ажурналистцәа рҿаԥхьа дықәгыло иҳәеит:
Алхратә комиссиа Хада аҳәынҭқарратә мчра аусбарҭақәа рахь алхратә закәанԥҵара хьаҳә-хьачарада инарыгӡаларц азы ааԥхьара ҟанаҵоит.
Аҟәа. Жәабранмза 24, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Жәабранмза 23 рзы имҩаԥысит Аԥсны агәабзиарахьчара аминистр инапынҵақәа назыгӡо Едуард Быҭәбеи Урыстәылатәи Афедерациа агәабзиарахьчара аминистр Михаил Мурашкои реиԥылара, уи ихы алаирхәит Аҳәынҭқрра ахадарахь акандидат Бадра Гәынбагьы.
Алхратә комиссиа Хада аус зуо агәабзиарахьчара аминистр инапынҵақәа назыгӡо ас еиԥш иҟоу иԥылара акандидат идгылара аазырԥшуа агитациатә усура аҳасабала иахәаԥшуеит, уи алхратә закәанԥҵара еиланагоит ҳәа иазгәанаҭоит.
Аҳәынҭқарра ахадарахь акандидатцәа жәабранмза 27 рзы Аԥсуа телехәаԥшраҿы ишиашо ицо аефир ала еиҿкаахо ателедебадқәа рхы рыладырхәуеит.
Аҟәа. Жәабранмза 24, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Алхратә комиссиа Хада Аҳәынҭқарра ахадарахь акандидатцәа аҳәынҭқарратә телехәаԥшра аҿы ирзоужьхо аефиртә аамҭа аформат шьақәнарӷәӷәеит.
Аҳәынҭқарра ахадарахь акандидатцәа жәабранмза 27, 2025 шықәса рзы Аҳәынҭқарратә телехәаԥшра аҿы ирыҭахоит ҩ-сааҭки бжаки аефиртә амҭа. Аефир алагара аамҭа – асааҭ 21:00 рзы.
Аефир 5 блок рыла ишьақәгылоит:
Дмитри Маршьан: Алхратә комиссиа Хада азинмчы аҳәаақәа ирҭагӡаны иалшо зегьы ҟанаҵоит.
Аҟәа. Жәабранмза 24, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Иахьа, жәабранмза 24 рзы имҩаԥысит Алхратә комиссиа Хада аилатәара. Уи анхыркәшаха ашьҭахь, Ахратә комиссиа Хада ахантәаҩы Дмитри Маршьан ажурналистцәа рзы абрифинг мҩаԥигеит.
«Ԥшьымш аанхеит Аҳәынҭқарра Ахада иалхрақәа аҩбатәи атур амҩаԥгара амш аҟынӡа. Ҳара изныкымкәа акандидатцәа рыштабқәа, Аҳәынҭқарра ахадарахь акандидатцәа, Аҳәынҭқарра ахадарахь акандидатцәа рхаҭыԥуаҩрахь акандидатцәа рахь алхратә закәанԥҵара аилагара шыҟамло азы ааԥхьара ҟаҵо ҳақәгылахьеит. Ҳара уи азы Аҳәынҭқаррахь аканддидатцәа реиԥылара, реиҿцәажәара, рыбжьара аиқәшаҳаҭра абжьаҵара азы аԥшьгара ҟаҳҵеит. Агәра шәсыргоит Алхратә комиссиа Хада алахәылацәа зегьы рзинмчы аҳәаақәа ирҭагӡаны ирылшо зегьы шыҟарҵо», – ҳәа иҳәеит Дмитри Маршьан.
Валери Бганба «Аиааира Адәыӷба» даҭааит.
Аҟәа. Жәабранмза 24, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аҳәынҭқарра Ахада инапынҵақәа назыгӡо Валери Бганба атәыла анапхгара алахәылацәа ицны Аџьынџьтәылатәи еибашьра Дуӡӡа аҿы Аиааира агара Амш 80-шықәса ахыҵра азгәаҭара иазкны жәабранмза 23 рзы Аҟәаҟа иааз акәырҷыжьқәа ирықәгылоу еиҭаҵуа аинтерактивтә музеи «Аиаира Адәычба» даҭааит.