АЖӘАБЖЬҚӘА

14.Абҵара.2025

Аерманцәа ркультуреи рыбзазареи рфестиваль «Амшен» мҩаԥыргеит Очамчыра араион Аракьыҽы ақыҭан.

Аҟәа. Абҵарамза 14, 2025 шықәса. Аԥсныпресс.  Аԥснытәи аерманцәа Рхеидкыла есышықәса еиҿнакаауа афестиваль «Амшен» сынтәа Очамчыра араион Аракьыҽы ақыҭан имҩаԥысит.

Афестиваль иаҭааит Аҳәынҭқарра Ахада Ихаҭыԥуаҩ Беслан Бигәаа, Аҟәа ақалақь ахада Ҭемыр Агрба, атәыла Анапхгара алахәылацәа, Жәлар Реизара-Апарламент адепутатцәа.  

Астендқәа рҟны ицәырган досу рқыҭақәа рҟынтәи сынтәатәи рҽаҩра, рмилаҭтә чысхкқәа, иара убас абзазаратә маҭәахәқәеи анапкымҭақәеи. Афестиваль аҿы ицәырган Аҟәа ақалақьи, Аҟәатәи, Гагратәи, Гәдоуҭатәи, Очамчыратәи, Гәылрыԥшьтәи араионқәа рҟынтәи адиаспорақәа рстендқәа, иара убас Ахәаахәҭра-ааглыхратә Палата аделегациа астендгьы. Хазы игоу астенд цәырыргеит Аԥсны иҟоу урыстәылатәи аиџьынџьуаа реиҿкаарақәа Ркоординациатә Хеилак.

Очамчыра араион ахада Алхас Кациа Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба ихьӡала адныҳәаларатә цҳамҭа даԥхьеит.

Адныҳәалараҟны, ҷыдала, иҳәоуп:

«Ҳаҭыр зқәу ҳауаажәлар, аерман еидгылара ахаҭарнакцәа, асасцәа!

Есышықәса Аԥсны аерман еидгылара имҩаԥнаго Амшен аныҳәа традициа бзианы, бзиа ирбо жәлар рныҳәаҵас иҟалеит. Уи аиҩызара, аҳаҭыреиқәҵара, милаҭрацәалатәи Аԥсны жәлар ракзаара иасимволны иҟалеит.

Акымкәа аерманқәа рабиԥарақәа ҳара ҳадгьыл аҿы инхоижьҭеи акрааҵуеит. Урҭ Аԥсны ԥсадгьылс ирзыҟалеит. Аҵак ду аман есқьынгьы аерман еидгылара алагаламҭа ҳреспублика аҿиараҿы.

Хашҭшьа амаӡам Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан ҳаԥсадгьыл ахьчаҩцәа ирывагыланы иқәԥоз амаршал Баграмиан ихьӡ зху аерман баталион. Урҭ рфырхаҵара, иаадырԥшыз ахачҳара, ахамеигӡара ҳзеиԥш ҭоурых  иазынхоит наунагӡа. Иҭахаз афырхацәа рыхьӡ кашәара ақәӡам.  

Иахьа Алик Минасиан дызхагылоу аерман еидгылара ҳреспублика аԥсҭазаара активла иалахәуп, аԥшьгара бзиақәа ирыдгылоит, ауаажәларра рыҩныҵҟа амилаҭбжьаратә ҳәоуеиқәшәара арӷәӷәара иацхраауеит. Урҭ рааԥсареи Аԥсны разыҟазаашьеи аҳаҭырқәҵара ду иаԥсоуп.

Акыр иаԥсоу аҩызцәа!

Аныҳәа Амшен аԥхьаҟагьы агәылеимабзиареи акзаареи ирсимволзааит. Ҩнаҭацыԥхьаӡа иагымзааит аҭынчра, ахирра, аҳәоуеиқәшәара.

Аԥсны иқәынхо ауааԥсыра зегьы ирзеиӷьасшьоит аҭынчра, аизҳазыӷьара, анасыԥ!  

Иеизҳазыӷьалааит милаҭрацәала еилоу ҳреспублика аԥхьаҟатәи абиԥарақәа рԥеиԥш бзиа ахьӡала!

Ҽаанбзиала шәнеилааит, акыр иаԥсоу аҩызцәа!»

Афестиваль апрограмма аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаԥысит амилаҭтә чысқәа ргьама абара, абзазаратә маҭәахәқәеи анапкымҭақәеи рцәыргақәҵа, Аԥсни Урыстәылеи еицырдыруа артистцәеи арҿиаратә гәыԥқәеи рықәгыларақәа. Ҷыдала ахәыҷқәа рзы анимациатә программеи афеиерверки еиҿкаан.  

Аконцерт Аԥсны Аҳәынҭқарра агимн арҳәарала иалагеит. Уи рхы алыдырхәит анагӡаҩцәа Рима Папоиан, Ильда Кәычбериа, Аида Маланӡиа, Славво, Гранто, Рафаель Акопиан, Нораир Бахиџьиан, Сурен Валерџьиан, адиџьеи Shiri_tali.

Аныҳәаҿы иара убас иқәгылеит ансамбль «Hayas», агәыԥ «Амшен», ахореографиатә  ансамбль «Azat», авокально-инструменталтә ансамбль «Гәында», агәыԥқәа «Blizkey», «Adoul_accordion», ашоу-гәыԥ «Кавказ», жәлар рыкәашара ансамбль «Станица», амузыкатә коллектив «Araks», уҳәа убас  егьырҭгьы.  

Аныҳәаҿы асасцәа ргьамақәа рбар рылшон еиуеиԥшым аерман чысхкқәа. Ирыдыргалоз ачысхкқәа рҟынтәи иалукаар алшоит аиока –згьама ҟаимаҭу агәлаҵа змоу акәакәарҟьаԥсқәа, долма ҳәа – изышьҭоу акәаци абрыџьи ажь абӷьы илаҳәаны, бастурма ҳәа изышьҭоу —ирҩоу акәац архаагақәа рацәаны алаԥсаны, иара убас суџьук  ҳәа изышьҭоу — зыфҩы лаҳалаҳауа аҩнытә ҭубарқәа, аҵәы иахаҵаны иӡыз ауасажьы, арҵәы хкы-хкыла, еиуеиԥшым ашәыр, уҳәа убас ирацәаны.

Аԥсныпресс акорреспондент асасцәа иреиуаз џьоукы афестиваль ишахәаԥшуа атәы еиҭарҳәарц дрыҳәеит.

Жәлар Реизара-Апарламент адепутат Ерик Рштуни «Амшен» – ари амшентәи аерманцәа традициала иазгәарҭо, ҭагалани ибеиоу аҽаҩреи абарақьаҭреи рныҳәоуп ҳәа иазгәеиҭеит.  

«Ҳара даара ҳаигәырӷьоит ара иахьа хыԥхьаӡара рацәала асасцәа рбара», – ҳәа иҳәеит иара, ас еиԥш иҟоу аныҳәатә усмҩаԥгатә есышықәса имҩаԥыргоит, уи Аԥсны ауааԥсыра рыбжьара еиҳа-еиҳа апопулиарра азҳауеит ҳәагьы нациҵеит.  

Атеатри акинои рактиор Руслан Шьакаиа афестиваль аҿы аерманцәа ахьынхо Аԥсны ақалақьқәа Гагра, Гәдоуҭа, Аҟәа, Очамчыра астедқәа ыҟоуп ҳәа иазгәеиҭеит.

Аԥсны Ахәаахәҭра-ааглыхратә Палата апрезидент ихаҭыԥуаҩ Лана Кьиут Ахәаахәҭра-ааглыхратә Палата есышықәса аныҳәа «Амшен» ишалаху атәы лҳәеит.

«Ҳара ҳастенд амилаҭтә стиль ала ирхиоуп, араҟагьы ицәыргақәҵоуп итрадициатәу амилаҭтә чысхқәа. Ари аныҳәа есышықәса хыԥхьаӡара рацәала аҭааҩцәа аднаԥхьалоит», - ҳәа илҳәеит лара.

 

 

 

 

 


Read 15 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.