АЖӘАБЖЬҚӘА

13.Абҵара.2025

Олег Барцыц: Қырҭтәыла арегион аҿы иҟоу аиҭакра ҿыцқәа ҳаамҭазтәи иҟаҵәҟьоу аҵабыргқәа разхьамԥшразы аҽазышәарақәа лҵшәадахоит.

Аҟәа. Абҵарамза 13, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Женева ихыркәшахеит  Кавказнҭыҵ ашәарҭадареи аҭышәынтәалареи ирызку Жәларбжьаратәи аиҿцәажәарақәа 65-тәи рраунд. Адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыц напхгара зиҭоз аделегациа аилазаараҿы иҟан адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Одиссеи Бигәаа, адәныҟатәи аусқәа рминистрра аусзуҩцәа Лаша Аҩӡба, Артур Гагәылиа.

Аиҿцәажәарақәа аҩбатәи рымш аусура дахцәажәо аԥснытәи аделегациа ахадараҿы иҟаз  адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыц иҳәеит:

«Ареспублика Аԥсны аделегациа Еиду Амилаҭқәа Реиҿкаара, Европатәи атәылақәа Реидгыла, Европатәи атәылақәа Реидгыла Ашәарҭадара Ахеилак рҟынтәи ацхынтәаҩцәеи, иара убас адискуссиақәа ирылахәыз зегьи рҟынӡа  ҳпозициа аартны, инақәырӷәӷәаны иаҳҳәеит. Ҳрылацәажәеит акыр шықәса рыҩныҵҟа арегион аҿы иҟоу аҭагылазаашьақәа. Иҟоуп ихьыԥшым аҳәынҭқаррақәа: Аԥсны Аҳәынҭқарра, Аахыҵ Уаԥстәылатәи Ареспублика. Уи азхаҵатәуп – мрагыларатәи ҳгәылацәа иргәаԥха-иргәамԥха. Урыстәыла адгылара абзоурала, ҳара ҳхатәы ҳәынҭқарратә проект шьақәҳаргылоит, уи анагӡара, арӷәӷәара ҳаҿуп, ари ҳаамҭазтәи иҟаҵәҟьоу аҵабыргқәа иреиуоуп».

Аминистр иажәақәа рыла, аԥснытәи аделегациа агуманитартә зҵаарақәа рзы аҩбатәи агәыԥ аусура активла ахы аланархәуан.

Олег Барцыц аибашьратә мчы ахархәара мап ацәкразы аиқәшаҳаҭра анапаҵыҩра алыршара ҳхықәкы хаданы иҟоуп ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит.

«Қырҭтәыла арегион аҿы иҟоу аиҭакра ҿыцқәа, ҳаамҭазтәи иҟаҵәҟьоу аҵабыргқәа – аигәыларатә ихьыԥшым ҩ-ҳәынҭқаррак – Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи рыҟазаара разхьамԥшразы аҽазышәарақәа лҵшәадахоит. Ари атезис иақәшаҳаҭуп урыстәылатәи аахыҵ-уаԥстәылатәи аделегациақәа. Сара агәра ганы сыҟоуп, ҳара иахьа ари акыр зҵазкуа, хыԥхьаӡара рацәала ауаа рыԥсҭазаара ианыруа аусшәҟәы аԥҵара аганахьала даҽа шьаҟак шыҟаҳҵаз», – ҳәа иазгәеиҭеит Олег Барцыц.

 


Read 229 times - Ахаша, 19 Абҵара 2025 21:07
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.