АҾЦӘАЖӘАРА

pressadmin-2

pressadmin-2

Аҟәа. Хәажәкырамза 4, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Хәажхәкырамза 4 рзы 15 шықәса иҵит иналукааша аԥсуа политик, аҳәынҭқарра аргылаҩ, Аԥсны Аҳәынҭқарра Актәи Ахада, аҵарауаҩ-мрагылараҭҵааҩы, аҭоурыхтә наукақәа рдоктор, Аԥсны Афырхаҵа Владислав Арӡынба  (1945 – 2010 шш.) иԥсҭазаара далҵижьҭеи.  

15 шықәса раԥхьа, хәажәкырамза  4, 2010 шықәса рзы, акыраамҭа ихьуаз ачымазара иахҟьаны иԥсҭазаара далҵит иналукааша аҳәынҭқарратәии аполитикатәи аусзуҩ, ҳаамҭазтәи аԥсуа ҳәынҭқарра ашьаҭаркҩы, аҵарауаҩ ду-мрагылараҭҵааҩы, Ареспуцблика Аԥсны Актәи Ахада Владислав Григори-иԥа Арӡынба.  

Владислав Григори-иԥа Арӡынба диит лаҵарамза 14, 1945 шықәса рзы Аҟәа араион Алада Ешыра ақыҭан. Араҟа уи ихигеит ихәыҷреи ишкол аамҭеи.

1962 - 1966 шш. Владислав Арӡынба аҵара иҵон Аҟәатәи аҳәынҭқарратә арҵаҩратә Институт, аҭоурыхҭҵааратә факультет аҿы. Уи даналга ашьҭахь Асовет Еидгыла Анаукақәа Ракадемиа иатәу мрагылараҭҵаара Аинститут аспирантура дҭалеит. Қәҿиарала уи даналга ашьҭахь Владислав Арӡынба ари Аинститут аҿы 1969 шықәса инаркны 1988 шықәанӡа аус иуит. Уи Азиа Маҷ, ахәҭакахьала ахаттааи ахеттааи  ркультуреи рҭоурыхи рыҭҵаара инапы алакын. 

Владислав Арӡынба 1985 шықәсазы адоктортә диссертациа ихьчеит, 1987 шықәсазы Асовет Еидгыла Анаукақәа Ракадемиа мрагылараҭҵаара Аинститут Ажәытә Мрагылара акультуреи аиделогиеи рсектор анапхгаҩыс дҟаҵан.

Владислав Арӡынба 40 инареиҳаны анаукатә усумҭақәа дравторуп.

1988 шықәсазы Владислав Арӡынба Д. Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуаҭҵааратә Институт адиректорс дҟарҵоит. Иара убри ашықәсан далырхуеит Аԥсны Иреиҳаӡоу Асовет адепутатс, анаҩс 1989 шықәсазы  - Асовет Еидгыла Иреиҳаӡоу Асовет адепутатс, араҟа уи автономтә еиҿкаарақәа рзинтәии рҳәынҭқарратәии астатус азы акомисиеиҵа напхгара аиҭеит, иара убас Асовет Еидгыла Иреиҳаӡоу Ахеилак Апрезидиум алахәылас дҟалеит.

Аҟәа. Хәажәкырамза 2, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Бадра Гәынба ихьӡала Аԥсны Ахада иалхрақәа раан аиааира ахьигаз азы адныҳәаларақәа ааиуеит.

Урыстәыла Афедерациа Ахеилак ахантәаҩы Валентина Матвиенко Бадра Гәынба ихьӡала Аԥсны Ахадас иалхра инамаданы адныҳәаларатә шәҟәы аалышьҭит.

«Ишәыдысныҳәалоит Шаара Аҳәынҭқарра Ахадарахь шәалхра. Алхрақәа рҿы Шәара ижәгаз аиааира ажәлар Шәара шәахь ирымоу агәрагара, напхгаҩык иаҳасабала шәҟазшьақәа разхаҵара, ишәыдышәкыло аполитикатә ӡбамҭақәа рзы аҭакԥхықәра аныҟәгара шшәылшо шаҳаҭра азнауеит.

Агәра ганы сыҟоуп, Аҳәынҭқарра Ахада иаҳасабала Шәара шәусура иабзоураны амилаҭтә ҳәоуеиқәшәара шыҟало, аҩнуҵҟатәи аполитикатә ҭышәынтәалара шышьақәыргылахо, Аԥсны асоциал-економикатә ҿиара иадҳәалоу апроблемақәа қәнагала рыӡбара ишацхраауа», — ҳәа иаҳәоит адныҳәаларатә цҳамҭа атекст аҿы.

Аахыҵ Уаԥстәыла Ахада Алан Гаглоев Бадра Гунба Ареспублика Аԥсны Ахада иалхрақәа рҿы игаз аиааира идиныҳәалеит.

Адныҳәаларатә цҳамҭа аҿы, ахәҭакахьала иазгәаҭоуп:

«Ҳаҭыр зқәу Бадра Зураб-иԥа!

Аахыҵ Уаԥстәылатәи Ареспублика ажәлар рыхьӡала, хаҭала сара сыхьӡала  гәык-ԥсыкала ишәыдысныҳәалоит Ареспублика Аԥсны Ахада иалхрақәа рҿы ижәгаз аиааира!

Шәара иреиҳаӡоу аҳәықҭқарратә маҵурахьы шәалхра Аԥсны жәлар ишәырҭаз агәрагара арҵабыргуеит.

Аахыҵ Уаԥстәылеи Аԥсни  – ирзеиԥшу аҳәынҭқарратә ԥышәарақәеи аҵак дуқәеи рыла еидҳәалоу аиашьаратә ҳәынҭқаррақәоуп. Агәра ганы  сыҟоуп Шәара шәнапхгарала арегион аҿы аҭышәынтәалареи аизҳазыӷьареи аҭынчреи   рышьақәгылара иацхраауа ҳара ҳаиҩызаратәи ҳаидгыларатәи  ҳаизыҟазаашьақәа еиҳа-еиҳа ишыҿиало, ишыӷәӷәахо.  

Аҟәа. Хәажәкырамза 3, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Хәажәкырамза  инаркны  Аԥснынтәи Урыстәылаҟа амимоза аиагара ҩаԥхьа ихацырхеит.  

 «Россельхознадзор» хәажәкырамза ҩба инаркны Аԥсны Аҳәынҭқарра аҵиаақәа ркарантинтә маҵзура ахәдықәҵарала ареспублика аҟынтәи аҵиаақәеи аиҭаҳатәқәеи иԥҟоу (иҿахҵәоу) ашәҭқәеи адекоративтә ҵиаақәеи риагаразы азин шыҟанаҵаз азы адырра аланарҵәеит.

Аҟәа. Жәабранмза 24, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны агәабзиарахьчара аминистр Инал Габлиеи Урыстәыла аҵара аминистр Сергеи Кравцови аусеицура амеморандум рнапы аҵарҩит, иара убас  2025 шықәсазы аҩганктәи аусмҩаԥгатәқәа рыплан шьақәдырӷәӷәеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит аҵара Аминистрра апресс-маҵзура.

Аҩ-тәылак рыбжьара аусеицура  аҵарадырра аусхкы абарҭ ахырхарҭақәа амҽханакуеит: арҵаҩцәа разыҟаҵара, ашколқәа ҳаамҭа иақәшәо амаругақәа рыла реиқәыршәара, арҵаҩцәа аԥышәеимадара рыбжьаҵареи аҵарадырратә еилазаара арҿиареи.

Аҟәа. Жәабрамза 26, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны агәабзиарахьчара Аминистрра аҿы имҩаԥысит ареспублика аҿы имҩаԥысуа ахәыҷқәа рыпрофилактикатә гәаҭара иазкны агәабзиарахьчара аминистр инапынҵақәа назыгӡо Едуард Быҭәба апресс-конференциа мҩаԥигеит.    

Едуард Быҭәба ареспублика аҿы жәабранмза 12, 2025 шықәса рзы зымҩаԥгара иалагаз апрофилактикатә медицинатә гәаҭарақәа  ирыҵоу аҵакы ахадара далацәажәеит. Ԥшь-бригадак урыстәылатәи аҳақьымцәа уажәы аҭыԥқәа рҿы -  Очымчыра, Гәдоуҭа, Аҟәа араионқәа рҿы аус руеит.

«Амедицинатә гәаҭара ихароу аҭыԥқәа рҿгьы иалшоит, уи аҭаацәа рақәшаҳаҭрала имҩаԥысуеит. Иааизакны 25 нызқьҩык инареиҳаны ахәыҷқәа амедицинатә гәаҭара иахрыжьуеит, урҭ рылҵшәақәа ацифрахь ииаганы, иахьынхо аҭыԥқәа рҿы иҟоу аполиклиникақәа рахь инарышьҭуеит», - ҳәа иҳәеит Едуард Быҭәба.

Уи иажәақәа рыла, агәаҭарақәа рыда изҭаху зегьы Аԥсны амедиаҳәшьцәа инарыгӡо алаборатортә диагностика дахысыргьы алшоит.

Аҟәа. Жәабранмза 26, 2025 шықәса. Аԥсныпресс.  Афондқәа «Круг добра», «Ашана» жәабранмза 26 рзы Аԥсны инхо Урыстәыла атәылауаҩра змоу ахәыҷқәа лассы-лассы иуԥымло ачымазара ӷәӷәақәа рзы ахәшәқәа рыла реиқәыршәаразы аиқәшаҳаҭра рыбжьарҵеит, ҳәа адвырра ҟанаҵоит РИА  Новости.  

Аиқәшаҳаҭра рнапы аҵарҩит Афонд «Круг добра» анапхгараҭара ахантәаҩы Алеқсандр Ткаченкои Ареспублика Аԥсны ахәыҷы изинқәа рыхьчаразы Азинмчы змоу, акультура-гәыҳалалратә фонд «Ашана» адиректор  Мактина Џьынџьалԥҳаи.

«Сара даара сеигәырӷьоит Урыстәылатәи Афедерациа иатәылауаау ахәыҷқәа, уажәазы Аԥсны иҟоу, уахь аԥсшьара ицо, зыуацәа ирҭаауа, аҳақьымцәеи аҟазауааи рҟынтәи азанааҭтә цхыраара аиуразы алшара ахьроуа. Афонд «Ашана» абри аганахьала аҽазышәарақәа акыр рыҵаркуеит арҭ ахәыҷқәа ацхыраара рыҭааҿы», — ҳәа Аиқәшаҳаҭра анапаҵаҩраан иҳәеит Алеқсандр Ткаченко.

Аҟәа. Жәабранмза 26, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аҳәынҭқарра Ахада инанынҵақәа назыгӡо Валери Бганба «Ареспублика Аԥсны аҭоурых-культуратә ҭынхақәа рыхьчаразы» ауснагӡатәқәак рзы Ақәҵара инапы аҵаиҩит.

Аԥсны иахьаҵанакуа аҵыхәтәантәи аамҭазы лассы-лассы иҟало иалагаз изакәанымкәа археологиатә ԥшаарақәеи ижәытәӡатәиу аԥсыжырҭақәа рырҳәреи ирыдҳәалоу ахҭысқәа инарымаданы:

  1. Аԥсны иахьаҵанакуа аҭоурых-культуратә ҭынха ахьчаразы Аусбарҭа ақәыршаҳаҭрада адгьыл аҵан еиԥш адгьыл ахыхь аума, аӡаҵаҟа аума иҟоу археологиатә маҭәарқәа рыԥшаара иазку аусура амҩаԥгара азин ҟалаӡом.
  2. Аԥсны аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра хыхь иарбоу изакәаным аусура амҩаԥгара афактқәа раарԥшраан уи административтә ҟазшьала аанкылареи иарбоу аусура амҩаԥгаразы ахархәара змаз иҷыдоу амаругақәеи атехникатә хархәагақәеи (аметаллԥшаагақәа, арадарқәа, амхалдызтә приборқәа) рымхара алыршара азы адҵа аҭоуп.

3.Аҳәынҭқарратә ҳазалхратә Еилакы хазхаҭалатәии аиуроисттәии ахаҿқәа аҭоурых-культуратә ҭынха ахьчаразы Аусбарҭа ақәыршаҳаҭрада адгьыл аҵан еиԥш адгьыл ахыхь аума, аӡаҵаҟа аума иҟоу археологиатә маҭәарқәа рыԥшаара иазку аусура амҩаԥгара алзыршо иҷыдоу амаругақәеи атехникатә хархәагақәеи (аметаллԥшаагақәа, арадарқәа, амхалдызтә приборқәа) Аԥсны аҳазалхратә ҵакырахь ралагалара азин рымҭара азы анапынҵа аҭоуп.  

Аҟәа. Жәабранмза 26, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Жәабранмза 27 рзы Шәачеи Гагреи ирыбжьоу афымцадәыӷба «Ласточка амаршрут 80 километр рыла иацнаҵоит. Шьҭа «Ласточка» аҵыхәтәантәи аанҿасырҭа ҟалоит Аҟәа ақалақь астанциа аҿы. Шьҭахьҟа адәыӷба амаршрут хыркәшахоит Шәача ақалақь аҳаирбаӷәаза аҿы.

Аҟәа. Жәабранмза 26, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аҟәа ақалақь Ахадареи Москва ақалақь Анапхгареи ирыбжьоу аҩганктәи аиқәшаҳаҭра аҳәаақәа ирҭагӡаны Аԥсныҟа иааит гәыԥҩык аспециалистцәа. Урҭ аҭыԥантәи аусзуҩцәа аҩнеихагылақәа рхаҿратә ганқәа реиҭашьақәыргылара иазку иҷыдоу атехника ахархәашьа ддырбараны иҟоуп, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аҟәа  ақалақь  Ахадара апресс-маҵзура.

Ашьҭыхга механизмқәа ааба, апрофессионалтә ҳарқәа хԥа, иара убас амеханизациа маҷ ахархәагақәа Аҟәа ақалақь Ахадара ҳамҭас иаҭахоит.

Аҟәа. Жәабранмза 25, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Амимоза аекспорт иадҳәаланы ицәырҵаз апроблема иазкыз Аҳәынҭқарра Ахада инапынҵақәа назыгӡо Валери Бганбеи атәыла ақыҭанхзамҩа аминистр инапынҵақәа назыгӡо Беслан Џьопуеи русуратә еилатәара мҩаԥысит.

Абар шьҭа хымшуп Аԥсни Урыстәылеи ирыбжьоу аҳәынҭқарратә ҳәаа аҿы амимозеи ауҭраҭыхқәеи рыиагара иадҳәаланы апроблема цәырҵиижьҭеи.

Валери Бганба ақыҭанхамҩа аминистр уажәазы аҭагылаазашьа зеиԥшроу, насгьы уи арҽеиразы Аԥсны уи иазку аусбарҭақәа рыла уснагӡатәқәас имҩаԥго рзы диазҵааит.

Беслан Џьопуа ақыҭанхамҩа Аминистрра аҿы ари азҵаара аӡбара ҩнапыкала аус адырулоит ҳәа адырра ҟаиҵеит.

«Ари апроблема аиҳарак амимоза експортла адәықәҵара ауп изыдҳәалоу.  Ари хәажәкырамза 8, аҳәса Рымш аламҭалазы аҳәаа иахыганы ирго ихадоу атауар ауп.  Хымш раԥхьа урыстәылатәи акарантинтә маҵзура аҟынтәи амимоза апартиақәа руак аҿы калифорниатәи ашәҭтә трипс шыԥшааз азы адырра ҟалеит.  Ҳара ҳкарантинтә инспекциа ахатә лабораториа амоуп, араҟа иааиԥмырҟьаӡакәа атәыла иалганы идәықәҵахо ақыҭанхамҩа аалыҵ агәаҭара иахысуеит. Уеизгьы, ас еиԥш аинформациа аиура ашьҭахь, аҳәаа аҿы иҟоу атауар ахкқәа зегьы, уимоу Аԥсны иахьаҵанакуа иҟоу ахкқәагьы ргәаҭара мҩаԥган. Ҳара иҳамоу адыррақәа рыла, атрипс аарԥшӡамызт», – ҳәа иҳәеит Беслан Џьопуа.

Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.