Аусбарҭа адыррақәа рыла, амимоза Евразиатәи аекономикатә Еидгылара адәныҟаекономикатә усура Иаку атауартә номенклатура 6-тәи агәыԥ иаҵанакуеит. Иарбоу агәыԥ иаҵанакуеит зыԥсы ҭоу аҵлақәеи егьырҭ аҵиаақәеи: ашьаҭхқәа, аиҭаҳатәқәа, иҿахҵәоу ашәҭқәа, идекоративтәу аиаҵәара.
Аԥснынтәи амимоза аиагара аанкылан жәабран 22 инаркны. Урыстәылатәи акарантинтә маҵзура излаанацҳауа ала, ииаргоз ашәҭқәа рҿы иԥшаан калифорниатәи ашәҭқәа ртрипс.