АЖӘАБЖЬҚӘА

24.Жәабран.2025

Урыстәылеи Аԥсни аҵарадырра аусхкы аҿы аусеицура аҳәаақәа дырҭбаауеит.

Аҟәа. Жәабранмза 24, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны агәабзиарахьчара аминистр Инал Габлиеи Урыстәыла аҵара аминистр Сергеи Кравцови аусеицура амеморандум рнапы аҵарҩит, иара убас  2025 шықәсазы аҩганктәи аусмҩаԥгатәқәа рыплан шьақәдырӷәӷәеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит аҵара Аминистрра апресс-маҵзура.

Аҩ-тәылак рыбжьара аусеицура  аҵарадырра аусхкы абарҭ ахырхарҭақәа амҽханакуеит: арҵаҩцәа разыҟаҵара, ашколқәа ҳаамҭа иақәшәо амаругақәа рыла реиқәыршәара, арҵаҩцәа аԥышәеимадара рыбжьаҵареи аҵарадырратә еилазаара арҿиареи.

«Ҳара Аԥснытәи ҳколлегацәа аимадара бзиа ҳабжьоуп, иааиԥмырҟьаӡакәа аҵарадырра аҩаӡара ашьҭыхра аганахьала аус еицаауеит.  Ааигәа аԥснытәи ашколқәа рдиректорцәа  Афедералтә центр «Машук» иаҭааит, араҟа урҭ – ашколтә автобусқәеи аинтерактивтә ӷәқәеи раагара инаркны ҳаамҭазтәи атехнологиақәа арҵаратә процесс ралагалареи аҟынӡа, уҳәа иҿыцу аԥшьгарақәа ирылацәажәеит.  Иахьа знапаҵыҩра мҩаԥааго амеморандум – ари логикала даара акыр зҵазкуа шьаҿоуп, уи уаанӡа иҳабжьаҳҵахьаз ҳаиқәшаҳаҭрақәеи ҳпартниорра арҿиареи шьықәнарӷәӷәоит», — ҳәа иазгәеиҭеит Сергеи Кравцов. 

Инал Габлиа урыстәылатәи иколлегацәа адгылара азы иҭабуп ҳәа реиҳәеит, уи ари амеморандум аҩ-тәылак рыбжьара аҵарадырратә еимадарақәа рыҿиара иҿыцу аимпульс анаҭоит ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит.  

«Ҳара ҳаԥшьгарақәа реицынагӡара ҳалагахьеит. Иацы ихыркәшахеит Аԥсны имҩаԥысуаз VII Жәларбжьаратәи аӡынтәи ашкол «Ашықәс арҵаҩы», ари хра злоу ҳусеицура аҿырԥштәқәа руак ауп. Урыстәыла аҵарадырра Аминистрреи хаҭала Сергеи Кравцови аусеицура аҳәаақәа рырҭбаара иахьазхиоу азы иҭабуп ҳәа сҳәар сҭахуп», - ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит Инал Габлиа.  

Аусеицура ахырхарҭа хадақәаны иҟоуп:

– Ашколнӡатәи, ашколтәи, абжьаратәи, абжьаратә профиссионалтәии иназыцҵоу аҵарадырреи рганахьала аусеицура. 

– Урыстәылеи Аԥсни рҵарадырратә усбарҭақәа рыбжьара апартниортә еимадарақәа рырҿиара.

– Арҵаҩцәа рзанааҭтә дырра аҩаӡара ашьҭыхреи иԥхьагылоу аметодикақәа рыла аимадареи.

– аԥсуа школқәа рзы аурыс бызшәазы аолимпиадақәа рымҩаԥгара аиҿкаара, Аԥхынтәи аҵарадырратә школ амҩаԥгара.

– Аԥсны абжьаратә профессионалтә ҵарадырра асистема аҿы адемострациатә ԥышәара алагалара. 

– Аҵарадырратә система аиӷьтәреи Аԥсны аурыс бызшәа, Урыстәыла  аԥсуа бызшәа аҵаразы алшарақәа рырҭбаареи.

 

 

 

 

 

 


Read 32 times - Ахаша, 26 Жәабран 2025 21:16
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.