АЖӘАБЖЬҚӘА

вчера 22:58

Едуард Быҭәба: урыстәылатәи аҳақьымцәа ахәыҷқәа зегьы рхатә хшаареиԥш ирызныҟәоит.

Аҟәа. Жәабрамза 26, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны агәабзиарахьчара Аминистрра аҿы имҩаԥысит ареспублика аҿы имҩаԥысуа ахәыҷқәа рыпрофилактикатә гәаҭара иазкны агәабзиарахьчара аминистр инапынҵақәа назыгӡо Едуард Быҭәба апресс-конференциа мҩаԥигеит.    

Едуард Быҭәба ареспублика аҿы жәабранмза 12, 2025 шықәса рзы зымҩаԥгара иалагаз апрофилактикатә медицинатә гәаҭарақәа  ирыҵоу аҵакы ахадара далацәажәеит. Ԥшь-бригадак урыстәылатәи аҳақьымцәа уажәы аҭыԥқәа рҿы -  Очымчыра, Гәдоуҭа, Аҟәа араионқәа рҿы аус руеит.

«Амедицинатә гәаҭара ихароу аҭыԥқәа рҿгьы иалшоит, уи аҭаацәа рақәшаҳаҭрала имҩаԥысуеит. Иааизакны 25 нызқьҩык инареиҳаны ахәыҷқәа амедицинатә гәаҭара иахрыжьуеит, урҭ рылҵшәақәа ацифрахь ииаганы, иахьынхо аҭыԥқәа рҿы иҟоу аполиклиникақәа рахь инарышьҭуеит», - ҳәа иҳәеит Едуард Быҭәба.

Уи иажәақәа рыла, агәаҭарақәа рыда изҭаху зегьы Аԥсны амедиаҳәшьцәа инарыгӡо алаборатортә диагностика дахысыргьы алшоит.

«Урыстәылатәи Афедерациа аҟынтәи аҟазауаа адиспансеризациа амҩаԥгаразы аиқәшаҳаҭра анагӡара аҳәаақәа ирҭагӡаны 1800-ҩык инареиҳаны аԥснытәи ашколхәыҷқәа ргәаҭара мҩаԥыргахьеит. Аллерголог-аиммунолог Андреи Пиотр-иԥа Продеус ахәыҷқәа аконсультациа риҭон, иара убас иколлегацәа ицырхырааны иуадаҩу ахҭысқәа реилыргара мҩаԥигон», - ҳәа иҳәеит Едуард Быҭәба.

Агәабзиарахьчара аминистр адиспансеризациа хатәгәаԥхарала, ахәыҷқәа рҭаацәа ақәыршаҳаҭны имҩаԥысуеит ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит.   Анализқәа зегьы Ареспубликатә хәышәтәырҭа алабороториа ахь инашьҭхоит, алаҵақәа ҳәа акгьы ҟарҵаӡом, мацра адиагностика ауп имҩаԥгахо.

Иара иазгәеиҭеит аиҳарак ахәыҷқәа ргәы шыбзиоу, аха ҳаамҭазтәи аҭагылазаашьақәа раан, насгьы иҟоу аекологиатә проблемақәа инарымаданы, агәабзиара аҭагылазаашьа амониторинг лассы-лассы амҩаԥгара хымԥадатәиуп. Аҳақьымцәа русура алҵшәақәа рыла, уажәтәи аетап аҿы ҷыдала ахшыҩзышьра аҭатәуп ашьамаҷра, агемоглобин алаҟәра, аиодзымхара, аортопедиатә потологиа.

«Иҟоуп згәабзиара аҷыдарақәа аныԥшуа, ахәыҷқәа, урҭ  рҭаацәа рхәыҷқәа шьҭа адиспансеризациа доусы рыхәшәтәырҭақәеи рполиклиникақәеи рахь аҩбатәи аетап ахь иназыҵҵоу аҭҵаарақәа рымҩаԥгаразы инаргахьеит. Урҭ аҭаацәа – ферымқәоуп.  Иуадаҩу аоперациақәа зҭаххо ахәыҷқәа Урыстәылатәи амедицинатә центрқәа рахь идәықәҵахар алшоит», - ҳәа иҳәеит иара.

Апресс-конференциа лхы алалырхәит Очамчыратәи ашкол-интернат а-10-тәи акласс аҵаҩы Даниелла Сақания, уи амедицинатә гәаҭара зегьы раԥхьаӡа иахысыз дреиуоуп. Лара илҳәеит даныхәыҷыз аахыс гәазыҳәараны ишлымаз аҳақьым изанааҭ алхра. Даниелла урыстәылатәи аспециалистцәа Аԥсныҟа раара гәахәара дула ишлыдылкылаз лҳәеит.

«Сара сзы ари ахәыҷқәа ргәабзиарахьчараҿы акрызҵазкуа акоуп. Схәыҷызар аахыс иарбанзаалак агәаҭарақәа срыцәшәомызт. Абас еиԥш иҟоу аҟазауаа ҳара ҳахь иаауеит ҳәа анҳарҳәа, даара иџьасшьеит, иаарласынгьы абри аус схы аласырхәырц сҭаххеит», — ҳәа инаҵшьны иазгәалҭеит Очамчыратәи ашкол-интернат 10-тәи акласс аҵаҩы Даниелла Сақаниаԥҳа.

«Сара схәыҷаахыс сҳақьымхарц сҭахуп, урыстәылатәи аҟазауаа азҵаарақәа рысҭон. Сара сзы ари зегьы даара аинтерес аҵоуп, насгьы абас еиԥш иҟоу ауаа, аҳақьымцәа, аҭҵаарадыррақәа ркандидатцәа анызбо, еснагь сгәы шьҭыҵуеит, саԥхьаҟагьы убасҵәҟьа сҟалар сҭахуп»,  - ҳәа урыстәылатәи аҳақьымцәа иҭабуп ҳәа раҳәо иазгәалҭеит Даниелла.  

Едуард Быҭәба Очамчыра, Аҟәа араиорнқәа рҿы, иара убас аҳҭнықалақь аҿы ахәыҷқәа адиспансеризациа ахь еиҳа активла инеиуеит ҳәа иазгәеиҭеит, иара аҭакԥхықәра аарԥшны зхәыҷқәа ргәабзиара иацклаԥшуа аҭаацәа иҭабуп ҳәа реиҳәеит.

«Иабоит аҭаацәаратә чатқәа рҿы азхьаԥшра бзиа шыҟоу, урыстәылатәи аҳақьымцәа рхәыҷқәа инҭырҳәцааны ишгәарҭо, ахәыҷқәа зегьы рхатә хшаареиԥш ишрызныҟәо атәы рыҩуеит», - ҳәа иҳәеит иара.

Аҩбатәи аетап аҿы ахәыҷқәа инарҭбаау агәаҭарақәа ирхысуеит, иаҭаххар, Урыстәыла аԥхьагылара змоу ацентрқәа рҿгьы ҳәа еиҭеиҳәеит Аԥсны агәабзиарахьчара аминистр инапынҵақәа назыгӡо Едуард Быҭәба.

 

 

 

 

 


Read 254 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.