АЖӘАБЖЬҚӘА

вчера 22:48

Афондқәа «Круг добра», «Ашана» Аԥсны инхо ахәыҷқәа рыхәшәтәразы аиқәшаҳаҭра рыбжьарҵеит.

Аҟәа. Жәабранмза 26, 2025 шықәса. Аԥсныпресс.  Афондқәа «Круг добра», «Ашана» жәабранмза 26 рзы Аԥсны инхо Урыстәыла атәылауаҩра змоу ахәыҷқәа лассы-лассы иуԥымло ачымазара ӷәӷәақәа рзы ахәшәқәа рыла реиқәыршәаразы аиқәшаҳаҭра рыбжьарҵеит, ҳәа адвырра ҟанаҵоит РИА  Новости.  

Аиқәшаҳаҭра рнапы аҵарҩит Афонд «Круг добра» анапхгараҭара ахантәаҩы Алеқсандр Ткаченкои Ареспублика Аԥсны ахәыҷы изинқәа рыхьчаразы Азинмчы змоу, акультура-гәыҳалалратә фонд «Ашана» адиректор  Мактина Џьынџьалԥҳаи.

«Сара даара сеигәырӷьоит Урыстәылатәи Афедерациа иатәылауаау ахәыҷқәа, уажәазы Аԥсны иҟоу, уахь аԥсшьара ицо, зыуацәа ирҭаауа, аҳақьымцәеи аҟазауааи рҟынтәи азанааҭтә цхыраара аиуразы алшара ахьроуа. Афонд «Ашана» абри аганахьала аҽазышәарақәа акыр рыҵаркуеит арҭ ахәыҷқәа ацхыраара рыҭааҿы», — ҳәа Аиқәшаҳаҭра анапаҵаҩраан иҳәеит Алеқсандр Ткаченко.

Аиқәшаҳаҭра абзоурала Урыстәыла атәылауаҩра змоу ахәыҷқәа хымԥада Аԥсны иахәҭоу амедицинатә цхыраареи аҟазауаа рҟынтәи ахылаԥшреи роулоит. Аиқәшаҳаҭра иазԥхьагәанаҭоит зеиԥш маҷу ачымазарақәа рыхәшәтәраҿы аҟазауаа рыцхыраара аусхк аҟны инарҭбааны аимадара, адыррақәа реимдара, абжьгарақәа рыҟаҵара.

«Ари ахәыҷқәа зегь мҽхкы ҭбаала адгылара шроуа азы агәрагара узҭо аиҩызара ду иалагамҭоуп», — ҳәа иҳәеит Алеқсандр Ткаченко.

Акультура-гәыҳалалратә фонд «Ашана  аԥҵаҩы Беслан Шьакаиа Урыстәылеи Аԥсни реизыҟазаашьақәа аусеицура аганахьала акыр зҵазкуа аетап аҿы иҟоуп, иахьа анапы зҵарҩыз Аиқәшаҳаҭра ачымазара ӷәӷәа змоу ахәыҷқәа рыцхраара ахырхарҭала аган ҿыцқәа рацәаны иаанартуеит ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит.

«Аԥснытәи афонд «Ашана», Урыстәыла Ахада ифонд «Круг добра» ирыбжьарҵаз аиқәшаҳаҭра иахьазы ҳара ҳзы хәы змам акоуп. Ари Аиқәшаҳаҭра ҳаимадарақәа рырҿиара мацара иазырхам, ахәыҷқәа уаҵәтәи рԥеиԥш азы аҩ-ганк иҳаду аҭакԥхықәра аанарԥшуеит», — ҳәа иҳәеит Беслан Шьакаиа.

Шьакаиа иҭабуп ҳәа реиҳәеит анапы зҵаҩыз Аиқәшаҳаҭра аиқәыршәара иалахәыз зегьы.

Афонд  «Круг добра» – ари аԥсҭазаара ашәарҭара иҭазыргыло ачымазаара бааԥсқәа, ачымазара лаҽқәа, лассы-лассы иуԥымло ачымазара ӷәӷәақәагьы уахь иналаҵаны  змоу ахәыҷқәа адгылареи ацхыраареи рыфҭара иазку урыстәылатәи аҳәынҭқарратә абиуџьетнҭыҵтәи афондқәа иреиуоуп.

 

 

 


Read 261 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.