АЖӘАБЖЬҚӘА

26.Жәабран.2025

Валери Бганба «Ареспублика Аԥсны аҭоурых-культуратә ҭынхақәа рыхьчаразы» ауснагӡатәқәак рзы Ақәҵара инапы аҵаиҩит.

Аҟәа. Жәабранмза 26, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аҳәынҭқарра Ахада инанынҵақәа назыгӡо Валери Бганба «Ареспублика Аԥсны аҭоурых-культуратә ҭынхақәа рыхьчаразы» ауснагӡатәқәак рзы Ақәҵара инапы аҵаиҩит.

Аԥсны иахьаҵанакуа аҵыхәтәантәи аамҭазы лассы-лассы иҟало иалагаз изакәанымкәа археологиатә ԥшаарақәеи ижәытәӡатәиу аԥсыжырҭақәа рырҳәреи ирыдҳәалоу ахҭысқәа инарымаданы:

  1. Аԥсны иахьаҵанакуа аҭоурых-культуратә ҭынха ахьчаразы Аусбарҭа ақәыршаҳаҭрада адгьыл аҵан еиԥш адгьыл ахыхь аума, аӡаҵаҟа аума иҟоу археологиатә маҭәарқәа рыԥшаара иазку аусура амҩаԥгара азин ҟалаӡом.
  2. Аԥсны аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра хыхь иарбоу изакәаным аусура амҩаԥгара афактқәа раарԥшраан уи административтә ҟазшьала аанкылареи иарбоу аусура амҩаԥгаразы ахархәара змаз иҷыдоу амаругақәеи атехникатә хархәагақәеи (аметаллԥшаагақәа, арадарқәа, амхалдызтә приборқәа) рымхара алыршара азы адҵа аҭоуп.

3.Аҳәынҭқарратә ҳазалхратә Еилакы хазхаҭалатәии аиуроисттәии ахаҿқәа аҭоурых-культуратә ҭынха ахьчаразы Аусбарҭа ақәыршаҳаҭрада адгьыл аҵан еиԥш адгьыл ахыхь аума, аӡаҵаҟа аума иҟоу археологиатә маҭәарқәа рыԥшаара иазку аусура амҩаԥгара алзыршо иҷыдоу амаругақәеи атехникатә хархәагақәеи (аметаллԥшаагақәа, арадарқәа, амхалдызтә приборқәа) Аԥсны аҳазалхратә ҵакырахь ралагалара азин рымҭара азы анапынҵа аҭоуп.  

Аҭоурых-культуратә ҭынха ахьчаразы Аусбарҭа иҟоу аԥҟарақәа инарықәыршәаны Аԥсны иахьаҵанакуа адгьыл аҵан еиԥш адгьыл                              ахыхь аума, аӡаҵаҟа аума иҟоу археологиатә маҭәарқәа рыԥшаара иазку аусура закәанда амҩаԥгаразы ашьаустә ҭакԥхықәра алагаларазы ажәалагалақәа  рыдгалара еиҿнакаароуп.

Ақәҵара апунктқәа 1, 2 азинмчы иаҵанакӡом Аԥсны анаукақәа Ракадемиа иатәу Д.И.Гәлиа ихьӡ зху Аԥснытәи агуманитартә ҭҵаарақәа Ринститут имҩаԥнаго археологиатә ҭҵаарақәа.  Иарбоу ақәҵара апункт 3 азинмчы иаҵанакӡом Аԥсны атәылахьчара Аминистрра, Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрреи Аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзуреи рҭаххрақәа рзы Ареспублика ахь иалагалахо иҷыдоу атехникатә еиқәыршәагақәа.

Афото Томас Ҭҳаиҵыкә.

 


Read 199 times - Ахаша, 26 Жәабран 2025 19:36
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.