Аҟәа. Хәажәкырамза 2, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Бадра Гәынба ихьӡала Аԥсны Ахада иалхрақәа раан аиааира ахьигаз азы адныҳәаларақәа ааиуеит.
Урыстәыла Афедерациа Ахеилак ахантәаҩы Валентина Матвиенко Бадра Гәынба ихьӡала Аԥсны Ахадас иалхра инамаданы адныҳәаларатә шәҟәы аалышьҭит.
«Ишәыдысныҳәалоит Шаара Аҳәынҭқарра Ахадарахь шәалхра. Алхрақәа рҿы Шәара ижәгаз аиааира ажәлар Шәара шәахь ирымоу агәрагара, напхгаҩык иаҳасабала шәҟазшьақәа разхаҵара, ишәыдышәкыло аполитикатә ӡбамҭақәа рзы аҭакԥхықәра аныҟәгара шшәылшо шаҳаҭра азнауеит.
Агәра ганы сыҟоуп, Аҳәынҭқарра Ахада иаҳасабала Шәара шәусура иабзоураны амилаҭтә ҳәоуеиқәшәара шыҟало, аҩнуҵҟатәи аполитикатә ҭышәынтәалара шышьақәыргылахо, Аԥсны асоциал-економикатә ҿиара иадҳәалоу апроблемақәа қәнагала рыӡбара ишацхраауа», — ҳәа иаҳәоит адныҳәаларатә цҳамҭа атекст аҿы.
Аахыҵ Уаԥстәыла Ахада Алан Гаглоев Бадра Гунба Ареспублика Аԥсны Ахада иалхрақәа рҿы игаз аиааира идиныҳәалеит.
Адныҳәаларатә цҳамҭа аҿы, ахәҭакахьала иазгәаҭоуп:
«Ҳаҭыр зқәу Бадра Зураб-иԥа!
Аахыҵ Уаԥстәылатәи Ареспублика ажәлар рыхьӡала, хаҭала сара сыхьӡала гәык-ԥсыкала ишәыдысныҳәалоит Ареспублика Аԥсны Ахада иалхрақәа рҿы ижәгаз аиааира!
Шәара иреиҳаӡоу аҳәықҭқарратә маҵурахьы шәалхра Аԥсны жәлар ишәырҭаз агәрагара арҵабыргуеит.
Аахыҵ Уаԥстәылеи Аԥсни – ирзеиԥшу аҳәынҭқарратә ԥышәарақәеи аҵак дуқәеи рыла еидҳәалоу аиашьаратә ҳәынҭқаррақәоуп. Агәра ганы сыҟоуп Шәара шәнапхгарала арегион аҿы аҭышәынтәалареи аизҳазыӷьареи аҭынчреи рышьақәгылара иацхраауа ҳара ҳаиҩызаратәи ҳаидгыларатәи ҳаизыҟазаашьақәа еиҳа-еиҳа ишыҿиало, ишыӷәӷәахо.
Шәара шәдырреи шәԥышәеи, аҭакԥхықәратә ӡбамҭақәа рыдкылареи Аԥсны жәлар рзы акыр зҵазкуа, аихьӡара ҿыцқәа рахь иназго ахыдҵақәа рынагӡареи рзы хра злоу шьаҭаны иҟалоит.
Сазхиоуп хра злоу аусеицуреи ҳреспубликақәа ирыбжьоу аиашьаратә еизыҟазаашьақәа рырҭбаареи иазку ахырхарҭарацәала аусеицура».
Алан Гаглоев Бадра Гәынба изеиӷьаишьеит агәабзиара, агәамч, Аԥсны жәлар реизҳазыӷьара иазку иусура аҿы аманшәалареи аихьӡара дуқәеи.
Аҳәынҭқарра Ахадарахь акандидатс иқәгылаз Роберт Аршба Бадра Гәынба Аҳәынҭқарра Ахадас иалхра идиныҳәалеит. Роберт Аршба уи милаҭрацәала еилоу Аԥсны жәлар рзы имаҵура аҿы аманшәалареи ақәҿиарақәеи изеиӷьаишьеит. Иара атәыла аҿиаразы аполитикатә мчқәа реицхыраара хымԥадатәиуп ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит.
Бадра Гунба ихәҭаахьала, Роберт Аршба адныҳәалареи азеиӷьашьарақәеи рзы иҭабуп ҳәа еиҳәеит.
«Ҳара ҳахшыҩи ҳамчи еилаҵаны иҳалшо зегьы ҟаҳҵароуп ҳҳәынҭқарра аҿиареи ҳажәхлар реизҳазыӷьареи рзы – ҳәа иазгәеиҭеит ҿыц иалырхыз Аҳәынҭқарра Ахада.