АҾЦӘАЖӘАРА

pressadmin-2

pressadmin-2

Аҟәа. Жәабранмза 19, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аҳәынҭқарра Ахада инапынҵақәа назыгӡо Валери Бганба «Аҭыԥантәи ахаланаԥхгаратә усбарҭақәа рахь алхрақәа рымҩаԥгара арыцхә ашьақәырӷәӷәаразы» Аҳәынҭқарра Азакәан Иусԥҟа азинмчы ацәыӡит ҳәа аԥхьаӡаразы Аусԥҟа инапы аҵаиҩит.

«Жәабранмза 19, 2025 шықәса рзы иҭыхьыз «Ареспублика Аԥсны аҭыԥантәи ахаланаԥхгаратә усбарҭақәа рдепутатцәа рзинмчы аҽҳәара ацҵаразы» Азакәан № 6129-с-VII  инақәыршәаны, жәабранмза 06, 2025 шықәса рзы иҭыжьыз «Аҭыԥантәи ахаланаԥхгаратә усбарҭақәа рахь алхрақәа рымҩаԥгара арыцхә ашьақәырӷәӷәаразы» Аҳәынҭқарра Азакәан Иусԥҟа №39  азинмчы ацәыӡит ҳәа иԥхьаӡазааит», – ҳәа иаҳәоит Аусԥҟа атекст.

Аҟәа. Жәабранмза 19, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аҳәынҭқарра аԥыза-министр инапынҵақәа назыгӡо Валери Бганба ахаша, жәабранмза   19 рзы, Аҳәынҭқарра Ахада иалхрақәа нҵәаанӡа 18 шықәса зхыҵхьоуи урҭ иреиҳабууи атәылауаа рҭаҩреи атәылауаҩшәҟәы рыҭареи аамҭала аанкыларазы Ақәҵара инапы аҵаиҩит.

Аҟәа. Жәабранмза 19, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Атәыла аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра Анаркотикатә маҭәашьарқәа реикәыршара ахылаԥшра азы Аусбарҭа аусзуҩцәа аопертив-ԥшааратә усмҩԥгатәқәа рымҩаԥгараан зыкапан 368 грамм инарзынаԥшуа «мефедрон» ҳәа изышьҭоу анаркотикатә маҭәашьар ԥшааны ирымырхит.

Аҳазалхратә Еилакы аусзуҩцәа рыцырхырааны имҩаԥыргаз аоперативтә усмҩаԥгатәқәа раан  дара изакәанымкәа анаркотикатә маҭәашьарқәа реикәыршаразы гәҩарас дыкны дааныркылеит, 1984 шықәса рзы ииз, Шәача ақалақь аҿы инхо Салимианов Денис Денис-иԥа.

Аҟәа. Жәабранмза 19, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Жәабранмза 19 рзы Аҳәынҭқарратә ҳазалхратә Еилакы ахантәаҩы, аҩныҵҟатәи аусқәа ԥыхьатәи аминистр, Аԥсны Афырхаҵа  Оҭар Хьециа ииубилеи азгәеиҭоит.

Хьециа Оҭар Михаил-иԥа диит жәабранмза 19, 1965 шықәса рзы Аԥснытәи  АССР, Гагра ақалақь аҿы.

1982 ш. – Гагратәи абжьаратәи ашкол №5 далгеит.

1984 – 1986 шш.  Асовет архәҭақәа рҿы арратә маҵзура дахысуан.

1987 ш. Харьковтәи автотранспорттә техникум, 1996 ш. – Ареспублика Беларусь аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра Академиа. 

Аҟәа. Жәабранмза 19, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Гәдоуҭа араион ахада Валери Аҩӡба Урыстәылатәи Афедерациа,  Иарославтәи амуниципалтә раион  ахада Николаи Золотников диыԥылеит.

Аганқәа акыр шықәса раахыс аимабзиаратә, аиҩызаратә еизыҟазаашьақәа зыбжьоу араионқәа аҩганктәи аусеицура рыбжьаҵара иадҳәалоу азҵаарақәа ирылацәажәеит. Урыстәыла адгылареи ацхыраареи ирыбзоураны Гәдоуҭа араион аҿы реицынагӡара иаҿуп аԥшьгарақәа жәпакы, урыстәылатәи ауаажәларратә еиҿкаарақәа ралархәралагьы уахь иналаҵаны.

Урҭ рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп В.И.Ленин ихьӡ зху апарк аҿы игылоу Аџьынџьтәылатәи еибашьра Дуӡӡа аан иҭахаз аибашьцәа рбаҟа ареконструкциа амҩаԥгаразы аҽазыҟаҵаратә усурақәа, уи ала апроект-харџьынҵатә документациа еиқәдыршәахьеит, иазԥхьагәаҭоуп иара убас Лаҵарамза  9, Аиааира Амш азгәаҭараан ателецҳа амҩаԥгара, иара убас иазԥхьагәаҭоуп аԥшьгара «Ҳара ҳҭаацәаратә шәҟәқәа», уи рхы аладырхәуеит Гәдоуҭа араион ашколхәыҷқәа.

Аҟәа. Жәабранмза 19, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны аҵара аминистр инапынҵақәа назыгӡо Инал Габлиа Урыстәылатәи Афедерациа аҵарадырра аминистр актәи ихаҭыԥуаҩ Алеқсандр Бугаев зхадараҿы дыҟоу Урыстәылантәи аделегациа идикылеит.

Аиԥылара Аԥсны аҵарадырра асистема аҿиара астратегиа, ареспублика аҿы ахәыҷтәы еиҿкаарақәа раԥҵара, аклассқә абренд ҳасабла ралкаара, иара убас иҷыдоу абжьаратәи аҵара аганахьала апроектқәа рынагӡара иазкын. 

Инал Габлиа Урыстәылатәи Афедерациа аҵарадырра Аминистрра аԥснытәи арҵаҩцәа урыстәылатәи рколлегацәа рыҽрымадара, аус рыцура, аԥышәеимадара рыбжьаҵара, иара убас аԥснытәи арҵаҩцәа адыррақәа Рцентр «Машук» ахь ааԥхьара рыҭаразы, уҳәа рзы алшара ахьаԥнаҵо азы иҭабуп ҳәа иҳәеит.  Иара иазгәеиҭеит ас еиԥш иҟоу аусмҩаԥгатәқәа реиҿкаара азанааҭтә еимадарақәа рырӷәӷәареи арҵаҩцәа рзанааҭтә дырра аҩаӡара ашьҭыхреи  рзы акыр зҵазкуа ароль нанагӡоит ҳәа иазгәеиҭеит.

Аҟәа. Жәабранмза 19, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Жәабран 18 рзы Аԥсны Аҳәынҭқарра адәныҟатәи аусқәа Рминистрраҿы реиԥылара мҩаԥысит Адәныҟатәи аусқәа рминистр и.н. Сергеи Шамбеи Италиа иҟоу Аԥсны Ахаҭарнакра аҿы адәныҟатәи аусқәа Рминистрра анапынҵа ҷыдақәа назыгӡо ацҳаражәҳәаҩ Вито Гриттани. Аиԥылара ихы алаирхәит Урыстәыла иҟоу Аԥсны Ацҳаражәҳәарҭа абжьгаҩ Кан Ҭаниа.

Сергеи Шамба Вито Гриттани Аԥсны Аҳәынҭқарра ахада иалхрақәа рахь дахьааз азы ҭабуп ҳәа иеиҳәеит, иара убасгьы иазгәеиҭеит уи ареспублика адгылара ду шаиҭо зегьы ишеицырдыруа.

«Ари ҳара ҳзы даара акраҵанакуеит. Шәара ижәдыруеит ҳтәыла шаҟа иҭахкааны иҟоу, убри аҟнытә Европа ҳазмадоу, иҳадгыло ауаа аныҟоу, уи еиҳа амчреи агәыӷреи ҳанаҭоит”. Шамба аринахысгьы хра злоу аусеицуразы агәыӷра шимоу атәы азгәеиҭеит.

Аҟәа. Жәабранмз 19, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аҳәынҭқарра Ахада инапынҵақәа назыгӡо Валери Бганба жәабранмза 19 рзы Жәлар Реизара-Апарламент аҿы жәабранмза 18 рзы ирыдыркылаз «Аҭыԥантәи ахаланаԥхгара аусбарҭақәа рдепутутцәа рзинмчқәа рыцҵаразы» ақәҵара инақәыршәаны Аусԥҟа инапы аҵаиҩит.

Аҟәа. Жәабранмза 19, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Урыстәылатәи Афедерациа агәабзиарахьчара аминистр Михаил Мурашко инапынҵала Аԥсныҟа дааит Урыстәыла агәабзиарахьчара  Аминистрра амашәырцәгьақәа рмедицина Афедералтә центр акризисттә ҭагылазаашьақәа рҿы анапхгараҭара Ацентр ахаҭарнак.

Урыстәыла агәабзиарахьчара Аминистрра амашәырцәгьақәа рмедицина Афедералтә центр (ФЦМК) аспециалист Аԥсны агәабзиарахьчара аминистр инапынҵақәа назыгӡо Едуард Быҭәбеи Ареспубликатә хәышәтәырҭа Хада аҳақьым хада инапынҵақәа назыгӡо Ерик Ҳаҭхәеи дырԥылеит.  Ареспубликатә хәышәтәырҭа Хада аҿы ауп ателемедицинатә консультациақәа Рцентр аиҿкаара ахьазԥхьагәаҭоу.  Асистема аԥышәатә аҿакра ааигәа иҟалоит.

Аҟәа. Жәабранмза 18, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Урыстәыла Ахада В.В. Путини Еиду Америкатәи Аштатқәа Рхада Д.Трампи аҩганктәи амшхәаԥштәи жәларбжьаратәи аполитикеи рыла аимадара аинтенсификациа азура азы реиқәшаҳаҭра инамаданы, Урыстәылатәи Афедерациа адәныҟатәи аусқәа рминистр  Сергеи Лаврови Урыстәылатәи Афедерациа Ахада ицхырааҩ Иури Ушакови, жәабранмза 18 рзы Ер-Риад аҿы Еиду Америкатәи Аштатқәа Аҳәынҭқарратә маӡаныҟәгаҩ  Марко Рубио, амилаҭтә шәарҭадара азы  Аҳәынҭқарра Ахада ицхырааҩ Маикл Уолтц, Ааигәа Мрагылара ала Аҳәынҭқарра Ахада иҷыдалкаатә хаҭарнак  Стивен Уиткофф зеилазаараҿы иҟаз америкатәи аделегациа ирԥылеит, аҩганктәи аиҿцәажәара мҩаԥыргеит.

Урыстәылатәи Афедерациа адәныҟатәи аусқәа Рминистрра аофициалтә саит аҿы иҟоу адыррақәа рыла,  аиԥылара аҿы азҵаарақәа жәпакы ирылацәажәеит, аҩганктәи аизыҟазаашьақәа рҭышәынтәалара аперспективақәа уахь иналаҵаны.

Аганқәа хара имгакәа ацҳаражәҳәаҩцәа рышьақәырӷәӷәара, иара убас аҩ-ҳәынҭқаррак рдипломатиатә хаҭарнакрақәа  русура аганахьала иҟоу  аԥкрақәа раԥыхра азы адәныҟаполитикатә хылаԥшырҭақәа рхадацәа рхаҭыԥуаҩцәа  рыҩаӡараҿы аконсультациақәа рымҩаԥгаразы еиқәшаҳаҭхеит.

Еиқәшаҳаҭхеит аенергетика, акосмос, уҳәа аҩганк ринтерессқәа ирықәшәо егьырҭ аусхқәа уахь иналаҵаны, аекономика аганахьала аусеицура аи-ашьақәыргылара азы амҩақәа рыԥшаара. Урыстәылеи Еиду Америкатәи аштатқәеи рнапхгаҩцәа рсаммит аҽазыҟаҵарақәеи, Украина иазкны иҟалар зылшо аиҿцәажәарақәеи ирылацәажәеит. Аҩганк ахаҭарнакцәа ишьақәдырӷәӷәеит аконфликат аҭышәынтәаларазы ргәазыҳәара. 

Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.