АЖӘАБЖЬҚӘА

сегодня 17:15

Акциа «Ақьиара аллеиа» мҩаԥыргеит Аҟәа ақалақь аҿы.

Аҟәа. Абҵарамза 17, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аҟәа ақалақь аҿы Жәларбжьаратәи ақьиара Амш иазкны «Ақьиара аллеиа» ҳәа хыс измоу ақалақьзегьтәи акциа мҩаԥысит.

Ари аԥшьгара аҳәаақәа ирҭагӡаны ақалақь ашколқәа рҵаҩцәа Надежда Курченко лыхьӡ зху апарк аҿы 12 шьапы аҵлақәа – аҷамҵлеи аолеандри еиҭарҳаит, иара убри ала урҭ ақалақь аиқәыршәазаара аус аҿы хра злоу рхатә лагала аларгалеит.

Акциа аиҿкааҩцәа  – Аԥсны ахәыҷы изинқәа рыхьчаразы Азинмчы змоу Иаппарати Азинмчы змоу иҟны иҟоу Ауаажәларратә хеилаки роуп.  

Ахәыҷы изинқәа рыхьчаразы Азинмчы змоу Мактина Џьынџьалԥҳа ари акциа ашколхәыҷқәа рзы аекологиатәи атәылауаҩратәи ааӡара, рықалақь гәакьа ахь абзиабареи ахӡыӡаареи рзы ахатә ҭакԥхықәара анагӡара, уҳәа рзы аԥышәатә урокны ишыҟало азы агәыӷра аалырԥшит.

 


Read 23 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.