АҾЦӘАЖӘАРА

pressadmin-2

pressadmin-2

Аҟәа. Жәабранмза 16, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны амозаика аҭоурых зқьи бжаки шықәса инареиҳаны иахыҵуеит. Иахьа, даҽа аамҭанык еиԥшымкәа ари, ибеиоу, аха рыцҳарас иҟалаз, зегьы ирхашҭхьоу аҭынха ахьчара хымԥадатәиуп.

Апроект «Абхазия: мозаика» ибеиоу акультуратә ҭынха аиқәырхареи аиҭарҿиареи хықәкыс ишьҭызхыз Сабина Агрба, Лана Чхинџьериа, Русҭам Аншба, Наста Агрба, Вахо Убириа еиднакылеит.

Аҟәа. Жәабранмза 16, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аҳәынҭқарра Ахада иалхрқәа рҿы жәларбжьаратәи анаԥшыҩцәа раҳасабала алахәхаразы Аԥсныҟа иааз анаԥшыҩцәа Алхратә комиссиа Хада Жәларбжьаратәи апресс-центр аҿы алхрақәа рымҩаԥысшьа азы ргәанагарақәа рҳәеит.

Тунисстәи Ареспублика жәлар рхаҭарнакцәа Рассомблеиа адепутат  Али Захдуд  Аҳәынҭқарра Ахада иалхрақәа рзакәанра аазырԥшуа жәларбжьаратәи анаԥшыҩцәа инарыгӡо ароль азгәеиҭеит.

«Жәларбжьаратәи анаԥшыҩцәа алхрақәа рзакәанра аарԥшреи ашьақәырӷәӷәареи адагьы, урҭ рыҟазаара Аԥсны жәлар адемократиатә принципқәа ҭакԥхықәрала ишазнеиуа, урҭ жәларбжьаратәи арена аҿы ишынаргӡо шьақәнарӷәӷәоит», – ҳәа иҳәеит Али Захдуд.

Аҟәа. Жәабранмза 16, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Алхрақәа рхыркәшареи аштабқәа рыла алхрақәа заанаҵтәи рылҵшәақәа реихшьаалареи рышьҭахь Аҳәынҭқарра Ахадарахь акандидатцәа рыдгылаҩцәа рахь ааԥхьарақәа ҟарҵеит. 

Аҳәынҭқарра Ахадарахь акандидат Адгәыр Арӡынба заанаҵтәи адыррақәа рыла алхрақәа аҩбатәи атур ҟалоит ҳәа адырра ҟаиҵеит.

«Уажәы ҳара зегьы заанаҵтәи аихшьаалақәа ҳарзыԥшуп. Шәара зегьы ибзиаӡаны ижәдыруеит қыҭацыԥхьаӡа иҟоу аҭагылазаашьа зеиԥшроу – дарбану зыбжьы азҭаз, уи ибжьы шаиҭаз, иахьаиҭаз, ззыҳәан иаиҭаз, уҳәа. Ҳазыԥшуп, Алхратә комиссиа Хада абжьыҭира алҵшәақәа рзы адырра аныҟанаҵо, аҩбатәи атур  анрыланаҳәо», -  ҳәа иҳәеит Адгәыр Арӡынба.

Аҟәа. Жәабранмза 16, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Алхратә комиссиа Хада   аҿы жәабранмза 15 рзы имҩаԥысыз Аԥсны Ахада иалхрақәа заанаҵтәи алҵшәақәа рыларҳәеит.

Аԥсны Ахада иалхрақәа аҩбатәи атур ҟалоит ҳәа адырра ҟаиҵеит АКХ ахантәаҩы Дмитри Маршьан. Уи иалахәхоит Бадра Гәынбеи Адгәыр Арӡынбеи. Адгур Ардӡынба иоуит 36,92% абыжьқәа, уи изы рыбжьы арҭеит 36 476-ҩык;

Роберт Аршба –  7,54% алхыҩцәа рыбжьы иоуит, уи изы рыбжьы арҭеит  7 434 –ҩык.) ;

Олег Барцыц иоуит 4,04% абжьқәа, уи изы рыҩжьы арҭеит  3 988-ҩык;

Бадра Гәынба изы рыбжьы арҭеит   46,38 %  абжьыҭаразы асиа иалагалаз алхыҩцәа рҟынтәи алхыҩцәа, урҭ хыԥхьаӡарала 45 805-ҩык рҟынӡа инаӡоит;

Адгәыр Хәырхәмал  иоуит – 0,97%. Уи изы рыбжьы арҭеит  896-ҩык.  

Алхрақәа аҩбатәи атур рхы аладырхәуеит хәажәкырамза  15 рзы имҩԥгаз алхрақәа рҿы зегьы реиҳа абжьқәа зырҭаз акандидатцәа –Бадра Гәынбеи Адгәыр Арӡынбеи.

Аҟәа. Жәабранмза 15, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Ареспубликатә Унитартә Наплакы «Амшынеиқәафымцамч» Ареспублика Аԥсны иахьаҵанакуа ақырҭуа енергетикқәа аусурақәа мҩаԥыргозшәа  асоциалтә ҳақәа рҿы аҵыхәтәантәи аамҭазы ицәырҵыз аинформациа аганахьала аилыркаара ҟанаҵеит.

«Қырҭтәылатәи аган аҿы иҟоу атрасса ахәҭак аҿы, аиланхарҭатә пункт Џьвари азаигәара афымцамчтә обиект — астанцеиҵа 500 кВ, уи ақырҭуа ган Қырҭтәыла иахьаҵанакуа ибжьысуа афымцаммҩангага ацәаҳәа «Кавкасиони» иаҿаркит.

Аҟәа. Жәабранмза 15, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Атәыла аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра аусбарҭақәа русзуҩцәа Аҳәынҭқарра Ахада иалхрақәа раан ауаажәларратә ҭышәынтәалара ахылаԥшра арҭоит.

«Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр идҵа инақәыршәаны, жәабранмза 14 инаркны Аминистрра ахатәы еилазаара зегьы ирӷәӷәоу аусура арежим ахь ииагоуп.  

Асааҭ 08:00 рзы, иахәҭоу ауснагӡатәқәа рышьҭахь алхырҭатә ҭыԥқәа алхыҩцәа рзы рышәқәа аадыртит. Аԥсны аҵакыраҿы иҟоу 152 алхратә ҭыԥқәа зегьы рҿы  амилициа аусзуҩцәа алхрақәа хыркәшахаанӡа ауаажәларратә ҭышәынтәалара ахылаԥшра арҭалоит. Алхратә ҭыԥқәа адыркуеит ахәылбаҽха асааҭ 20:00 рзы», – ҳәа адырра ҟаиҵеит аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ инапынҵақәа назыгӡо Беслан Ҷкадуа.

Аҟәа. Жәабранмза 15, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Арепатриациа азы  Аԥсны Аҳәынҭқарратә Еилакы ахантәаҩы Вадим Ҳаразиа урыстәылатәи амчрақәа рыла ҳџьынџьуаҩ  Иумиҭ Ашәба (Шахин) идепортациа иадҳәалоу ахҭыс дахцәажәеит.

«Иаци иахьеи Аҳәынҭқарра Ахада иалхрақәа зхы алазырхәырц сҭахыз ҳџьынџьуаа Аԥсныҟа иааит. Урҭ аҳаирбаӷәаза аҿы (Шәача – АП азгәаҭара) аӡәгьы дырԥырхагамхаӡеит. Иахьа аҳаирбаӷәаза аҿы даанкылан ҳара ҳџьынџьуаҩ – Иумиҭ Ашәба (Шахин)», – ҳәа иҳәеит Вадим Ҳаразиа.

Амҳаџьырра рхыпҵышьра, Аԥсны аџьынџьуаҩ Иумиҭ Ашәба – Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьра аветеран иоуп, изныкымкәа иҭоурыхтә ԥсадгьыл ахь даахьеит.

«Иара Аԥсны атәылауаҩра имоуп 1993 шықәса раахыс. Иара идыруеит аԥсуа бызшәеи аурыс бызшәеи. Сара уи сиацәажәон, иара аҳаирплан дазыԥшуп шьҭахьҟа Ҭырқәтәылаҟа ахынҳәразы. Сара исыздырӡом уи иаанкылареи идепортациеи мзыс иамоу атәы.  Сара Аԥсны адәныҟатәи аусқәа Рминистрра садҵаалеит иҟалаз аҭагылазаашьа аилкааразы, иара убас Аҳәынҭқарра Ахада инапынҵақәа назыгӡо Валери Бганба сиҿцәажәеит», – ҳәа иҳәеит Вадим Ҳаразиа.

Иара иҟалаз даара игәы ишалсыз атәы иҳәеит, даҽазныкгьы иазгәеиҭеит уаанӡа ари аҩыза шыҟамлацыз.

Арепатриациа азы Аҳәынҭқарратә Еилакы ахада иара убас иара Ҭырқәтәыла иҟоу Аԥсны азинмчы змоу ахаҭарнакыс даныҟаз Аԥсны иҟоу Урыстәыла Ацҳаражәҳәарҭа активла аусеицура шрыбжьаз азгәеиҭеит.

«Ҳара аилибакаара бзиа ҳабжьан», - ҳәа иазгәеиҭеит иара.

Аҟәа. Жәабранмза 15, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Италиантәи иааз жәларбжьаратәи анаԥшыҩ Вито Гриттани Аԥсны имҩаԥысуа алхрақәа адемократиатә ҟазшьа аманы иаартны имҩаԥысуеит ҳәа иазгәеиҭеит. 

«Ҳара иацжәацы, жәабранмза  13 рзы Аҳәынҭқарра Ахада иалхрақәа жәларбжьаратәи анаԥшыҩцәараҳасабала алахәхаразы Аԥсныҟа ҳааит.  Ихьа шьыжьы инаркны ҳара ҳарҭаахьеит алхратә ҭыԥқәа ааба. Иазгәасҭарц сҭахуп ҳара иааџьшьаны иазгәаҳҭеит, гәахәарылагьы иҳадаҳкылеит абжьыҭиара алхратә  процесс ахаҭа аиҿкаара аҩаӡара ахьынӡаҳараку, иара аартреи адемократиатә ҟазшьеи ахьынӡаныԥшуа. Абри асааҭ азы изеиԥшразаалак ӷәӷәала аилагарақәа ҳәа акгьы аарԥшӡам», – ҳәа иҳәеит иара.

Вито Гриттани уи иколлегацәеи амш иалагӡаны еиҳаны алхырҭатә  ҭыԥқәа рҭаара ргәы иҭоуп.

«Сара сколлегацәа аӡәырҩы иазгәарҭеит ари алхратә процесс еиҳа адемократиатә ҟазшьа амоуп Италиа аҿы аасҭа ҳәа», – ҳәа иҳәеит иара.

Аҟәа. Жәабранмза 15, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны апрокурор Хада инапынҵақәа назыгӡо Дамир Кәыҵниа, Аҳәынҭқарра Ахада иалхрақәа рымҩаԥысшьа дахцәажәо, алхратә ҭыԥқәа рҿы аилагарақәа рзы азашшрақәеи арзаҳалқәеи ҳәа акгьы апрокуратура аусбарҭақәа рхь имнеиӡацт, ҳәа  адырра ҟаиҵеит. Иара алхрақәа раан апрокурорттә хылаԥшра ихадоу ахыдҵақәа дырзааҭгылеит:

  • иааиуа ашшыбӷьыцқәеи арзаҳалқәеи иаразнак рыхәаԥшреи разхьаԥшреи;
  • ацәгьоура аҟазаара аҟазшьақәа раарԥшраан, зыԥшра ҟамҵакәа уи азы аматериалқәа агәаҭаразы иақәнагәоу аусеилыргаратә ҟәшеиҵақәа рахь рынашьҭра.

Аҟәа. Жәабранмза 15, 2025 шықәса. Аԥсныпресс /Милана Жьиба/. Гагра араион Лӡаа ақыҭан, Аԥсны иахьаҵанакуа зехьынџьара еиԥшҵәҟьа, иахьа акыр зҵазкуа мшуп – Аҳәынҭқарра Ахада иалхрақәа. Алхратә ҭыԥхада №10 алхырҭатә  ҭыԥ №1 ахьыҟоу аҭыԥантәи Администрациа ахь шьыжьы инаркны ауаа ааира иаҿуп.  Лӡаа ақыҭан ашәҟәы иҭагалоу, аха ареспублика егьырҭ араионқәа рҿы инхо аӡәырҩы ртәлауаҩратә уалԥшьа анагӡаразы – алхрақәа рылахәхара азы мацара арахь иааит. Урҭ рхыԥхьаӡараҿы ҳаҟан саҳәшьцәеи сареи.

Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.