Аҳәынҭқарра Ахада Амилициа амш азы аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра анапхгараҭареи ахатәы еилазаареи дрыдныҳәалеит.
Адныҳәалараҿы, ахәҭакахьала иазгәаҭоуп:
«Ҳаҭыр зқәу Аԥсны Аҳәынҭқарра Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра анапхгареи ахатәы еилазаареи! Ишәыдысныҳәалоит шәзанааҭтә ныҳәа — Амилициа амш!
Ари амш азакәан, ауаажәларратә зинтә леишәа, ҳтәылауаа ршәарҭадара ахьчаразы игылоу зегьы аџьшьара рыҭара, иҭабуп ҳәа раҳәаразы алшара анҳамоу мшуп. Аԥсны аҩныҵҟатәи аусқәа русбарҭақәа ииашаны аҳәынҭқарратә институтқәа рсистемаҟны иҷыдоу аҭыԥ ааныркылоит аҭышәынтәалара, атәылауаа рзинқәеи ринтересқәеи рыхьчара алыршо, амҩақәа рыҟны ашәарҭадара хылаԥшра аҭо, ацәгьоура, изакәанымкәа анаркотикқәа рыларҵәара аҿагыларала.
Аԥсны амилициа ҳаҭырқәҵарала иеиқәырханы иааргоит аиҳабацәа рабиԥара иаԥырҵаз хьӡи-ԥшеи змоу атрадициақәа. Аҩныҵҟатәи аусқәа русбарҭақәа русзуҩцәа рыҩныҵҟа иҟоуп ҳаԥсадгьыл иуадаҩыз аамҭақәа раан агәымшәареи афырхаҵареи аазырԥшыз Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра аветеранцәа аӡәырҩы. Ирацәаҩуп урҭ рахьтә ҳ-Аԥсадгьыл Аԥсны ахақәиҭреи ахьыԥшымреи зхы ақәызҵаз. Урҭ рфырхаҵара хашҭра ақәымкәа ҳажәлар ргәалашәараҟны иҟазаауеит.
Ҷыдала иҭабуп ҳәа расҳәоит ААР аусзуҩцәа аиҳабыратәи абиԥара ааԥсарада зԥышәеи здырреи аҿар ирымаздо, шықәсарацәала рмаҵзуратә уалԥшьа ҭакԥхықәрала аныҟәгара рылазааӡо.
Иахьа аҩныҵҟатәи аусқәа русбарҭақәа рҿаԥхьа иқәгылоуп аҵак ду змоу ауснагӡатәқәа: аусура ахаҭабзиара ашьҭыхра, алеишәа арӷәӷәара, азанааҭтә зыҟаҵара аиӷьтәра, ҳаамҭазтәи аметодқәеи азинлеишәа алыршаразы ахархәагақәеи ралагалара. Иалыршоу маҷӡам, аха аԥхьаҟа иҟаҵатәугьы рацәоуп.
Аҳәынҭқарра ҷыдала хшыҩзышьҭра анаҭоит аҩныҵҟатәи аусбарҭақәа рматериал-техникатә еиқәыршәареи аусзуҩцәеи урҭ рҭаацәеи асоциалтә дгылара рыҭареи реиԥш иҟоу азҵаарақәа!», - ҳәа иазгәеиҭеит Аҳәынҭқарра Ахада иқәгылараҿы.
Бадра Гәынба ААР аусзуҩцәа ирзеиӷьаишьеит агәабзиара, анасыԥ, Аԥсны Аҳәынҭқарреи уи ажәлари реизҳазыӷьара ахьӡала рәнапы иану имариам, аҵак ду змоу амаҵзураҟны аихьӡарақәа.






